Аԥсуа бызшәа арҿиара аҳәынҭқарратә фонд аҟны амастер-класс мҩаԥысит

© Sputnik, Бадраҟ АҩӡбаАмастер-класс Аԥсуа бызшәа аҿиара аҳәынҭқарратә фонд аҿы.
Амастер-класс Аԥсуа бызшәа аҿиара аҳәынҭқарратә фонд аҿы. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амастер-классқәа рымҩаԥгаҩ, апоет Гәында Сақаниаԥҳа агәыӷра аалырԥшит ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа апоет ҿарацәа рырҿиаратә ԥсҭазаараҟны ицхыраагӡаны ирзыҟалап ҳәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Апоет қәыԥш Алхас Қаԥшь иажәеинраалақәа реилыргара Аԥсуа бызшәа арҿиара аҳәынҭқарратә фонд аҟны имҩаԥысит аԥшьаша, ԥхынҷкәын 3 рзы.

"Аԥсуа бызшәа аҿиара аҳәынҭқарратә фонд аҟны еиуеиԥшым апроектқәа мҩаԥысуеит, Гәында Кәыҵниаԥҳаи сареи, ашәҟәҩыра, алитература аҟазара еиҳа ҳгәы иахьыҵхауа азыҳәа еиҵагыло аҿар апрофессионалтә зыҟаҵара роурц, абраҵәҟьа еиҿаҳкаарц ҳаӡбеит ажәеинраала зыҩуа аҿар аус рыдуларазы апроект "Ажәеинраала аҩразы амастер-классқәа" амҩаԥгара", — лҳәеит апоет, амастер-класс амҩаԥгаҩ Гәында Сақаниаԥҳа.

Аԥсуа бызшәа аҿиара Аҳәынҭқарратә фонд аҿы аӡыргара мҩаԥган

Уи лажәақәа рыла, шықәсык иалагӡаны ԥшьҩык аҿарацәа рырҿиарала амастер-классқәа мҩаԥысуеит.

Амастер-класс аҟны апоет қәыԥш Алхас Қаԥшь иажәеинраалақәа дрыԥхьон, анаҩс, уи амҩаԥгаҩцәа Гәында Сақаниаԥҳаи Гәында Кәыҵниаԥҳаи еилдыргон, аҩымҭақәа ирыгыу-ирыбзоу иҵарҳәон, рхатәы гәаанагарақәа автор изнаргон иара убас, аиԥылара иалахәыз арҿиаратә ҿаргьы.

"Сгәанала, асеиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа, даараӡа ихәарҭоуп ҿыц аҩра знапы алазкуа аҿар рзы. Иуыгу-иуыбзоу, угха ахьыҟоу уазҳәо даныҟоу, уи даараӡа акыр иаԥсоуп. Иахьатәи аиԥылара еиҿызкааз иҭабуп ҳәа расҳәоит, ианакәзаалак абжьгара унапы злаку аус аҿы иунымԥшыр ҟалаӡом. Аиҳабацәа ҳхаҵгыланы адгылара ахьҳарҭо даара пату ақәаҳҵоит", — иҳәеит апоет қәыԥш Алхас Қаԥшь.

Амастер-классқәа рымҩаԥгаҩ Гәында Сақаниаԥха иазгәалҭеит зҩымҭақәа еилдыргахьоу аҿар рыбжьара ишыҟоу аҟыбаҩ злоу арҿиаҩцәа, Џьамбул Инџьгиа, Саида Ҳаџьымԥҳа, Дмитри Габелиа, Абзагәа Аҟалӷьба уҳәа.

© Sputnik, Бадраҟ АҩӡбаАмастер-класс
Амастер-класс - Sputnik Аҧсны
Амастер-класс

"Ажәеинраала ҩны инықәҵаны, шьҭа споетуп уҳәар, уи иашаӡам. Избанзар, аԥышәа змоу ауаҩы инакәызаалакгьы уеиҳа идыруеит, иԥышәа умаидоит. Аӡә даргәаар ауеит, даҽаӡәы даҽакала идикылар ауеит, аха сара сзыҳәаны ари гәадуроуп, избанзар ауаҩы еиҳа збахьоу аҩышьа амаӡақәа анузааиртуа, уи хымԥада уарманшәалоит", — иҳәеит апоет қәыԥш Џьамбул Инџьгиа.

Гәында Сақаниаԥҳа агәыӷра аалырԥшит амастер-классқәа апоет ҿарацәа рырҿиаратә ԥсҭазаараҟны ицхыраагӡаны ирзыҟалап ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0