"Адауаԥшьқәа" рыхәмарра

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны еизгоу амҵәышәмпыл азы аҭыԥҳацәа ркоманда азыҟаҵаҩ Николаи Гушьчини икоманда алахәылацәеи
Аԥсны еизгоу амҵәышәмпыл азы аҭыԥҳацәа ркоманда азыҟаҵаҩ Николаи Гушьчини икоманда алахәылацәеи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны еизгоу амҵәышәмпыл азы аҭыԥҳацәа ркоманда азыҟаҵаҩ Николаи Гушьчин ҳкорреспондент илзеиҭеиҳәеит ареспубликаҟны амҵәыәшымпыл аҿиара атәы.

Sputnik, Инна Џьениаԥҳа.

Ааԥын, 1995 шықәса рзы Николаи аҵара ицызҵоз иҩыза амҵәыәшымпыл азы аиндаҭларахь днеиԥхьеит.

"Аиндаҭлара иахәаԥшуан акласс абжеиҳара. Урҭ рахьтә хҩык заҵәык роуп ҳазхәаԥшыз ашьҭахь асекциахь зҽанызымҵаз, — иҳәоит Николаи – сара уажәгьы "Аҟәа-Аԥсны" аҟны сыхәмаруеит".

20 шықәса ҵуеит Николаи Гушьчин иԥсҭазаара амҵәышәымпыл иадҳәалоижьҭеи, аҵыхәтәантәи 13 шықәса аҭыԥҳацәа ркоманда азыҟаҵаҩыс дыҟоуп.

Раԥхьатәи зыҟаҵаҩцәас Николаи иман Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Станислав Сушьченкои иара иԥа СССР аспорт азҟаза, Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Сергеии.

© Sputnik / Томас ТхайцукИгра команд "Спарта" и "Агудзера"
Игра команд Спарта и Агудзера - Sputnik Аҧсны
Игра команд "Спарта" и "Агудзера"

Нас Гушьчин диасуеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Александр Седов иахь, нас деиҭахынҳәуеит аби аԥеи рахь. Иара ихаҭа акоманда азыҟаиҵо даналага ирҵара аметодикеи атехникеи зҿиҵаауаз Владимир Ҳашба иоуп.

Николаи ишеиҭеиҳәо ала азыҟаҵаҩ Александр Седов имшалоуп 1996 шықәса рзы Аԥснытәи акоманда раԥхьаӡа акәны Шәачаҟа аиндаҭларақәа рылахәразы изцаз.

"Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы алшарақәа ҳамамызт џьара ҳцартәеиԥш. Ҳԥышәагьы акыр имаҷын. Ахәмарраҟны аԥышәа иаҵанакуа рацәоуп. Аспортсмен данеиндаҭло ауп иҟазара ианазҳауа", ҳәа иԥхьаӡоит Николаи.

Гушьчин иажәақәа рыла насшәа, Урыстәылантәи еилаӡарыла азыҟаҵаҩцәа аарыԥхьо иалагеит.

"2006 шықәса рзы дааԥхьан СССР аспорт амастер Евгени Таран. Уи иҿаҳҵааз, иаҳирҵаз даара ирацәоуп", игәалаиршәоит Гушьчин.

Хәажәкыра 31 инаркны мшаԥымза 4 рҟынӡа уи ашықәс азы Ҭырқәтәылаҟа ҳцеит. Аԥсуа диаспора ацхыраарала аԥылара бзиа ҳаман. Ахәмарраҟны ҳаиҭахеит ҳазцыхәмаруази ҳареи иҳәоит иара.

Азыҟаҵаратә усура аганахьала Николаи иажәақәа рыла икомандақәа ҩба еиҳа-еиҳа алшарақәа роуа иалагеит ареспублика анҭыҵҟа ацаразы, атурнирқәа рымҩаԥгаразы. Аспортсменцәа қәыԥшцәа Шәача, Туапсе, Краснодар, Ставрополь ицахьеит.

