Аҟәа имҩаԥысит апроект "Ишьхатәылоу Аԥсны. Аӡын" аӡыргара

© Sputnik Томас ТхайцукАпроект "Ишьхатәылоу Аԥсны. Аӡын" аӡыргара.
Апроект Ишьхатәылоу Аԥсны. Аӡын аӡыргара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа имҩаԥысыз апроект "Ишьхатәылоу Аԥсны. Аӡын" аӡыргараан Ҭенгьиз Ҭарба еиҭеиҳәеит афильм шаԥырҵоз атәы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 — Sputnik. Асида Кәыҵниаԥҳа. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны аҩаша, ԥхынҷкәын 22 рзы Аҟәа имҩаԥысыз апроект "Ишьхатәылоу Аԥсны. Аӡын" аӡыргараан Ҭенгьиз Ҭарба еиҭеиҳәеит афильм шаԥырҵоз атәы, ҳәа аалыцҳауеит ҳкорреспондент.

"Апроект аӡынтәи ахәҭа акоманда зегь ҳзы иуадаҩыз акакәын. Раԥхьатәи аӡынтәи аекспедициақәа рымҩаԥгареи зызнеира уадаҩыз аҭыԥқәа рахь ахалареи аҵыхәтәантәи ахәышықәса имҩаԥаагоз аекспедициақәа иузрыдкылом, аха сара алҵшәақәа агәахәара сырҭоит. Ҳара аԥышәа ду ҳауит. Ушьҭа иҳалшоит иҿыцу аусдҵақәеи ахықәкқәеи ҳҿаԥхьа рықәыргылара", — иҳәеит апроект автор Ҭенгьиз Ҭарба.

"Ишьхатәылоу Аԥсны" 1 аҭыԥ ааннакылеит аицлабра "Сара сдунеи-2015" аҿы

Аӡыргараҟны еиҭарҳәеит апроект аҭоурых, еизаз идырбан аԥхынтәи асериа иаҵанакуа апроект ателехәаԥшратә формат. Ауснагӡатә хыркәшахеит аӡынтәи аекспедициақәа ирызку адокументалтә фильм аӡыргарала. Апроект авторцәа ирыгәҭакуп афильм егьырҭ абызшәақәа рахь аиҭагареи адунеитә документалтә кино афестивальқәа аҽрылархәреи.

"Сынтәа иҳагәҭакуп урҭ аҭыԥқәа аиҭарзыхынҳәра. Уажәы ашәаҩақәа рыла уахь анеира ҳагәҭакуп. Адунеи иаҳарбар ҳҭахуп Аԥсны аӡынтәи курортк аҳасабала", — иҳәеит Ҭарба.

2015 шықәса жәабранмзазы ихацыркын апроект "Ишьхатәылоу Аԥсны. Аӡын". Аекспедициа иахықәкын ишалшо ала ауаажәларра Аԥсны ашьхара аԥшӡара дырбареи асовет аамҭақәа рзы ирылаҵәан иҟаз ашьха туризм амаршрутқәа реиҭарҿиареи.

Ажәабжьқәа зегьы
0