Асценаҟынтәи ажәыларахь. Владимир Кәакәасқьыр еибашьраҟны

Анапаҵаҩра
"Иҭыхым аибашьцәа" апроект иацнаҵоит 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алахәыла, Леон иорден занашьоу, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Владимир Кәакәасқьыр.

Наала Аҩӡԥҳа, Sputnik

Асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа иҭыхымҭақәа 60 ирныԥшуеит Аԥсны ахьчаҩцәа рҟазшьа, рыҩныҵҟатә ҭагылазаашьа. Аинформациатә агентра Sputnik Аԥсны апроект ҿыц "Иҭыхым аибашьцәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны апортал аресурсқәа рҟны ицәыргоуп асахьаҭыхҩы аибашьраантәи иҭыхымҭақәеи уи ифырхацәа ирызку аочеркқәеи.

Акәашара аритм инақәыршәаны

Владимир Кәакәасқьыр иԥсҭазаара зегьы акәашареи амузыкеи ирыдҳәалоуп. Актәи акласс аҟны дантәазгьы дкәашон ахореограф Родион Бигәаа  инапхгарала.

Асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа - Sputnik Аҧсны
Руслан Габлиа: аибашьраҟны ауаа сабарда рҿаӡам

"Сара иаразнакы бзиа избеит ари аус. Иахьеиԥш исгәалашәоит Родион ҳакласс ахь дышнеиз. Ашкол саналга Родион исеиҳәеит "Аҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль аҟны ирҭахуп акәашацәа" ҳәа. Сара уахь саннеи  кәашаҩык иаҳасабалеи  доль арҳәаҩык иаҳасабалеи срыдыркылеит".

Уаанӡа Владимир Кәакәасқьыр изныкымкәа дахәаԥшхьан ансамбль ақәгыларақәа. еснагь оумашәа ибон акәашацәа рҟазара. Ахаангьы усеиԥш сылшап ҳәа агәра игомызт. Аха ихы агәрамгара башахеит. Хымызҟа ансамбль алахәылак иеиԥш дкәашахьаны Урыстәылаҟа гостроль ҳасабла дцоит. Иара убас ирласны апрограмма иҵеит —  урҭ агастрольқәа инарыцлеит ФРГ, ГДР, Мраҭашәаратәи Берлин рахь аныҟәарақәа, ақәгыларақәа.

"Ирацәан ҳахьцоз: ФРГ, ГДР, Чехословакиа, Мраҭашәаратәи Берлин, Бырзентәыла. Ҩынтә Африкаҟа ҳцахьан. Ҳарҭааит Танзаниа, Мозамбик, Ефиопиа. Иара убасгьы ҳақәгылахьан Латынтәи Америка атәылақәа  Аргентина, Мексика рҟны. Ҳаҟан Ҭырқәтәыла".

Шәара шәҟны аибашьра цоит

Аԥсны аибашьра ианалагаз ансамбль артистцәа гостроль ҳасабла Бырзентәыла иҟан. 1992 шықәса нанҳәа 19 рзы ртәылаҟны иҟаз раҳаит.

"Асасааирҭаҟны ҳҭыԥқәа аанкылан ателербагақәа ааҿаҳкызар – иаҳдырбоит асасааирҭа Риҵа, асолдаҭцәа абџьар ркны, атехника. Ҵаҟа ҳалбааны иҟоузеи ҳәа ҳанҵаа "ибаргәу акгьы ыҟам, имцуп ишәбаз" рҳәеит. Аконцерт анымҩаԥысуаз  уаԥс ԥҳәыск дааҳадгылан:

— Иҟои Аԥсны?— лҳәеит

— Иҟои! – аҭакс ҳҵааит ҳаргьы.

— Аибашьра.

Ҳхынҳәырц ҳаӡбеит, аха аԥара ҳамамызт. Уахьынтәи ҳаарцаз аԥара рҳатәын. Ҩба-хԥа концерт мҩаԥганы ҳазлаашаз аԥара ҳарҳаит».

