Ҳаԥсаӡқәа еиқәшәырха

© Sputnik / Александр Вильф / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАсы зқәыҳәҳәо аԥсаҵлақәа. Архивтә фото.
Асы зқәыҳәҳәо аԥсаҵлақәа. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сынтәа ареспубликаҟны Ашықәс ҿыц азы агәырбӷьыҵлақәа разырхиара мап ацәыркит.

Наала Аҩӡыԥҳа, Sputnik

Ареспубликаҟны Ашықәс ҿыц азы агәырбӷьыҵлақәа разырхиара мап ацәкра аҭахижьҭеи акрааҵуан. Акрааҵуеит ашықәсҿыцныҳәаз хәнызқь инаркны быжьнызқь рҟынӡа ԥсаӡ ахҵәара рықәшәоижьҭеи. Абри атәы ҳаиҳәеит аԥсабара ахьчареи аекологиеи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.

Аԥсны абнанхамҩа аҳәынҭнапхгара ахантәаҩы Анзор Ашәхәаҵааи аԥсабара ахьчареи аекологиеи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савелии Ҷыҭанааи Аԥсны иахьаҵанакуа аԥсаӡқәеи аԥсақәеи рыхҵәара мап ацәыркразы ажәалагала ҟарҵеит. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаарагь уи иадгылан иахәҭаз Ақәҵара рыдыркылеит.

"Уаанӡа ҳара ҿырҳәалатәи ақәҵарақәа мҩаԥаагон. Уи адагьы ашколқәраҟынӡатәии ашколтәи усҳәарҭақәа рзы 700 рҟынӡа ԥсаӡ рыхҵәара аквота шьақәҳаргылон. Зыламыс кьаҿу ауаа рзы 700 ҵла ииасуан 7000 ҵла рахь", —  ҳәа еиҭеиҳәоит Савелии Ҷыҭанаа.

Аиҳарак аԥсақәа ракәын ихырҵәоз. Ԥхьаҟа уи аекологиатә шәарҭарахь икылнагар алшоит.

"Аԥсаҵлақәа аԥсабара ралӡаара абнара ахаҭа алӡаарахь инанагоит. Ашьхарақәа, ахәқәа хтыр, адгьылқәа еиҭаҵуеит. Ҳгәыларатәи Шәача усеиԥшқәа аҭыԥ рымоуп иахьазы. Аолимпиатә комплексқәа рыргылараан ихшьаан абнара ҭыԥқәа рацәаны. Аҵла рыбӷьыра ақәа анауа аӡы ааныркылоит, аҵлара аныҟам ақәаӡы ашьхадгьылқәа ҿнаӡәӡәаауеит. Бнала ихьчоу ашьхақәа ари аиԥшқәа ирцәыхьчоуп", — иҳәеит аеколог.

Агәырбӷьыҵлақәа рхыцәқәа рыхҵәарагьы ибзиоу ҳәа акгьы унаҭом. Ашықәс ҿыц аламҭалаз усеиԥш аныҟарҵогьы ҟалалоит, аха зхыцәқәа хырҵәаз аҵла уаҳа иазҳауам, ус ганла аҽарҭбаауеит акәымзар.

Ҳара аԥсаӡ ҳәа ззаҳҳәо мрагыларатәи аԥсаӡи кавказтәи аԥсеи роуп. Аминистрцәа Реилазаара азин ааннакылеит Урыстәылантәи аԥсақәа раагара. Уи азин ҟарҵар, урыстәылантәи иааргазшәа ҳашьхараҟны ихҵәаны ирҭилоит.

"Аџьармыкьаҟны аԥса рҭиуа иубар иаразнак иудыруеит ԥсқьар ҳасабла арахь ишаанагаз", ҳәа азгәеиҭеит Савели Ҷыҭанаа.

Ус шакәугьы ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҟны сынтәи Ашықәс ҿыц ашьана хада – аԥсаӡ ада иаанхом. Ареспублика аеколог хада ишиҳәаз ала зыхҵәара азин ыҟоу аҵлақәа еиҵатәуп ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рхыԥхьаӡара аҟынӡа. Уи 200 ԥсаӡ артәоит иҳәеит Ҷыҭанаа. Уи адагьы Аминистрцәа Реилазаара ахаҭарнак хылаԥшра аиҭоит аҵлақәа рыхҵәареи арахь рылбаагареи.

Ашықәсҿыцазтәи аԥсаҵлақәа реиқәыршәара. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Аԥсақәеи аԥсаӡқәеи Аԥсны иахьаҵанакуа рыхҵәара ҟалаӡом

Арҭ ашьаҿақәа Аԥсны абнарақәа реиқәырхара иацхраауеит. Макьаназ ихтыҵәҟьаз ахәқәеи ашьхарақәеи шыҟамгьы, даара бнала иаӷаны иҟалахьеит. Аԥсаӡ метраки бжаки аизҳаразы жәашықәса рҟынӡа аамҭа аҭахуп. Ареспубликаҟны ахатәы питомникқәа ахьынӡаҟам агәырбӷьҵлақәа Урыстәылантәи иааҳгалоит, иҳәеит аеколог.

Ирацәаҩуп аныҳәаз иԥсабаратәым аԥсаӡқәа зыргыло. Уи џьашьатәӡам. Иара акраамҭа ишыҟоу иҟоуп, аҽеиҭанакуам зыԥсы ҭоу аԥсаӡ еиԥш. Уи адагьы есышықәса аԥсаӡ аахәараз аҽазышәарақәа аҭахны иҟалом.

Иԥсабаратәым аԥсаӡ аахәо ахаҭабзиара гәоуҭароуп, афыҩ ҷыда ахыумкаауазароуп.

Иԥсабаратәым аԥсаӡ мҵысуа иргылатәуп. Уи шалшо адәқьан аҟны игәаҭатәуп. Иацзароуп амца ишацәымшәо азы асертификат. Аҭиҩцәа аахәаҩцәа ирабжьыргоит ашәарҭадара ишазхьаԥштәу: адуцәа ыҟамкәа ахәыҷқәа аиллиуминациақәа адыркыр шыҟамло, афымцатә гирлиандақәа аркны уахынла рааныжьра шыҟамло.

Ажәабжьқәа зегьы
0