Аиааирамш аламҭалаз Сириатәи ахәыҷқәа 50-ҩык Риҵаҟа аныҟәара рзеиҿкаан

© Sputnik Сырма АшәԥҳаСириантәи ахәыҷқәа Риҵа рыԥсшьара
Сириантәи ахәыҷқәа Риҵа рыԥсшьара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сириантәи 50-ҩык инареиҳаны ҳџьынџьуаа, аӡиа Риҵаҟа аныҟәарақәа рзеиҿкаан. Урҭ рахьтә иҟан ԥшьышықәса зхыҵуаз инадыркны 20 шықәса зхыҵуаз рҟынӡа. Ахәыҷқәа даара гәахәала ирыдыркылеит ирзеиҿкааз аныҳәатә мшы.

АҞӘА, цәыббра 28 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Аԥсны Аиааира 22 шықәса ахыҵреи, Кәырбан-Баирам ныҳәа аҳаҭырази, Сириантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара ҳәа  ихынҳәыз ҳџьынџьуаа хәыҷқәа рзы ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ҳтәыла аҭоурыхтә ҭыԥ ԥшӡарақәа рахь аныҟәарақәа еиҿнакааит.

"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сонер Гогәуа иажәақәа рыла, зегь раԥхьаӡа  хықәкыс ирымаз, Сириа, аибашьра иалҵны зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь иааз ҳџьынџьуаа хәыҷқәа, аморалтә цхыраара рыҭара ауп. Иара убас, Аԥсадгьыл абзиабареи аԥсуареи рылааӡара.

"Шәара ибзианы ижәдыруеит Сириатәи Ареспубликаҿы имҩаԥысуа аполитикатә ҭагылазаашьа зеиԥшроу. Уа ицо аибашьра иахҟьаны, ҩмиллионк  инарзынаԥшуа ахҵәацәа,  Сириантә Ҭырқәтәылаҟа иагеит. 20 нызқьҩык инарзынаԥшуа  Европатәи аҳәынҭқаррақәа  рахь рымҩа дырхеит.  Иҟоуп амҩан ирыԥгылаз ауадаҩрақәа ирзымиааикәа зыԥсҭазаара иалҵқәаз. Урҭ рхыԥхьаӡара зықьҩыла иҟоуп", – иҳәеит Сонер Гогәуа.

Сонер Гогәуа иажәақәа рыла, ҳџьынџьуаа хәыҷқәа аныҟәарақәа ззеиҿкааз, аибашьра иалҵыз, ахысбжьы заҳахьоу, ҳацхыраара, ҳадгылара зҭахыу ауаа роуп.

"Ҳара, аԥсуаа ибзианы еилаҳкаауеит ажәа "ахҵәара" иаанаго. Аамҭаказы, ҳара ҳаиҳабацәа уи аҩыза рхыргахьан. Ахҵәара иацу ауадаҩрақәа, аԥсҭбарақәа акырӡа ирацәоуп. Ахеиқәырхаразы, аԥсҭазаара иазықәԥатәуп. Сгәы иаанагоит, ҳара ҷыдала, адиаспора аус ҳазыҟазароуп ҳәа. Ҳара ибзианы еилаҳкаароуп, уаҵәтәи амш изызҳауа ҳара ҳхәыҷқәа шракәу. Убри аҟынтә, досу иҳалшо ала ҳрывагылароуп. Ахәыҷы аиҳабацәа рҟынтәи иоуа ахылаԥшра, ахаҵгылара, ахааназы ихашҭӡом", – ҳәа азгәеиҭеит Сонер Гогәуа.

Сириантәи 50-ҩык инареиҳаны ҳџьынџьуаа, аӡиа Риҵаҟа аныҟәарақәа рзеиҿкаан. Урҭ рахьтә иҟан ԥшьышықәса зхыҵуаз инадыркны 20 шықәса зхыҵуаз рҟынӡа. Ахәыҷқәа даара гәахәала ирыдыркылеит ирзеиҿкааз аныҳәатә мшы.

