Агәмаа: Амиран Ҭаниа иҟамзаара атеатртә ԥсҭазаара ианыԥшуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСофа Агәмаа
Софа Агәмаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны АССР зҽаԥсазтәыз артист, адраматә театр актиор Амиран Ҭаниа иахьа иԥсы ҭаны иҩызцәа дрылагылазар ихыҵуан 81 шықәса.

АҞӘА, жәабран 10 — Sputnik, Рада Ажьиба. Амиран Ҭаниа — уаҩык, ҩызак, коллегак иаҳасабла дуаҩы ҳаракын. Иактиортә ҟазара шаҟа иҳаракыз аҟара, иуаҩрагьы убас иҭбаан. Амиран изыҳәан егьа уҳәаргьы имаҷуп, — ҳәа дылгәалалыршәоит акыр шықәса инеиԥынкыланы аус ицызуаз иколлега Аԥсны жәлар рартистка Софа Агәмаа.

"Иара ԥсабарала илаз аҟазара рацәан, арепетициақәа раан, асценаҟны еснагь иџьоушьаша ҿыцрак ааирԥшуан. Иара иҟазара амҽхак ҭбаан, ишьахәны инаигӡон акомедиатәи, атрагедиатә, алирикатә жанрқәа рыла иқәдыргылоз аспектакльқәа рҟны ирольқәа. Амиран Ҭаниа атеатри акинои рақтиорра адагьы, иара ҟаимаҭла дшәаҳәон дкәашон, ибзиаӡаны идыруан аҧсуа музыка-ахореографиатә фольклор. Партниорк иаҳасабла дманшәалан, дымҩақәҵагаҩын", — ҳәа азгәалҭеит лара.

Амиран иҟамзаара ҳабжаны ҳҟанаҵоит, дҳагуп цәгьала, ақәҿиара ҳамазаргьы, уамак иҳақәымҿиарагьы — ихьыӡ иадаҳҳәылоит. Иҟамзаара атеатртә ԥсҭазаара ӷәӷәала ианыԥшуеит, ҳәа ацылҵеит уи.

"Иахьа, илымкаа иаҳбо атеатр аихьӡарақәеи абзиарақәеи схы ахызбаауеит. Избан акәзар, атеатр азҵаара игәы ишыҵхоз инарцәы мҩа дықәлеит, абри даара ихьааны иҳацуп иҩызцәа" — лҳәеит Жәлар рартистка.

Амиран Ҭаниа дреиоуп атеатр "Чарирама" аԥҵаҩцәа. Аҧсуа азанааҭтә театр аҟазара аҿиараҿы ирацәоуп илагала. Иҧсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа раан Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҿы астудентцәа ақтиортә ҟазара алеқциақәа дырзаҧхьон, итеатр гәакьа азы ақтиорцәа азыҟаиҵон.

"Амиран Владимир-иԥа рҵаҩык иаҳасабла аԥышәа ду имамзаргьы, иуаҩреи, игәыразреи, иактиортә ҟазара аҳаракыреи ирыбзоураны даара дыԥханы ҳгәаҵаҿ даанхеит истудентцәа. Ииҿаҳҵааз даараӡа ирацәоуп", — ҳәа иҳәеит аҿартә театр аиҳабы Аслан Еныкь.

Аԥсны АССР зҽаԥсазтәыз артист, адраматә театр актиор Амиран Ҭаниа ирҿиаратә мҩаҿы инаигӡеит хкы рацәала арольқәа. Актиор иаҳасабала ахәаԥшцәа дырдыруеит "Белый башлык", "Сувенир", "Зимний вечер в Гаграх" афильмқәа рыҟны инаигӡаз арольқәа рыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0