Николаи инапаҵаҟа иҟоу аспортсменкацәа ихәыҷқәак реиԥш ауп дышрызныҟәо.

"Сара слеишәагьы ӷәӷәоуп: аспортсмен ачипсқәа ифозар, акола ижәуазар ма урҭ реиԥш иумыхәо џьара ак ифозар, урҭ имаха-шьаха ишазеицәо, испорттә лҵшәақәа ишырԥырхаго дырны рзин исҭом", — иҳәоит Николаи Гурам-иԥа.

Сара схаҭагьы зны сазыҟазҵоз сырҵаҩы сиазҵаауеит – аусураҟны зегь раасҭа ихадои ҳәа?

"Сара схы-сыԥсы зегьы сус иазыскуеит. Исылшо ҟасҵоит ирызназго рыдыркыларц азы", — иҳәоит Гушьчин.

Николаи иажәақәа рыла иахьазы аҭыԥҳацәа ркомандақәа рахьтә реиҳа иӷәӷәоу азыҟаҵаҩцәа Владимир Ҳашбеи Владимир Минчукови напхгара зырҭо ақәыԥшцәа рыспорттә школ ааӡамҭацәа ркомандоуп.

Иахьазы Аԥсны аҿар рзы иаԥҵоуп аҭагылазаашьа маншәалақәа.

"Фбаҟа шықәса раԥхьа амҵәышәымпыл аҳаҭыр ҳарак аман. Уажәы афинанстә ҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны ахәмаррақәа еиҳа имаҷны имҩаԥаагоит", — иҳәоит азыҟаҵаҩ.

Иара иазгәеиҭоит Сергеи Сушьченко ицхыраарала ҵыԥх, Аԥсны аҭыԥҳацәа ркоманда раԥхьаӡа акәны Краснодар имҩаԥысуаз аиндаҭлара иалахәхеит. Ахԥатәи аҭыԥ ааныркылеит.

Сара аҭыԥҳацәа сразҵаауеит, абри аспорт ахкы алкааны изалышәхызеи ҳәа.

"Сабду лассы-лассы амҵәышәымпыл иахьыхәмаруаз сигалон. Ҳаицыхәмаруан. Класск аҟны исыцтәаз аӡӷабцәа амҵәышәымпыл асекциахь рыҽшанырҵаз ансаҳа, саргьы сҽанысҵеит", — лҳәоит акоманда "Спарта" ахәмарыҩ Надиа Ҵикәтаниа.

© Sputnik / Томас ТхайцукСибель Ардзынба.
Сибель Ардзынба.  - Sputnik Аҧсны
Сибель Ардзынба.

Сибель Арӡынԥҳа лзы амҵәышәымпыл бзиа илбо аамҭамҩаԥгагоуп.

"Амҵәышәымпыл сара даара бзиа избоит. Иара ирласны ахәыцра уднаҵоит. Даара исгәаԥхоит", — лҳәоит Сибель Арӡынԥҳа.

Азыҟаҵаҩ хада имоу аидеиақәеи апланқәеи ртәы даҳзалацәажәеит.

"Ҳара иаҳхықәкы хаданы иҟоу – амилаҭтә мҵәышәымпыл арҿиароуп. Адунеи аҟны иара иамоу аҿиара аԥышәа рымаадалароуп. Афинансқәа рганахьала аспонсарцәа рыцхыраара ҳазыԥшуп", — иҳәеит Гушьчин.

Аԥхьахә храҿақәа ахьықәгылоу астенд сахәаԥшуа сара сҵааит иара азыҟаҵаҩ иаԥхьахәқәа абаҟоу ҳәа.

"Сара схатәы ԥхьахәқәа аҩны исымоуп. Иаҭаххар арахьгьы иаазгашт", — иҳәоит Гушьчин дԥышәырччо.

Ажәабжьқәа зегьы
0