Аԥсны изызҳауа ашыц ах-хәҭак амцаԥшьхәаҷа иакны иҟоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАшыц
Ашыц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьазы атәылаҿы имҩаԥгоуп ашыц ахәышәтәра аетапқәа ҩба.

АҞӘА, жьҭаара 14 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аԥсны изызҳауа ашыц ах-хәҭак амцаԥшьхәаҷа иакны иҟоуп. Абри атәы иҳәеит Аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савелии Ҷыҭанаа, Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны.

"Аԥсны аҵакырадгьыл иахьаҵанакуа иҟоу 5 гектарк ашыцҭрақәа рҟны ах-хәҭак амцаԥшьхәаҷа иакны иҟоуп", — иҳәеит иара.

Ашыц ахәышәҭәра аҩбатәи аетап хыркәшоуп

Иара иазгәеиҭеит, ашыц ахәышәтәра ҩ-етапк шымҩаԥыргахьоу, ԥхынгәымзеи цәыббрамзеи рзы. Ахәышәтәра актәи акурс ашьҭахь Пицунда-Мысратәии Шәҟәырчатәии аҳәырԥсаррақәа рҟны ашыц ахҿарах ахы цәырнагеит ҳәа. Савели Ҷыҭанаа иажәақәа рыла аҩбатәи акурс ашьҭахь еиҳагьы аҿа ахы унарбо иалагеит.

"Сгәыӷуеит ааԥын аҭагылазаашьа еиҳа еиӷьхап ҳәа", — азгәеиҭеит иара.

Ашыц иақәтәо амцаԥшьхәаҷа Аԥсны иаанагеит 2012 шықәса рзы Шәачатәи аолимпиада аан. Усҟан Урыстәыла Италиа иаанахәеит апаркқәа рзы Китаитәи ашыц шьаҭақәа урҭ ирылан ари амаҵагьы.

Колхидатәи мамзаргьы кавказтәи ашыц — реликттә ҵлажәлоуп. Иара ахьҭақәа ачҳауеит −10 °C рҟынӡа, 600 шықәса ннаҵуеит. Аизҳара ашьшьа-шьшьыҳәоуп ишымҩаԥысуа – шықәсык ала сантиметрақәак иазҳауеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0