Аибашьра аветеран Ҭарба: ақәыԥшцәа аԥхьа игылан

© Sputnik Наала АвидзбаВиталий Тарба
Виталий Тарба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Иҭыхым аибашьцәа" иацнаҵоит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Витали Ҭарба иҭоурых.

Анжелика Бениаԥҳа, Sputnik

Витали Ҭарба, шьҭрала Очамчыра араион Мықәа ақыҭантәиуп. Аррамаҵзура ашьҭахь диасуеит  Аҟәаҟа. Аҵара иҵон Пензатәи анџьныр-ргыларатә институт аҟны, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны иҵара неимыгӡеит. Аус иуан  аргылара аусхк аҟны. Нас иалагеит аибашьра.

Аӡәгьы игәы иаанагомызт аимак ҵыхәаԥҵәарадахоим ҳәа.

"Ҳара ҳгәы иаанагон 1989 шықәса рзеиԥш иҟалоит ҳәа, аха зегь еиҳа ирыцҳара духеит", — иҳәеит Ҭарба.

Аибашьраан Витали Ҭарба 45 шықәса ихыҵуан. Иԥшәмаԥҳәыси, иԥацәа ҩыџьеи  шықәсыбжак зхыҵуаз иԥҳа хәыҷи Гәдоуҭа иҟан.

Иҭыхым аибашьцәа - Sputnik Аҧсны
Sputnik Аԥсны апроект ҿыц "Иҭыхым аибашьцәа" Аиааира амш иадҳәалахоит

"Аибашьра раԥхьатәи амш аҽны  сҭаацәа Гәдоуҭаҟа исышьҭит. Сгәылеи сареи Ацҳа ҟаԥшь ашҟа ҳнеиит. Уа ҳаннеи, актәи атанк ҳара ҳтәқәа рнапаҟны иааргахьан. Саргьы станкныҟәцаҩуп, шәекипаж сахышәыԥхьаӡал сҳәеит, аха дара уқәра дууп рҳәеит", — ҳәа игәалаиршәоит  Ҭарба раԥхьатәи аибашьратә мшқәа.

Ҳапроект афырхаҵа иаҳзеиҭеиҳәон аибашьра ахԥатәи амш азы Қырҭтәылантәи ар наҟ-ааҟ реиԥыгаразы ҳаилацәажәарц ишааз.

"Ҳара усҟантәи аамҭазы "Универсам" ҳаҟан, Араион ҿыц ахь ахаҵәирҭаҟны. Ақырҭцәагьы аԥхьаҵәҟьа  инаскьаны иаагылазшәа ҟарҵеит аха нас ақалақь ртәыртәит. Џьоукы Гәымсҭа ахықәа аҟны рҽеизыркит, џьоукых аҽаџьара. Ҳара абџьар азы ҳмаџьанан. Сҩызеи сареи жәабаҟа мшы Аҟәа ҳаҟан, нас Гәдоуҭаҟа ҳаиасит.  Аԥхьаҵәҟьа уаҟагьы бџьар ҳамамызт, насоуп ианҳау.  Ахҵәацәа Гәдоуҭаҟа иаагон, уаҟа анхарҭақәа рзаҳаԥшаауан» ҳәа еиҭеиҳәоит иара.

Витали Ҭарба далахәын Марттәи ажәылара, уи ашьҭахь  аҩбатәи абригада, актәи абаталион аҟны деибашьуан, далахәын Шроматәи аоперациа.

"Марттәи ажәылара ашьҭахь  сара аҩбатәи абригада  актәи абаталион салахәны Шроматәи аоперациа салан. Жәеизамш, есҽны 500-500 метра – ус Аҟәанӡа ҳнаӡеит. Ҳнеиит  ашкол-интернат ахьгылонӡа цәыббра 25 рзы. Ҳара иҳарҳәеит дҵада Аҟәа ҳаламларц. Ҳара ҳбаталион раԥхьгылан, раԥхьа ақалақь иалалаз иреиуан", — ҳәа игәалаиршәоит Ҭарба.

Иара иажәақәа рыла абаталион ахьгылазынтә ибзиан иубарҭан аҳҭнықалақь. Иара еснагь агәра игон Аҟәа, Аԥсны зегь аиԥш ахы ишақәиҭхоз.

"Хыхьтәи Иашҭхәа ҳаҵысны ҳара ҳнеиуан, Ӡиӡариа имҩаду ианыланы, аҩызауад аганахьала инеиуан аерманцәа рбаталион, Вием аганахьала – Ака Арӡынба ибаталион. Ҳара зегь ҳҽааизеиҟаратәны ҳанаагыла ҳашиашаз ақалақь ҳналалеит. Аибашьраҵәҟьа ақалақь аҩныҵҟа иҟамызт, Ацҳа ҟаԥшь аҟынӡа ҳнеит. Амза 27 рзы Аҟәа ахы иақәиҭтәын", — иҳәеит Ҭарба.

