Аида Чачхалиаԥҳа: аоппозициаа рыдҵақәа ҵаҵӷәыдоуп

© Sputnik Томас ТхайцукАида Чачхалиа
Аида Чачхалиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла Ахада идгылаҩцәа рмитинг мҩаԥысит адраматә театр аҿаԥхьа.

АҞӘА, жьҭаара 21  — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Апартиа "Амцахара" аизара ду аҟны ирылаҳәаз, атәыла Ахада ԥхьатәара дцароуп ҳәа адҵа ҵаҵӷәыдоуп ҳәа ҳкорреспондент иалҳәеит Тҟәарчал араион Ахада Аида Чачхалиаԥҳа.

Занҭариа: шықәсык ала атәыла анапхгара рылшамҭақәа маҷӡам

"Сара сгәы иаанагоит аоппозициа рыдҵа иҟоу аҭагылазаашьа иақәшәом ҳәа. Шықәсык аҩныҵҟа Рауль Ҳаџьымба атәылеи ауаажәлари ирԥырхагахаша ҳәа акгьы ҟаимҵеит. Досу иара игәаанагара имоуп. Дара усеиԥш ргәы иаанагозар, уи дара ирусуп. Сара хаҭала ирҳәо сақәшаҳаҭым", — лҳәеит лара.

Лара иазгәалҭеиит аоппозициатә партиа аизара дуи атәыла Ахада идгылаҩцәа реизареи азакәан аҳәаақәа ирҭымҵып ҳәа дшақәгәыӷуа.

Аида Чачхалиаԥҳа илҳәеит атәыла Ахада ажәлар дшалырхыз, иҿҳәара нҵәаанӡагьы иҭыԥ аҟны даанхар шакәу.

Ахашаҽны астадион "Динамо" аҟны имҩаԥысуаз аоппозициатә партиа "Амцахара" аизара ду аҟны далырхит апартиа ахантәаҩы Алхас Кәыҵниа.

Ажәабжьқәа зегьы
0