Асахьа аԥсы шахаҵатәу мамзаргьы аԥсуа акцент змоу анимациа

© кадр из мультфильма Астамура КвицинияРабота Астамура Квициния.
Работа Астамура Квициния. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа иллиустратор, аниматор Асҭамыр Кәыҵниа Аннимациа адунеизегьтәи амш аҽны иаҳзеиҭеиҳәеит амультипликациеи 3D аннимациа аҷыдарақәеи ринтерес шикыз атәы.

Наала Аҩӡыԥҳа, Sputnik.

Амультипликациа – акыр иуадаҩу процессуп. Ус шакәугьы алҵшәа ауадаҩрақәа зегьы хнаҩоит. Амультфильмқәа хәыҷгьы дугьы неибанеиԥшны бзиа еицырбоит. Урҭ алакә анырра урҭоит, адунеи лаша ашҭа уҭаргалоит.

Аԥсуа иллиустратор, аниматор Асҭамыр Кәыҵниа Аннимациа адунеизегьтәи амш аҽны иаҳзеиҭеиҳәеит  амультипликациеи  3D аннимациа аҷыдарақәеи  ринтерес шикызи ишҭиҵаауази атәы.

Асахьаҭыхрахь Асҭамыр дадрыԥхьалеит дхәыҷаахыс иибоз иаб играфикатә ҭыхымҭақәа. ақырҭуа-аԥсуа еибашьраан дара зегьы аҩны иалаблит, акызаҵәыкгьы аанымхеит.

"Саб иҭыхымҭақәа асахьаркырахь иаҵанакуазар, сара амультипликациеи анимациеи еиҳа срыдҳәылеит. Схәыҷаахыс Диснеи ифильмқәа бзиа избоит. Асериалқәа "Чипи Деили", "Акәатақәа рҭоурых" уҳәа иреиԥшыз рыхәаԥшра бзиа избон", — ҳәа еиҭеиҳәоит Асҭамыр.

Раԥхьаӡа акәны ихатәы анимациа аԥҵара иҽазикит ААУ (АГУ) аҿыханҵатә ҟазара афакультет аҟны аҵара аниҵоз.

"Усҟан акомпиуторқәа ыҟамызт. Сара  аплионкатә камера сзаархәан ааҭгылартә кадр  ахархәарала ҭыхрақәак срылагеит. Аха акадырқәа рыбжьара  аамҭа рацәа бжьалон. Ажәакала, амультфильм иеиԥшшәа иҟан".

 Раԥхьатәи сеспериментқәа ирыцысҵеит  ақьаадтә техникахь аиагарала. Сусурақәа џьара аӡәы ирбазар акәын, аха интернетда, компиуторда уи зегьы акыр иуадаҩын иҳәоит Асҭамыр.

Аамҭақәак асахьаҭыхра дазыхынҳәит. Аннимациахь имҩаҟны етап ҿыцк акәны иҟалеит  Краснодартәи аконсерваториаҟны иҵара. Уаҟа иара академикатә шәаҳәара амаӡақәа аҵидыраауан.

© Астамур КвицинияРабота Астамура Квициния
Работа Астамура Квициния - Sputnik Аҧсны
Работа Астамура Квициния

"Аноутбук аахәаны акомпиутор аҟны асахьа аҭыхшьа аҵара салагеит"

Ҩышықәса раԥхьа Асҭамыр 3D анимациаҟны раԥхьатәи ишьаҿақәа ҟаиҵеит.

"Еиҳа зхаҭабзиара ҳаракыз 3D мультфильмқәа анцәырҵ сара ари ахырхарҭа амҵахырхәаҩык сиеиԥшхеит. "Ахәмаргақәа рҭоурых" (Pixar) санахәаԥш нахыс еиҳагьы исҭаххеит абри аус саҿызарц".

3D Мультипликациа, ари иззырҳау ҭыхымҭоуп.

"Апроцесс хацдыркуеит  иззырҳау алахәылацәа-персонажцәеи, афонии, ауадақәеи, амҩадуқәеи  реидкыларала. Урҭ нас аԥшшәы рырҭоит. Аперсонаж амодель хынтәны еизҳауеит. Шрек изку амультфильм аҿеиԥш иҟоуп атехнологиа. Сара уи ишысҭахыз инасырҳәы-аасырҳәуан".

Инагӡаҵәҟьаны 3D мультфильм шаԥырҵо аилкааразы ма иубароуп ма ухаҭа иҭухроуп. Амала иудыруазароуп уи даара ишыуадаҩу.

Ари атехнологиа  амаӡақәа аҿҵаара Асҭамыр изныкымкәа далагахьан. Избанзар иԥылоз ауадаҩрақәа ҟалеит. Иахәҭаны иҟаз акомпиутортә программа акыр  ицәгьан, аматериалқәа зегьы англыз бызшәала акәын ишыҟаз. Уигьы иуадаҩрақәа ирыцырҵон.

Ҩбаҟа шықәса  3D анимациа аҵара даҟәыҵны дыҟан.  Ус, идырҩык идигалеит  3D амодельеиҿкаара апрограммаҿы ихы ԥишәарц. Ари аусхк ҭҵааны, 3D азеиԥш еилкаара иманы Асҭамыр дхынҳәит актәи апрограммахь. Аџьа ацәымшәареи, аннимациа абзиабаҩцәа рабжьагарақәеи, аҟазацәа  рконсультациақәеи ицхрааит игәҭакы анагӡараҿы.

"Аҵыхәтәантәи сусумҭа "Аиҭаҳатә" раԥхьатәи 3D усумҭоуп,  иклипым, имультипликациатә фильмҵәҟьоуп. Абжьы аганахьала акыр ацхыраара сиҭеит Џьамбул Жорданиа. Исҭахын ҩ-минуҭк ицо, аԥсуа ҟазшьа змоу амультипликациатә фильм аԥҵара. Алакәқәа реиҭаԥхьара салагеит. Ус, жәытә шәҟәык аҟны исԥылеит аԥсуа сахьаҭыхыҩ икарикатурак – ауаҩы аҵла аиҭаҳара дшаҿу. Аидеиа сгәаԥхеит. Иагьынасыгӡеит. Сусумҭа рыбжьы анақәдырга даара гәахәас иҟасҵеит. Ауаа "абри аҩыза Аԥсны аҟаҵара алшома?" ҳәа сзырыҩуан. Зегь рыҟаҵара алшоит. Иуҭаххар, насгьы адгылара уоур. Иҵегь еӷьынгьы аҟаҵара ауеит".

Асҭамыр Кәыҵниа иусумҭақәа зегьы ирнубалоит аԥсуа цәа, аԥсуа ҟазшьа.

"Исҭахуп ауаа идсырбар ҳкультура, ҳаԥсабара ԥшӡа. Исҭахуп идсырдырыр адунеи аҟны еицеилыркаар зылшо ҳиумор. Ҳара иҳамоуп ирацәаҩны ауаа гәыҭбаақәа – абзиара узеиӷьазшьо, изҭаху. Абарҭ зегьы агәзҭаҵара урҭоит", — иҳәоит Асҭамыр.

Ауадаҩрақәа шиԥылоугьы ҳаԥсуа аниматор еснагь имоуп ԥхьаҟа аус здиулаша апланқәа. Асҭамыр иусумҭа ҿыцқәа ахәаԥшцәа рбара рылшоит хара имгакәа.


Ажәабжьқәа зегьы
0