Цәыббра алагамҭазы ансамбль алахәылацәа Аԥсныҟа иааит. Шәачантәи ӷбала Пицунда инеиит.

"Ҳанцоз Қырҭтәыла ала ҳцеит, ҳанаауаз Шәача ала ҳхынҳәит. Уинахыс аԥара змаз автоматқәа аархәеит. Измамыз џьоукы асапиортә баталион ахь инеиит, џьоукы — амотохысратә баталион ахь. Дасу ишилшоз".

Алик Габниа - Sputnik Аҧсны
Алик Габниа: Инга афырхаҵа игәы зызҭаз ҭыԥҳан

Аҩбатәи амотохысратә баталион

Владимир Кәакәасқьыр аԥхьатәи аамҭазы Леонид Осиа ибаталион аҟны дыҟан. Ашьҭахь, Гәдоуҭа Ренат Қарчааи иареи  Николаи Адлеибеи еиқәшәеит.

"Шәааи ҳара абаталион аԥаҳҵап иҳәеит Ренат. Иара убри аамҭазы  СССР Иреиҳаӡоу асовет адепутатс дыҟан. Абаталион аԥҵара ҳаналага ауаа неиит. Х-ротак ҳҟалеит".

Владимир Кәакәасқьыр  Гәымсҭатәи афронт аҩбатәи амотохысратә баталион аҩбатәи арота акомандаҟаҵаҩыс дҟалеит.

Уԥсы ҭаны уаанхарц

Марттәи ажәылараан аԥсуа ар 222-ҩык ауааԥсыра рцәыӡит. Владимир Кәакәасқьыр иԥсы ҭаны дахьынхаз иахьагьы изхаҵом. Иара иротаҟынтәи иҭахеит 28-ҩык.

"Ҳара ажәыларатә гәыԥ ҷыда ҳашьҭанеир акәын. Уахынла аӡиас аԥшаҳәахьы ҳалбааны аҭабиақәа ҳжуан. Ҳдәықәлара мышк шагыз шәара шәоуп ажәыларатә баталион ҳәа ицо рҳәеит. Март 15-15  руха ҳара уахь ҳрышьҭуеит, аӡиас аҟынӡа ҳнеихьаны шәаангыл рҳәоит. Адырҩаҽны, март 15-16 рзы ажәылара ду ҟалеит".

Кәакәасқьыр игәыԥ ашьҭахь сааҭк рыбжьаны агәыԥ "Шьараҭын"  дәықәлараны иҟан. Аха уи агәыԥ иалымшеит аҵыхәтәанӡа анеира. Неишьы ыҟамыз иҳәоит Владимир.

"Аӡы ҳарны асаркьа ду ахькыдыз аҟынӡа ҳнаӡеит. Аҩны иаҵәеи уи асаркьеи ориентирны  иҳаман. Асааҭ акы жәохә минуҭ агын аӡы ҳанырсыз. Ҳара ҳадагьы ара иҟан Автондил Гарцкиа игәыԥ "Евкалипт", руслан Ладариеи гена марганиеи ргәыԥқәа. 320-ҩык рҟынӡа аибашьцәа аӡы ҳарсит".

Иҭыхым аибашьцәа - Sputnik Аҧсны
Sputnik Аԥсны апроект ҿыц "Иҭыхым аибашьцәа" Аиааира амш иадҳәалахоит

Аплан инақәыршәаны аҽа гәыԥк акемпинг рнапаҟны иааргар акәын. Аӡы ирсуаз ргәы рҽанырҵеит егьи аҟәараҟны аракета иаҵәа хазышьҭуа аԥсуа БМП-қәа ҩба жәбоит ҳәа.

"Иҟан БМП-қәа. аракета иаҵәагьы  ҵәҩанҵәыҟа ихарышьҭих. Аха урҭ қырҭуа БМП-қәан. Акемпинг згараны иҟаз хынҳәит избанзар дара рҟынтәи ирацәаҩны аминақәа ирхаԥжәо иалагеит. Даара ирацәан иҭахаз".