"Урхәыр – ҭабуп уҳәап"

"Ахәылԥаз, уаа хынҩажәаҩык амҩахәасҭа ҳаныланы ҳнеиуан. Макьана алашареи алашьцареи иааимаркуан. Ҳарбан, ҳиехсра иалагеит. Хынҩажәаҩык ҳҟынтәи уаа жәохәҩык рхәит. Урхәыр-ҭабуп уҳәап. Аха анцәа иџьшьаны ԥсыҭбара ҟамлеит, ҳаиқәхеит зегьы", — иҳәоит Ҭарба.

Хыхьтәи Иашҭхәа анышәынҭрақәа ахьыҟоу аҭыԥ ақырҭцәа иаакәыршан иеиехсуан.

"Ианалаго, ианалго уздырам. Атҟәацыбжьқәа адгьыл дырцәажәоит. Убраҟа дырхәит Автондил Гарцкиа – ҳкомандир.  Ахәцәа сакасала иалаагоит ҳәа ҳшаҿыз еиҭах ахысра иалаган, еиҭах ахә дҟалеит. Ҩыџьа шалаагоз ахԥатәигьы дрыцлеит", — ҳәа игәалаиршәоит Ҭарба.

© Фото : Руслан ГаблияУчастник Отечественной войны народа Абхазии 1992-1993 годов Виталий Тарба
Участник Отечественной войны народа Абхазии 1992-1993 годов Виталий Тарба - Sputnik Аҧсны
Участник Отечественной войны народа Абхазии 1992-1993 годов Виталий Тарба

Ҳапроект афырхаҵа еиҭеиҳәеит асахьаҭыхыҩ Руслан Габлиеи иареи шеицеибашьуаз.

"Ҳара мартмзанӡа Аҩада Ешыра ҳаицыҟан, ҭабиак ҳҭаиан. ИАРК (ПЗРК) ҳнапы ианын. Ԥышьҩык ҳаҟан", — игәалаиршәоит Ҭарба.

Иара иажәақәа рыла ипатреҭ ирццакны иҭыхын.

"Руслани сареи шьыбжьхьа ҳфан, ҳтәан. Иальбом аашьҭихын карандашь хәыҷык ала ссахьа аҭыхра далагеит. Даара ирласны иҭихит. Ҳцәажәонаҵы далгеит, даналгазгьы сымбеит. Ахҭыхаа аибашьра ашьҭахь исиҭеит. Ахаҭаҵәҟьа Аладатәи Ешыра амузеи аҟны иҟан", — иҳәеит Ҭарба.

Алик Габниа иаҳәшьа Инга леибашьратә мҩа далацәажәоит - Sputnik Аҧсны
Алик Габниа иаҳәшьа Инга лгәымшәара атәы еиҭеиҳәоит

Ақәыԥшцәа аԥхьа ицон

"Аибашьраан ҳара иҳацҟан зынӡа иқәыԥшӡақәаз, 20 шықәса иреиҳамыз.  Урҭ аибашьраан, ажәыларақәа раан даара фырхаҵарыла рхы аадырԥшуан. Ҳаԥхьа игылангьы инеиуаз дара ракәын. Иҭахақәоз реиҳараҩык 30 шықәса иреиҳамызт. Акызаҵәык аибашьра даара уаԥсахуеит, еиҳаракгьы аҿар".

Ҭарба иажәақәа рыла иҟалалон ҭагылазаашьақәак алаф умҳәар анамуаз.

"Аерманцәа рнышәынҭрақәа ахьыҟаз аҭыԥ ҳнапахьы иаагар акәын. Ҽнак хәлаанӡа аибашьра цоит.  Зны дара зны ҳара ҳнапахьы ииасуан ари аҭыԥ. Зны сыԥшызар анышә жуп, аӡә анышә иамадара иахьымӡазаап, заҟа ҳманшәалоузеи, ак ҳахьыргьы зегь хиоуп сҳәеит", — еиҭеиҳәоит Ҭарба.

Иара иҳәоит иԥсы ҭаны аибашьра иалҵра зыбзоуроу иԥышәоуп ҳәа.

"Аибашьра зегьы  акаска схан. Акыр исыхәеит. Изхазымҵоз рацәан. Иҟан аҭагылазаашьа ахыԥҽыха санацәнахьчаз. Сгәы иалоуп жәыларак аан иахьысцәыӡыз", — иҳәеит иара.

Ҵәҩанҵәыҟа ҳхысуан

Аҟәа анырга ашьҭахь Витали иҩызцәеи иареи ирыӡбеит иаб иашьа иҟны иаангыларц.

"Илашьцахьан. Хысра ҳәа акгьы ыҟамызт. Саб иашьа иуада ацаԥхақәа агәылацәа иаарымаҳхын ҳныҩналеит. Уа ҳшыҟаз иаалырҟьаны ахысра ҭарҵеит. Ажәҩан аверталиотқәа иҵдырлашон. Сгәы иаанагеит ақалақь аагеит аха ақырҭцәа еиҭаҳакәшазар ҟалап ҳәа, аха арҭ зегь зызкыз аиааира акәзаарын. Ҳаргьы ҵәҩанҵәыҟа ирханы ахысра ҭаҳҵеит", — иҳәеит Ҭарба.

Витали Ҭарба ианашьоуп "Агәымшәараз" амедал.


Ажәабжьқәа зегьы
0