Ажьиба: Аԥснытәи амилициа рмашьынақәа аномер ҿыцқәа рыман иныҟәалоит

© Sputnik, Бадрак АвидзбаРауф Ажьиба: аԥснытәи амилициа рмашьынақәа аномер ҿыцқәа рыман иныҟәалоит
Рауф Ажьиба: аԥснытәи амилициа рмашьынақәа аномер ҿыцқәа рыман иныҟәалоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра автотранспорттә хархәагақәа 2015 шықәса ԥхынҷкәынмза нҵәаанӡа аномертә дырга ҿыцқәа рырҭоит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра автотранспорттә хархәагақәа зегьы аномер ҿыцқәа роуеит, ҳәа ҳкорреспондент иеиҳәеит аҳәынҭавтоинспекциа Аусбарҭа аиҳабы Рауф Ажьиба.

"Аномер ҿыцқәа алаагалоит автоинспекциа иатәу амашьынақәеи егьырҭ амашьынақәеи реиҩдыраараз", — иҳәеит Ажьиба.

Аҳәынҭавтоинспекциа Аусбарҭа аиҳабы Рауф Ажьиба иазгәеиҭеит аномер ҿыцқәа амашьына аԥсҟы зку амҩатә ныҟәара аилагара иацәырыхьчоит ҳәа.

"Аномер ҿыцқәа апрофилактикатә ҟазшьа рымоуп. Амашьына аԥсҟы зку иаразнак ирбарҭахоит урҭ амашьынақәа Аҩныцҟатәи аусқәа рминистрра ишатәу. Аԥҟаррақәа реилагарагьы рҽацәхьарклоит", — иҳәеит Ажьиба.

Рауф Ажьиба иажәақәа рыла Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра автотранспорттә хархәагақәа 2015 шықәса ԥхынҷкәынмза нҵәаанӡа аномер ҿыцқәа рырҭоит. Аномер ҿыцқәа аздырхиеит Урыстәыла, Гознак аҟны.

Уаанӡа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура иаанацҳахьан ҷыдала иазырхиоу аномертә дыргақәа Аԥсныҟа иаагоуп ҳәа. Аномерқәа рфон цәиаҵәоуп, ацифрақәа ԥшьба рыла ишьақәгылоуп, Аԥсны арегионқәа арбоуп, ареспублика аҳәынҭқарратә бираҟ рнуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0