Аҟәатәи СИЗО аҟны иҭакыз аҿагыларатә акциа ҟарҵеит

© Sputnik Томас ТхайцукЗдание МВД
Здание МВД - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи СИЗО аҟны иҭакыз ацәарҭақәа рбылуан, ачысмаҭәа ԥырҽуан.

АҞӘА, ажьырныҳәа 13 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҩаша, ажьырныҳәа 12 рзы Аҟәатәи СИЗО аҟны иҭакыз аҿагыларатә акциа ҟарҵеит, ҳәа адырра ҳаиҭеит Аԥсны адукатцәа рпалата алахәыла Саид Кәыҵниа.

"Аҟәатәи СИЗО аҟны лассы-лассы иҭаку иргәамԥхақәо ртәы цәырыргалоит. Аиҳаракгьы арҭ ақәгыларақәа мзызны ироуа СИЗО анапхгара рхымҩаԥгашьоуп", — иҳәеит адукат.

Кәыҵниа иажәақәа рыла уажәазы иҭакыз аҿагыларатә акциахь икылызгаз рзинқәа еилагоуп ҳәа иахьырыԥхьаӡаз ауп.

"Араҟа иҟоуп ауаа иаарласны амедицинатә гәаҭара, ацхыраара зҭахны иҟоу иара убасгьы зыԥсихика уашәшәыроу. Урҭ аԥсихиатар иабжьагарақәа рҭахны иҟоуп. Ус шакәугьы СИЗО анапхгара арҭ зегьы ирызхьаԥшуам", ҳәа азгәеиҭеит Кәыҵниа.

Иара иазгәеиҭеит Аԥсны Адукатцәа рпалата изныкымкәа ари аҭагылазаашьа ишазааҭгылахьаз, аха иҟоу шыҟоу ада еиҭакра шамоуз.

2015 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Драндатәи СИЗО аҟынгьы аҭыԥ аман амассатә акциатә ҿагылара. Усҟан иҟалаз зыхҟьаз иҭакыз, аҭакра зқәу ззин имам амаҭәарқәа ахьрыдырбалази иахьрымырхызи ауп.

Ажәабжьқәа зегьы
0