Гогәуа: Омар Беигәаа ихьӡ, илша, иџьабаа, еизҳауа аҿар ирдыруазароуп

© Foto / Сырма АшәԥҳаОмар Беигәаа
Омар Беигәаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сынтәа 115 шықәса ҵуеит еицырдыруа аҵарауаҩ, апоет, ауаажәларратә усзуҩ, "Ахьӡ-аԥша" актәи аҩаӡара занашьоу Омар Баирам-иԥа Беигәаа диижьҭеи.

АҞӘА, жәабран 8 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Убри инамаданы, ҳҳәынҭқарраҿы иаԥҵоуп Омар Беигәаа игәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа реиҿкааразы, Аԥсны аԥыза-министр Артур Амқәаб напхгара зиҭо акомиссиа. Акомиссиа алахәылацәа ируаӡәкыуп "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сонер Гогәуа, иара убасгьы афонд аҟны иаԥҵоу аԥсуаразы ахеилак анапхгаҩы, аиҭагаҩ Оқтаи Ҷқотуа.

"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" аҿы аиԥылара мҩаԥысит

Ԥхынгәы 1, 1901шықәсазы Ҭырқәтәыла, Ефҭениа ақыҭаҿы диит Омар Баирам-иԥа Беигәаа. Иаб Баирами иан Мкыд Шамԥҳаи, амшын нырцә зыԥсы еиқәхаз аԥсуаа ирылашәеит. Издыруадаз усҟан Ҭырқәтәылаҟа ихырҵәаз аԥсуаа дышрылиаауаз, заԥхьаҟа ишарԥыеҵәаны иҩаҵхахаз, зыхьӡ нагахаз ауаҩы лаша аҵарауаҩ ду-Омар Беигәаа.

Иаԥҵамҭа дуқәа рзы аҵарауаҩ иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь ианашьан Аԥсны Аҳәынҭқарра иреиҳаӡоу аҳамҭа — "Ахьӡ-Аԥша" аорден акти аҩаӡара. 

Иара убас, Аҟәа амҩадуқәа руакы ихьӡ ахҵан. Октиабр 3, 2013 шықәсазы иаартын "Омар Беигәаа ихьӡ зху аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуаа рҭоурых амузеи". Уи еиднакылоит XV-XXI ашәышықәсқәа ирыҵаркуа аҳәаанырцәтәи аԥсуаа рҭоурых. Амузеиаҿ хазы еиҿкаауп аҵарауаҩ Омар Беигәаа иуада. Ара ицәыргақәҵоуп аҵарауаҩ инапы иҵихыз аусумҭақәа.

"Ашықәс рацәа шҳабжьоугьы, Омар Беигәаа хаҭала дыздыруан, ҩынтә-хынтәгьы иҩны снеихьан. Дырмит Гәлиа аԥсуа литератураҿы иаанаикыло аҭыԥ ахаҭаԥсаҭоуп Омар Беигәаа, адиаспора рҿы ҭыԥс иааникыло. Ҳара ҳбызшәа, ҳҭоурых, ҳмифологиа уҳәа, хьаас  ишьҭыхны, нап рыдкыланы, ааԥсарак ҟамҵакәа аус рыдулара даҿын. Омар Беигәаа иусумҭақәа роуп ҳдиаспораҿы ҳара ҳмилаҭ хдырра еиқәзырхаз. Ҳажәлараи, ҳбызшәеи ижәытәӡатәиу аҭоурых ҵаула шрымоу, иара илоуп ишеилаҳкааз. Сара абыржәгьы бзиа ибаны срыԥхьоит иҩымҭақәа, исарҳәогьы даара ирацәоуп", ҳәа азгәеиҭеит Оқтаи Ҷкотуа. 

"Аԥсуареи аԥсшәеи бзиа збоз, уи иацназгоз агәыбылра ду злаз уаҩ дуун Омар Беигәаа. "Адунеи ажәытәӡатәи аҭоурых ҭуҵаар уҭахызар, археологиа аасҭа, абызшәоуп ухы иаурхәаша. Аԥсуа бызшәа аус адуулацыԥхьаӡа, есааира аартра ҿыцқәа узцәырҵуеит, ижәытәӡатәиу абызшәақәа ишыруаку иара ахаҭа иунарбоит", — иҳәалон Омар Беигәаа. 

"Омар Беигәаа, иаҳҳәарц ҳалшоит наунагӡа иԥсы ҭоуп ҳәа. Избанзар, иҩымҭа ссирқәа ҳрыԥхьоит, иара иабжьгарақәа иахьагьы ҳамҩа дырлашоит", — ҳәа азгәеиҭоит  Оқтаи Ҷкотуа. 

"Иаҳҳәарц ҳалшоит, Омар Беигәаа,  аԥсуа жәлар рзы нцәахәык диҩызан ҳәа. Аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуааи, аҭоурыхтә ԥсадгьыли цҳас дрыбжьан. Иара дышқәыԥшыз инаркны, аԥсуара аҭҵаара иҽазикит. 1975 шықәса, жьҭаарамзазы, раԥхьаӡакәны Ҭырқәтәылантә гәыԥҩык аԥсуаа рҽааибаркны рыԥсадгьыл рбарц Аԥсны иазаап. Убри агәыԥ  еицыз дрылан Омар Беигәаа. Знык забдуцәа рџьынџь зшьапы ықәзыргылаз, лабҿаба зыԥсадгьыл алакҭа иҭаԥшыз Омар Беигәаа, анаҩстәи иԥсҭазаара, минуҭкгьы уи аӡбахә мҳәакәа, инапы иҵымхкәа имҩамсит. Аҵарауаҩ ду ҳажәлар рҭоурых уасхырс иазышьҭеиҵеит аҩымҭа лыԥшаахқәа. Хымԥада, Омар Беигәаа ихьӡ, илша, иџьабаа, еизҳауа аҿар ирдыруазароуп. Игәалашәара ахааназы хашҭра ақәлом ҳара ҳзы", — иҳәеит "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сонер Гогәуа.  

Аҳәаанырцә инанагаз аԥсуаа атәым дгьылаҿ рхаҿра еиқәдырхарцаз, илашарбагоу цәымзак рзазыркуаз Омар Беигәаа, Аԥсни, аԥсуа жәлари, ҳҳәынҭқарреи рҟны, илшамҭа ду шьарда ирацәоуп. 


Ажәабжьқәа зегьы
0