Атәанчаҩы: сшәоит иаарласны ача аахәарагьы ҳалымшо ҳҟалар ҳәа

© Sputnik / Илона ХварцкияЦены на хлеб.
Цены на хлеб. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ачахә ҩ-мааҭк ацлеит.

Саид Барганџьиа, Sputnik.

Зегь раасҭа ихадоу — ԥсыҭбара ыҟамзааит

Ачахә аизҳара зегь раасҭа изныруа атәанчаҩцәа роуп. Аӡәы ача зыԥсоу ҳәа дхәыцуа, аҽаӡәы – ачаахәаразы иџьыба иҭоу икапеиқәа иԥхьаӡоит.

"Сара есыҽны ача аасхәоит. Еергьҳәа сҳаи-сҷышьи еихьызыгӡоит. Чада ишԥоууеи? Аха ашәара сымоуп сара исеиԥшу аӡәырҩы уигьы рзаамхәо иҟалап ҳәа.  Ихадоу —  еибашьра ҟамлааит, ԥсыҭбара ҟамлааит. Ҳара усгьы аӡәгьы ҳаиҭахым, аӡәгьы дҳазхәыцуам", — лҳәеит  зыхьӡ ҳазымҳәаз атәанчаҩы.

Ачахә аиҿкаашьа

Ачахә аизырҳара анырра арҭоит еиуеиԥшым афакторқәа.

"Ахәқәа аамҭа-аамҭала еизҳауеит. Есышықәса аинфлиациа ҟалоит, ачарыц ахә ианацлалак ачахәгьы иацлоит. 2005 шықәса рзы кьылак ачашыла 4 мааҭки 50 капеи иаԥсазар, иахьа кьылак ачашыла 16 мааҭт 50 капеии иаԥсоуп. Иара уигьы абрахь иаагаанӡа иацлоит» — иҳәеит "Аԥсныча" адиректор хада Ныгәзар Агрба.

Адәқьанқәа рҟны афатә-ажәтә хкырацәала ишықәугьы ача ихадоу аалыҵны ишьоуп. Иара ахә аизҳарагьы  атәылауаа рбиуџьет ианыруеит иаразнакы.

"2005 шықәса раахыс ачашыла ахә 170 процент рҟынӡа иацлеит, ачахә акәзар ҳара 25 процент рҟынӡоуп иахьышьҭаҳхыз» — иҳәеит "Аԥсныча" адиректор хада Ныгәзар Агрба.

Аԥсны Аекономика аминистрра аусзуҩ Гәрам Корсантиа иазгәеиҭеит  ачахә аизырҳара аамҭак иақәшәо ишыҟам.

"Аобиективтә ҭахрақәа инарықәыршәаны ачаалыҵ знапы алаку ауаа ҳара ҳахь адырра ҟарҵоит ахәқәа рыԥсахра ахәҭаны иҟоуп ҳәа. ҳара ҳәынҭқарратә усбарҭак аҳасабала ишьақәҳаргылоит ахәқәа", — иҳәеит Корсантиа.

Иара убасгьы еиҭеиҳәеит абри аус аганахьала аҳәынҭқарратә наплакқәа реиԥш хаҭалатәи анаплакыҩцәагьы ажәалагалақәа шрыдыргало.

"Аҵыхәтәантәи ачахә аизырҳара атәы ҳҳәозар, уи иашоуп", — ҳәа азиԥхьаӡоит Корсантиа.

Гәрам Корсантиа иажәақәа рыла ачаалыҵ знапы алаку анаплакыҩцәа аҳәара ҟарҵеит ԥшьмааҭк рыла ачахә еиҳаҳтәырц.

"Уи ҳара иаҳзалыршом, избанзар амакроекономикатә рбагақәа ирзазыԥхьагәаҭом асеиԥш зда ԥсыхәа ыҟам аалыҵ ҳәа иԥхьаӡоу ахә аизырҳара. Иара убри аан иазгәасҭар сҭахуп ҳара аӡа зегьы Урыстәылантәи ишааго. Уаҟа ахәқәа ирызҳаит", — ҳәа еиҭеиҳәоит аминистрра ахаҭарнак.

Иҟаҵатәузеи?

"Ачазы ахәқәа аушьҭтәуп, нас хаҭалатәи анаплакыҩцәеи аҳәынҭқарратә наплакқәеи рыбжьара иҟало аиндаҭлара ахәқәа шьақәдыртәоит", — ҳәа игәы иаанагоит Ныгәзар Агрба.

Иара иажәақәа рыла Аԥсны ачахә еиҵоуп Урыстәыла аасҭа. Уи алзыршо аусуратә мчрақәа рыхә еиҳа аиҵароуп.

"2005 шықәса раахыс изныкымкәа аиҳабыра рахь аҳәара ҟаҳҵахьан ахә ацҵара шаҭахыз азы» ҳәа азгәеиҭоит "Аԥсныча" адиректор хада.

Аԥсны аус руеит аҳәынҭқарратә наплакқәа 7, хаҭалатәи анаплакқәа – 47.

"Урыстәыла ацхыраара акәмызҭгьы сара исыздырам закәытә ҭагылазаашьаны иҟаз иҳаурц. Уи ацхырааралоуп азауадқәа зегьы шеиҭашьақәыргыло, амыругақәа рыла ишеиқәыршәо", — иҳәеит Агрба.

"Ҳара ачашыла ааҳхәалароуп. Аиҳабыра ргәы иаанагоит ачахә ҳараркыр абунт ҟалоит ҳәа. ауаа идеилыркаатәуп уи зегь зыдҳәало. Ачашыла Аԥсны иҳамам, уи Урыстәылантәи иаагоит. Амҩаҟынгьы ахәқәа ирыцлоит", — иҳәоит Ныгәзар Агрба.

Иара иазгәеиҭеит Урыстәыла Ақыҭанхамҩа аминистр Александр Ткачиов ишиҳәахьоу – ҽааны ачарыц ахә 18-20 процент иацлоит ҳәа.

Аекономика аминистрра ахаҭарнак Гәрам Корсантиа иҳаилиркааит ахәқәа реизырҳараан иҟоу афакторқәа зегьы шазыԥхьагәаҭоу.

Гәрам Корсантиа иазгәеиҭеит иара убасгьы уажәтәи ачахә анаплакыҩгьы ишигәамԥхо, аахәаҩгьы ишигәамԥхо, аха иахьазы аҽакала  аҭагылазаашьа аиҭакра шзалмыршахо.

© Sputnik / Илона ХварцкияХлебный магазин.
Хлебный магазин. - Sputnik Аҧсны
Хлебный магазин.

Ажәабжьқәа зегьы
0