Адепутат имашьына харантәи иԥыржәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАвтомашьына аԥжәара.
Автомашьына аԥжәара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара имҩаԥнагоит иааинырсланы иааԥхьоу аилатәара, адепутат Алмас Џьапуа иавтомашьына ахьԥыржәаз инамаданы

АҞӘА, мшаԥымза 18 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аԥсны Жәлар Реизара имҩаԥнагоит иааинырсланы иааԥхьоу аилатәара, адепутат Алмас Џьапуа иавтомашьына ахьԥыржәаз инамаданы. Автомашьына харантәи иԥжәоуп, иҳәеит Аԥсны Апрокурор хада Алеқсеи Ломиа.

"Имҩаԥгоу аҭҵаарақәа рылкаақәа рыла ишьақәыргылоуп амашьына арԥжәага аус шаруз харантәи. Абри атәы шьақәнарӷәӷәоит аҭыԥ аҟны иԥшаау абатареика", — иҳәеит Ломиа.

Иара ишазгәеиҭаз ала арԥжәага амашьына асалон аҩныҵҟа иҭан, аԥхьатәии ашьҭахьтәии атәарҭақәа рыбжьара.

Аҟәа ақалақь Апрокуратура ихацнаркит ашьаус, "атерроризм" ахәҭаҷ ала. Ломиа игәаанагарала аумҭа Алмас Џьапуа иусура иадҳәалоуп.

Мшаԥымза 16 асааҭ 18:21рзы, сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҟны иԥжәеит Жәлар реизара адепутат Алмас Џьапуа имаҵзуратә автомашьына. Аԥжәара аламҭалаз Џьапуа амашьына дҭыҵхьан.

Аԥжәара иахҟьаз ахәрақәа лоуит ааигәа ииасуаз Лиудмила Цалова. Ааигәа игылаз автомашьынақәагьы аахақәа роуит.

Аусурақәа мҩаԥысуеит аумҭа ҟазҵаз рышьақәыргыларази раанкыларази.

Ажәабжьқәа зегьы
0