Владимир Кәакәасқьыр идын Ачадаратәи атрассахь дҩеины 16-ны еихагылаз аҩн ду аанкылара.

"Ҳара асаркьа ахькыдыз аҟынӡа ҳанынаӡа ақырҭцәа ауцәахыз, хыхьынтәи аҳәиҵәҳәа ахы ҩаҳаларҵеит. Аҩны иаҵәаҟны иршьыз рацәаҩхеит. Урҭ иара уа анышә иамаадеит. Нас аиҭныԥсахрақәа раан иҳарҭеит".

Аҭагылазаашьа даара иаруадаҩуан арациа аҟамзаара. Уаԥхьа инеиуа дуҩызоу дуаӷоу узеилкаауамызт. Владимир Шьалуа-иԥа еиҭеиҳәоит игәыԥ рациак шамаз иара уигьы аус анауази ианамуази еиҟаран.

Иара иӡбеит Ачадаратәи амҩала ԥхьаҟа ацара.

"Уахьгьы хысран. Абылтәыҭаҭәарҭаҟны ҳаннеи ҳаангылеит. Алада Ешыра аганахьала жәылара ишаауаз аабон, арахь ахысрақәа рыла ишхьаҵуаз еилургартә иҟан. Ҳрациа аус ауам. "Шьараҭынаа" атрассаҟны иаабоит аха албаара рылшом. Ааҩык ҳаанхеит ахәлара ҳазыԥшны. Ҩнык ахь ҳнеиит, аха аибашьра ашьҭахь ишаҳзеиҭарҳәаз ала ҳазбаз ԥҳәыск ҳалнаԥхеит".

Ақырҭцәа аҩны иакәшеит. Бџьарс ирымаз зегь рыла ахысра ҭарҵеит – аԥхьа автоматқәеи апулимиотқәеи рыла аҩны еиехсуан, нас БМП ааргеит.

"Ишысҳәахьо еиԥш аҩнаҟны ааҩык ҳаҟан. Раԥхьа дыршьит Маврик Начҟьебиа, аматематик. Хәҩык ршьит, ҩыџьа рыԥсқәа ҭан аха ихәын. Урҭ рытҟәеит, аҭыԥ аҟны иагьахәыртәит.  Аибашьра ашьҭахь хәҩык аиашьаратә ԥсыжырҭахь ииаган ижын. Уаҟа иҟан  Бено Адлеиба, Сергеи Кондаков, Маврик Начҟьебиа, Дима Свиатокум. Рауф Бениеи Томскнтәи аҷкәын, Колесников зыжәлази рытҟәеит".

Аҩнаҟны иҟаз зегь рахьынтәи иԥсы ҭаны даанхеит Владимир Кәакәасқьыр. Иахьа уажәраанӡагьы издырам иарбан мчу ихылаԥшыз. Ишьапқәа рыҩбагьы, изнапык хәын, аха ихьаа ибомызт, ахысра даҿын. Иҟан ашәымҭақәак аӷа аҩны иақәкыҵәҟьаны, 20-30 метра рҟынтәи данхысуаз.

Астамур Айба. - Sputnik Аҧсны
Аибашьраан зыфрак ар рымаҭәала изыԥсахыз Виачеслав Аиба изку ажәабжь

Владимир аҩбатәи аихагылаҟынтәи дыԥан амандаринаҭра иҽеиҭеит. Ииулак ихәрақәа ҿаҳәаны  аӡы ахықә аҟынӡа днаӡеит, аха уаҟагьы аснаипер диҿашәеит. Илашьцаанӡа хҩахашьа имамкәа ҵлақдык давиан. Ианылашьца ииулак аӡы дырсны 13-тәи аҭабиатә пост ахьыҟаз дазкылсит.