"Сара Аиман Даӷәыз сыхьӡуп. Ҩышықәса раԥхьа, Сириантәи  сҭаацәеи сареи Аԥсныҟа нхара  ҳааит. Саҳәшьеиҳаб Ҳиба лыхьӡуп, дҭаацәароуп.  Сан Кәыџԥҳауп. Сара Аҟәатәи ахԥатәи абжьаратә школ аҟны аҵара сҵоит, 14 шықәса схыҵуеит. Даараӡа сгәы иахәеит, хаҭалагьы Сонер Гогәуа иҭабуп ҳәа иасҳәоит иаҳзеиҿикааз аныҳәазы. Исхамшҭуа мшны иаанхоит сыԥсҭазаараҿы", – ихәеит Аиман Даӷәыз.

Аныҟәарақәа ззеиҿкааз ҳџьынџьуаа ҳәыҷқәа ирыцын урҭ  рҭаацәагьы. Басмиа Маршьанԥҳа лакәзар,  ԥшьҩык ахшара дрануп. Рыԥшьҩыкгьы аҵара рҵоит Аҟәатәи 4-тәи абжьаратә школ аҟны.

Международный фонд Апсны. - Sputnik Аҧсны
Аԥсныи адиаспореи реимадара аизҳара иазку астол гьежь Аҟәа имҩаԥысуеит

"Сара, анык лаҳасаб ала, ҭабуп ҳәа расҳәарц  сҭахыуп "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" аусзуцәа. Ари даара аҵакы ӷәӷәа амоуп ҳара ҳзы. Агәаԥхаражәа  зегьы ирыцкыуп ҳара ҳзы. Ҳхәыҷқәа ирбаз рхашҭраны иҟаӡам", – лҳәеит Басмиа Маршьанԥҳа.

"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" аусзуҩ Сабина  Быҭәԥҳа, ахәыҷкәа ргәалаҟазаара ҳацеиҩшо иазгәалҭеит:

"Ахәыҷқәа даара  аԥсуара рылааӡоуп, аиҳаби аиҵби реихаҵгылашьа рдыруеит. Агәыԥ иалахәыз рахьтә ирацәаҩуп аурыс бызшәа зҳәоз. Раԥсуа бызшәа акырӡа ихьысҳауп. Аха, агәаҳәара аадырԥшит ирҵарц шырҭахыу. Сара излазгәасҭаз ала, ирацәаҩуп аҟазара, арҿиара злоу ахәыҷқәа. Уи дырҵабыргуеит дара рыкәашарақәа, рышәаҳәарақәа, рыжәеинраалаԥхьашьа. Хымԥада, ас еиԥш иҟоу апроектқәа ҳфонд аԥхьаҟагьы аус аднаулалоит", — лҳәеит Сабина Быҭәԥҳа.

"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны", Аиааира 22 шықәса ахыҵра аҳаҭыразы изхаҵгыло ауснагӡатәқәа рацәоуп.  Убарҭ ируакыуп Астол гьежь: "Аԥсни адиаспореи реимадара аизырҳара", иара убас, ахшара рацәа змоу, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз, зегь реиҳа иқәыԥшу аветеран  иҭаацәа абзазаратә маҭәахәқәа рыла ацхыраара иҭара.

© Sputnik Сырма АшәԥҳаАиааирамш аламҭалаз Сириатәи ахәыҷқәа 50-ҩык Риҵаҟа аныҟәара рзеиҿкаан
Аиааирамш аламҭалаз Сириатәи ахәыҷқәа 50-ҩык Риҵаҟа аныҟәара рзеиҿкаан - Sputnik Аҧсны
Аиааирамш аламҭалаз Сириатәи ахәыҷқәа 50-ҩык Риҵаҟа аныҟәара рзеиҿкаан
Ажәабжьқәа зегьы
0