Анаукатә-практикатә конференциаҟны аԥсуа школхәыҷқәа аԥхьахәқәа ргеит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАконференциаҟны аԥсуа школхәыҷқәа аԥхьахәқәа ргеит
Аконференциаҟны аԥсуа школхәыҷқәа аԥхьахәқәа ргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москва имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи анаукатә-практикатә конференциаҟны аԥсуа школхәыҷқәа аԥхьахәтә ҭыԥқәа ирыԥсахеит.

ГАГРА, мшаԥымза 7 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагратәи алицеи-интернати Аҟәатәи актәии афбатәии абжьаратә школқәа рҵаҩцәа аԥхьахәқәа ргеит Москва имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи анаукатә-практикатә конференциаҟны.

Ҵыԥхтәи ашықәс азгьы, Гагратәи алицеи-интернат ааӡамҭацәа ааԥхьара рыман ари аусмҩаԥгатә ахь. Аха усҟан дара асасцәа раҳасабала ицеит.

Сынтәа, жәларбжьаратәи анаукатә-практикатә конференциа аиҿкааҩ Елена Давыдова-Мартынова иҟалҵаз ааԥхьарала уи рҽаладырхәит Гагратәи алицеи-интернат ааӡамҭацәа Леон Џьынџьолиа, Леон Пасаниа, Барас Ҟәыџба, Дауҭ Қаԥшь, Рашид Ҳашыг, иара убас Аҟәатәи абжьаратә школ №1 аҵаҩы Милана Харчылааи Аҟәатәи абжьаратә школ №6 аҵаҩы Беслан Аршбеи.

Гагратәи агәыԥ напгара аиҭон алицеи-интернат арҵаҩы Альберт Тухтаров, Аҟәатәи агәыԥ — Аԥсны аҵареи аҵарадырреи рминистрра аусзуҩ Ада Ануа.

"Ҵыԥхтәи ашықәс азы, ҳааӡамҭацәеи ҳареи ари анаукатә-практикатә конференциа ҳҽалаҳархәит асасцәа раҳасаб ала. Усҟан ҳазыӡыҩрит адунеи атәылақәа жәпакы рҟнытә инеиз ашколхәыҷқәа еиуеиԥшым анаукатә хырхарҭақәа рҟны иҟарҵаз ажәахәқәа, иаҳбеит апрактикаҟны иаадырԥшуаз адырра ҳаракқәа. Ҳаргьы иҳаӡбеит, сынтәа ааԥхьара ҳаур, аӡәгьы ҳиҵамхақәа алҵшәа бзиақәа шааҳарԥшуа. Ус иагьыҟалеит. Хҩык аԥсуа хәыҷқәа, жәларбжьаратәи анаукатә-практикатә конференциаҟны аԥхьахәтә ҭыԥқәа ирыԥсахеит", — иҳәеит Гагратәи агәыԥ аиҳабы Альберт Тухтаров.

Гагратәи алицеи-интернат ажәабатәи акласс аҵаҩы Леон Џьынџьолиа иааникылеит аҩбатәи аҭыԥ. Иара ихьчеит афизиказы "Абжьы аинформациа адкылараҿы" захьӡыз атема.

"Сара аҭҵааратә ажәахә сҽаназыҟасҵоз еилыскааз даара ирацәоуп. Иалысхыз атема акәзар аинтерс ду аҵоуп. Анаукатә-практикатә конференциаҟны идеилсыркааит абжьы децибелла ишазгәарҭо. Абжьы аҩаӡара ҳаракызар, уи ауаҩы илогикатә хәыцра ланарҟәуеит иара убас иусуралшара. Абжьы 60 децибел еиҳахар, ауаҩы дианагар алшоит адагәахарахь", — ҳәа иааркьаҿны итема далацәажәеит аҵаҩы.

