Ацҳатә конструкциақәа рыхәқәа еиҵахоит

© Sputnik Роберт Джопуа"Аԥсныргылара" аҳәынҭеилакы адиректор Игорь Казанба.
Аԥсныргылара аҳәынҭеилакы адиректор Игорь Казанба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭеилакы "Аԥсныргылареи" краснодартәи азауади ирыбжьарҵеит аиқәшаҳаҭра ацҳақәа рзы аметаллтә формақәа рыҭиреи-раахәареи азы. Абри атәы ҳаиҳәеит аҳәынҭеилакы адиректор Игорь Казанба.

АҞӘА, мшаԥымза 18 — Sputnik, Бадри Есиава. Аҳәынҭеилакы "Аԥсныргылареи" краснодартәи азауади ирыбжьарҵеит аиқәшаҳаҭра ацҳақәа рзы аметаллтә формақәа рыҭиреи-раахәареи азы. Абри атәы ҳаиҳәеит аҳәынҭеилакы адиректор Игорь Казанба. Уаанӡа балкак миллион мааҭ ҳәа акәзар ишааҳхәоз, уажәы – ҩышә нызқьмааҭ роуп иахҭнаҳҵо, иҳәеит аҳәынҭеилакы адиректор Игорь Казанба.

Иара иажәақәа рыла ацҳатә балкақәа рформақәа раахәареи раагареи ԥшь-милллион мааҭ рҟынӡа итәоит.

"Аихабетонтә конструкциақәа рҭыжьра ҳалагоит Бзыԥтәи азауад аҟны, мызкы ашьҭахь. Азауад иахәҭаны иҟоу амыругақәа рыла еиқәыршәоуп, иамоуп ҳаамҭазтәи атехникатә мыруга. Иара аалыҵ ахархәара аман Шәачатәи аолимпиада аангьы", — иҳәеит Казанба.

Бзыԥтәи азауад алшарақәа рыла иалшоит мчыбжьык ахь знык балкак азырхиара.

Азауад аусуҩцәа урыстәылатәи азанаҭуаа рнапхгарала рԥышәа аизырҳара иаҿуп. Ԥхьаҟазы ҳара иҳауеит алшара ҳаалыҵ Урыстәылаҟагьы експорт ҳасабла ашьҭра, иҳәеит Казанба.

Ажәабжьқәа зегьы
0