Габниаԥҳа: ажьырныҳәа амчра дуӡӡа змоу ныҳәоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукПраздник Ажьырныхуа в селе Джирхва
Праздник Ажьырныхуа в селе Джирхва - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо аԥсуа милаҭтә ныҳәақәа рҟны ихадароу ируаку ажьырныҳәа азгәарҭоит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ажьарныҳәа аԥсуаа рытрадициаҿы акырӡа ҳаҭыр змоу, зыгәра харҵо амчра дуӡӡа змоу ҳәа ирԥхьаӡо ныҳәароуп, лҳәеит аҵарауаҩ Цира Габниаԥҳа.

"Ари аныҳәа, анцәеи ҳареи ҳаимадара атәы зҳәо ныҳәоуп, насгьы уи ашықәс ҿыц аҭалара иадҳәалоуп жәынгьы-ҿангьы. Ашықәс ҿыц ианҭалоз, ауаа зегь реиҳа амч змаз анцәахәы ажьира анцәахәы Шьашәы имҵаныҳәон. Ажьира зыдҳәалоу аиха ауаа ада ԥсыхәа рымаӡамызт. Ажьырныҳәа аныҟарҵо Шьашәы иҳәоит анхара иадҳәалоу аусқәа рҿы ахылаԥшра ҟаиҵарц, рџьабаа мыӡырц", — ацылҵеит уи.

Аҵарауаҩ излалҳәо ала, ажьира амчра дуӡӡа ахьамоу азы, уи анцәахәы Шьашәы ила акәын ашықәс аныҳәарақәа шаадыртуаз жәытә-натә аахыс.

"Аҭаацәараҿы зегь реиҳа еиҳабу иоуп иныҳәо. Зегь еиҵагылоит, ҿыц аҭаацәара иаланагалаз дыҟазар, уи хазы дырныҳәоит", — лҳәеит Габниаԥҳа.

Ажьираҿы изыхныҳәо ашьтәа агәи агәаҵәеи арасаҵәы иахарҵоит, избан акәзар уи аԥсуаа рҵас-рқьабз аҿы акыр ахархәара амоуп, амагиатә мчы амоуп, амшьҭа бзиоуп ҳәа иԥхьаӡоуп.

"Ажьырныҳәаан аԥшәма ихьӡала ашьтәа ишьуеит, уи агәи агәаҵәеи дахныҳәоит. Аҭаацәа рыцыԥхьаӡа акәакәарқәеи, агәи агәаҵәеи зхарҵо арасаҵәқәеи, ацәашьқәеи ҟарҵоит. Ацәашьы ацәацқьа иалхзарауп, иагәыларҵоит ирымкыц ацаха", — лҳәеит Цира Габниаԥҳа.

Ажьираҿы аныҳәара мҩаԥыргоит амра анҭашәалак. Аиҳабы дныҳәоит иарма напала агәи-агәаҵәеи зхоу арасаҵәы кны, иарӷьанапала аҵәца азна аҩы кны.

"Уи иныҳәара абас иҟоуп, — Шьашәы, улԥха-угәаԥха ҳамазааит, уара убзоурала ари ашықәс азы ҳҭаацәа иаҵанакуа зегьы гәабзиарала, хабзиарала иаҳхаагеит, зҩа-ԥхӡы каҳамҭәаӡеит, икаҳҭәаз аԥхӡы ҳара иаҳхаҳаит, убри азыҳәан иҭабуп ҳәа уаҳҳәоит. Иахьа ҿыц иҳалшозала ашьтәа шьны, агәи-агәаҵәеи уҳарбоит. Ашықәс ҳазҭало, ибзианы, ихырҳаганы иаҳзыҟалааит ҳәа", — азгәалҭеит аҵарауаҩ.

Уи ашьҭахь, аныҳәаҩ иҭаацәааҟны иара ишьҭахь иеиҳабу ила далаганы зегь иныҳәоит.

"Урҭ зегь рыцыԥхьаӡа арбаӷьқәа ршьуеит. Раԥхьа ацәашьқәа адыркуеит, урҭ анаабыллак, аҭаацәа ирызку агәи агәаҵәеи зхоу арасаҵәы аанкыланы еиҭа дныҳәоит", — ацылҵеит аҵарауаҩ.

Аныҳәара ашьҭахь, аҭаацәа зегьы изыхныҳәоу агәи-агәаҵәеи агьама рбоит, аныҳәаҿақәа ааныркылоит, еибаныҳәоит.

Апацха - Sputnik Аҧсны
Аҧсуаа иазгәарҭоит аныҳәа хадақәа ируаку Ажьырныҳәа

"Уи ашьҭахь, аҭаацәа реиҳабы, ашәақь аанкыланы дхысуеит. Уи иаҵанакуа убри ауп, ҳаиҳазымчу иҟынӡа адырра неирц аныҳәаҩ уи иҿаԥхьа иуал шынаигӡаз. Аԥшәма схы иадысҵаз насыгӡеит, иҳәоит", — лҳәеит Габниаԥҳа.

Цира Габниаԥҳа ишазгәалҭаз еиԥш, ажьарныҳәа ажәытәан ишазгәарҭози, уажәы ишымҩаԥыргои аиҳараӡак еиқәшәоит еивгара рымамкәа.

"Акызаҵәык еивгарас иҟоу, ажәытәан аныҳәаҩ Шьашәы мацара димҵаныҳәон, уажәы, Шьашәи Анцәеи, дрымҵаныҳәоит", — лҳәеит лара.

Аҵарауаҩ иазгәалҭеит, жәытә-натә аахыс ажьарныҳәа аҽны раԥхьа иааиз имшьҭа зеиԥшроу еиԥш ашықәс зегь мҩасуеит.

"Раԥхьаӡа имҩахыҵуаз илаԥш аҭаацәа рзы акыр аҵанакуан. Убри аҟнытә, аҭаацәа иреиҳабу ан арасаҵәқәеи ашәч амахәқәеи хҵәаны, иааиуа ауаҩы илаԥш иахьыҵашәо, агәашә аандаҿы ихылшьуан, илаԥш цәгьазар уи иааннакылоит ҳәа ирԥхьаӡоит", — ацылҵеит аҵарауаҩ.

Ажәытәан, ақыҭаҿы зымшьҭа бзиоу ҳәа ирԥхьаӡоз ауаҩы дааганы ажьарныҳәа ауха дрыладырԥхьон. Уи ашьыжь дгыланы аҭааҵәа зегьы дрықәныҳәон, анцәа илаԥш хаа рхызарц азы диҳәон.

 

 

 

 


Ажәабжьқәа зегьы
0