Хана Гәынԥҳа - Sputnik Аҧсны
Гәынԥҳа: Сыԥсҭазаара рҵаҩыс дамоуп сан

Алицеи-интернат ааӡамҭа, ажәеизатәи акласс аҵаҩы Леон Пасаниа аекологиа атемала ихьчеит "Аӡқәа анефть аалыҵқәа рҟнытә арыцқьара" захьӡыз ажәахә. Уи алагьы даԥсахеит ахԥатәи аҭыԥ.

"Сара сыҭҵаараҿы схы иасырхәеит Амшениқәа аӡы. Еизаз идсырбеит ахимиатә маҭәашьарқәа рыда, ԥсабарала анефть аҟнытә аӡы урыцқьар шыҟало. Уи аҿы ахархәара асҭеит апальма хәыци амандарина ацәа рҩани. Анефть аԥсабаратә маҭәашьарқәа ирылачын, аӡы цқьахеит", — ҳәа иҭҵаараҟнытә аҿырԥштәқәа ааигеит алицеи-интернат ааӡамҭа.

Аҟәатәи абжьаратә школ №6, ажәеизатәи акласс аҵаҩы Беслан Аршба иааникылеит аҩбатәи аҭыԥ. Иара аҭоурых атемала иихьчаз ажәахә иахьӡын "Абџьар ҟаҵаҩцәа рҟазареи. Аԥсны бџьарла аибыҭара аҭурыхи".

"Сара сыҭҵаара азкын аԥсуа бџьарқәа хԥа: алабашьеи, аԥсуа ҳәызбеи, аҟамеи. Алабашьа ажәытә уаа рхы иадырхәоз раԥхьатәи бџьаруп. Иахьа уи ахархәара арҭоит ашәарыцацәеи арахә хьчацәеи. Аԥсуа ҳәызба иаман ахатәы ҷыдара. Иахьхәаз иабзоураны иманшәалан аибашьраҿы. Аҟама акәзар, раԥхьаӡа ианцәырҵ, аҳәызба еиԥшын, анаҩс аамҭақәа цацыԥхьаӡа ауреи аҭбаареи ирыцлеит. Аԥсуаа аҟама ахаҭабзиара гәарҭон аихатәы даҷ иасны. Уи ахҵәараан аҟама аҿы кьыс маиур – убасҟан акәын ахә ҳаракны ианыршьоз", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит зтема иазааҭгылаз аҵаҩы.

Ашколхәыҷқәа иҭабуп ҳәа рарҳәеит рыҭҵаарақәа рҿы ацхыраара рызҭаз арҵаҩцәа Ергин Шахини, Анатоли Дософи, Карина Ҭыжәбеи.

Жәларбжьаратәи анаукатә практикатә конференциаҟны аԥсуа школхәыҷқәа ирылшаз рацәоуп. Уи анаҩсгьы дара рҩызцәа ирҿырҵаазгьы ҟалеит.

"Ҳара ҳхәыҷқәа ас еиԥш аҩаӡара ҳаракы змаз аконференциа иалахәын раԥхьаӡа акәны. Дара рнапы иҵҵыз аусумҭақәа аинтерес рызцәырнагеит егьырҭ атәылақәа рхаҭарнакцәа, убас дара русумҭақәагьы ҳара агәахәара ҳнаҭеит. Жәларбжьаратәи анаукатә-практикатә конференциа иалҵшәахеит ашколхәыҷқәа рдунеихәаԥшышьа арҭбаара, ҳара арҵаҩцәа ҳакәзаргьы аԥышәа еимаҳдеит", — ҳәа азгәалҭеит Аҟәатәи ашколхәыҷқәа ргәыԥ аиҳабы Ада Ануа.

Аԥхьахәқәа згаз ашколхәыҷқәа иранашьан агәаларшәагатә ҳамҭақәа.

Жәларбжьаратәи анаукатә-практикатә конференциа иалахәыз аԥсуа хәыҷқәа иазгәарҭеит, ҳаԥхьаҟагьы хымԥада рхы шаладырхәуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0