Аԥсны афатә ахәԥса еизҳаит

© Sputnik / Томас ТхайцукАфатәқәа рзы акорзина.
Афатәқәа рзы акорзина. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шықәсыбжак аҩныҵҟа ахәқәа акыр ихалеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 — Sputnik. Иҳаҩсыз ашықәс ԥхынгәы инаркны ԥхынҷкәынынӡа афатәқәа рыхәԥса акыр иҳаракхеит. Урҭ реизҳашьа убартә иҟоуп Sputnik аредакциа имҩаԥнаго есмчыбжьатәи ахәқәа рыҭҵаарала.

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба дидикылеит Орловтәи аобласт агубернатор Вадим Потомски - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Орловтәи аобласт аҟнытә афатәқәа рыҭира иалагоит

Ашәеилаҵа ахә аҟәатәи аџьармыкьаҟны 350 мааҭ инаркны 450 рҟынӡа ихалеит. Ахә халеит ахшгьы. Уаанӡа литрак ахш ҩынҩажәижәаба мааҭ ҳәа иуоуазар, уажәы уи ԥшьынҩажәа мааҭ артәоит.

Ахә халеит акәац, аҳәажьы 250 мааҭ рҟынтәи 330 рахь иҩеиит.

Еизҳаит егьырҭ аалыҵқәагьы, иаҳҳәап абрынџь аԥхынраз 55 мааҭ ҳәа иуоуазар, уажәы уи ахә 70-80 мааҭ артәоит.

2015 шықәса рзы Аԥсны ачахә харгалеит ҩ-мааҭк рыла еиҳатәны.

Ажәабжьқәа зегьы
0