"Сара еснагь араҟа акәын сахьыҟаз, уа аӡәгьы дшыҟамыз здыруан аха егьырҭ дыррак рысҭап сҳәан уахь схалеит. Иқәгылаз ателефон ала изулак адырра ҟасҵеит 8-тәи апост ахь"

Виачеслав Аиба, Витали Ҭарба, Рудик Ҳагба, Зурик Аршба  Владимир арахьынтәи дықәыргеит.

"Славик Аиба сыхәрақәа рыцқьаны иҿеиҳәеит. Адырҩаҽны аштаб ахь дхаргалар акәын аха аҳәынҵәа узылсуамызт, цашьа ыҟамызт. Славик Аиба иахьааигаз сыздырам ҽык ааигеит. "Иабауԥшааи?" анысҳәа, "искит адәы иахьықәыз" иҳәеит".

Убри аҽала Владимир аштаб ахь дхаргалеит.

Ҳара ҳадгьыл аҟны ҳаҟоуп – дара тәымџьара

Аибашьра ианалага ашьҭахь мызқәак ҵхьаны Владислав Арӡынба аӡбра идикылеит атәылазы акрызҵазкуаны иҟоу ауааи аҟазара аусзуҩцәеи афронт иаԥырыргарц.

"Иҟоуп ицаз, иҟоуп имцаз. Зегь ҳақәҵызҭгьы ишԥаҟалоз" — иҳәеит Владимир.

Макьана зхала изымныҟәоз Владимир агоспиталь аҟынтә данылырҩаа акоменданттә гәыԥ аиҿкаара далагеит. Уаҟа рҽеизыркит асахьаҭыхыҩцәа, амузыкантцәа. дара еиҳарак атҟәацәа рыхьчон, иахьаҭахыз ацхыраара руан.

Аиааира ҳара ишаҳтәхоз аханатәгьы агәра игон Владимир.

"Ҳара ҳшаиааиуаз зегь агәра аагон. Ҳара ҳадгьыл аҟны ҳаибашьуан, дара – атәым дгьыл аҟны. Ианықәҵуазгьы бзин исгәалашәоит. Ршьапқәа амца рыҵыддуан. Иахьцоз рыман".

Уара аталант ду улоуп

Владимир Кәакәасқьыр исахьа ӡынымшк азы иҟаҵан.

"Ҭынчран, Амш бзиан, амра ԥхынымшк еиԥш иԥхон".

Аҩадатәи Ешыра аштаб ахь дахьнеиз асахьаҭыхыҩ Руслан Габлиеи иареи еибабеит. Руслан усахьа ҭысхуеит ҳәа анидигала аԥхьа мап икит, мшынаҟьак уи иақәзырӡуада ҳәа.

"Аха сааҭыбжакгьы стәамызт. Сҭыхны даалгеит. Схаҭаҵәҟьа. Уара уталантхаҭоуп, сҳәеит".

Аԥсҭазаара аус хада

Ашәеи акәашареи аибашьраҟынгьы удоуҳа шьҭнахуеит. Владимир игәалаиршәоит артистцәа рҽааизган ашәаҳәара ианалагоз. Еицын: атеатр актиор Ҭеимураз Чамагәуа, ашәаҳәаҩ Иван Шамба, адирижиор Виачеслав Аиба, Владимир Кәакәасқьыр.

Аибашьра ашьҭахь Аҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль аусура хацнаркит.

"1978 шықәса рзы ансамбль ахь сааит. Иахьанӡагьы уа сыҟоуп".

Ҳҭоурых афырхаҵа рҵаҩык иаҳасабала аҿар азыҟаиҵоит.

"Кәашаҩык иаҳасабала 17 шықәса ҵуеит тәанчара сыҟоижьҭеи, аха исызкажьуам. Сара сыда џьара концерт мҩаԥыргап ҳәа сызхаҵом» — иҳәоит дԥышәырччо Владимир Кәакәасқьыр.


Ажәабжьқәа зегьы
0