Гагратәи ашколхәычқәа арра-спорттә хәмарраҿы актәи аҭыԥ ргеит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи ашколхәычқәа арра-спорттә хәмарраҿы актәи аҭыԥ ргеит
Гагратәи ашколхәычқәа арра-спорттә хәмарраҿы актәи аҭыԥ ргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Актәи аҭыԥ ааннакылеит Гагратәи еизгоу акоманда ареспубликатә арратә спорттә хәмарра "Аиааира" аҟны.

ГАГРА, абҵара 5 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. А-11-тәи арра-спорттә хәмарра "Аиааираҟны" Гагратәи ашколхәыҷқәа иргаз аԥхьахә рыдырныҳәалеит Гагра араион аҵара аҟәшаҟны. Аҵара аҟәша аиҳабы Беслан Дбар иазгәеиҭеит дара Гагра араион ахьӡ шҭыргаз.

"Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит, шәымч еибыҭаны иахьшәылшәыршаз аиааира агара. Шәара аӡәи –аӡәи шәеидымгылар алҵшәа бзиа шәзаарԥшомызт. Ишәыдысныҳәалоит актәи аҭыԥ ахьыжәгаз, шәымҩа бзиазааит, шәусқәа маншәалахааит. Азыҟаҵаҩцәа шәахьгьы схы рханы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит абас еиԥш апатриотизми аспорти абзиабара рылааӡаны аҿар ахьеидышәкылаз, акоманда ӷәӷәақәа иахьраԥыжәгаз", — иҳәеит Беслан Дбар.

Арратә-спорт азыҟаҵаҩцәа ракәзаргьы Гагра араион Ахадара иҭабуп ҳәа рарҳәеит ахәыҷқәа маҭәала реибыҭареи аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгареи аицлабра алахәреи рҿы ацхыраара ахьрырҭаз.

"Фышықәса ҵуеит Гагра араион ареспубликатә арра-спорттә хәмарра «Аиааира» аҟны актәии аҩбатәии аҭыԥқәа ирыԥсахоижьҭеи. 2012 шықәсазгьы ҳара ҳашколхәыҷқәа иааныркылеит актәи аҭыԥ, сынтәагьы ироуз азыҟаҵареи ацхыраареи ирылҵшәахеит аиааира ҿыцгьы. Арра-спорттә хәмарра азыҟаҵаҩцәа зегьы рыхьӡала иҭабуп ҳәа раҳҳәоит ацхыраареи авагылареи ҳазҭаз", — ҳәа азгәеиҭеит Цандрыԥшьтәи аҩбатәи абжьаратә школ алагарҭатә арратә ҽазыҟаҵара арҵаҩы Степан Пахлиан.

Арра-спорттә хәмарра "Аиааира" алахәцәа ракәзар, иазгәарҭеит актәи аҭыԥ агара шымариамыз, аха уеизгьы рымч еизганы ирылшеит алҵшәа бзиа аарԥшра. Ахәыҷқәа еицлабуан ацәаҳәа ақәсреи аҩреи аԥареи аҽышьҭхреи аграната аршәреи автомат аимыхреи аибыҭареи уҳәа рыла.

"Ҳара ҳраион ахьӡ шәмырԥхашьеит. Иҳалшаз зегь ҟаҳҵеит иаҳзааԥсаз раҳаҭыр азы. Хымԥада иуадаҩын аиааира агара. Зегь раасҭа ираԥаагар ҳҭахын Гәдоуҭеи Аҟәеи реиԥш иҟаз акомандақәа ӷәӷәақәа. Раԥхьа аҩбатәи аҭыԥ аҟны акәын ҳахьгылаз, аха аицлабра ахырқәшара уамак шагымыз ҳамч еибыҭаны актәи аҭыԥ ахь ҳнеит", — иҳәеит Гагратәи абжьаратә школ №1 аҵаҩы Рамин Еныкь.

Аицлабра алахәцәа Гагра араион аҵара аҟәша ахьӡала иранашьан аҳаҭыртә бӷьыцқәа.

Актәи аҭыԥ иаԥсахаз иреиуоуп: Еныкь Рамин – Гагратәи абжьаратә школ №1 аҵаҩы, Кориан Рафаель – Маҳадыртәи абжьаратә школ №1 аҵаҩы, Мартиросиан Вартан – Цандрыԥшьтәи абжьаратә школ №1 аҵаҩы, Депелиан Андроник – Гагратәи абжьаратә школ №2 аҵаҩы, Ҳаразиа Родион – Гагратәи абжьаратә школ №1 аҵаҩы, Чаталашвили Давид – Гагратәи абжьаратә школ №1 аҵаҩы, Мелкониан Валера – Маҳадыртәи абжьаратә школ №1 аҵаҩы, Еныкь Иана – Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 аҵаҩы, Ҷанба Сариа – Гагратәи абжьаратә школ №4 аҵаҩы, Кылыч Диана – Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №2 аҵаҩы.

Ашколхәыҷқәа арра-спорттә хәмарра иазыҟарҵеит Степан Пахлиан, Махаз Ешба, Ншан Каленџьиан, Артур Ексузиан.

Аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгареи реиҿкаареи рҿы ацхыраара ҟаиҵеит Гагра араион аҵара аҟәша алагарҭатә арратә ҽазыҟаҵаразы аспециалист хада Гамлет Елбакиан.


Ажәабжьқәа зегьы
0