Џьапуа: еиҭамҵуа амал аҭира иахьазы Аԥсны азыхиам

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны жәлар реизыра адепутат Алмас Џьапуа иҭархаразы аус ақәыӡбараз имҩаԥган амитинг
Аԥсны жәлар реизыра адепутат Алмас Џьапуа иҭархаразы аус ақәыӡбараз имҩаԥган амитинг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизыра адепутат Алмас Џьапуа иҭархаразы аус ақәыӡбараз имҩаԥган аизыразразы акциа Аҟәа, мшаԥымза 18 аҽны.

АҞӘА, мшаԥымза 18 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Иахьа, ҳаизызгаз аус зегьы ибзианы ижәдыруеит, уи угәы иаамыхәратә иҟоуп, ҳәа иҳәеит Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Алмас Џьапуа иҭархаразы аус ақәыӡбараз имҩаԥгаз аизыразразы акциа аартуа аполитикатә партиа "Аинар" ахаҭарнак Гьаргь Габуниа.

"Иҟалаз ахҭыс агәҭынчымра ҳазцәырнагоит, зегьы ижәдыруеит Жәлар Реизара адепутат Алмас Џьапуа иҭархаразы иҟаҵаз аҽазышәара, ари зызкыз адепутат имацара иакәӡам, ари зызку аԥсуа жәлар зегьы ҳауп, ҳҳәынҭқарра ауп. Агәра ганы ҳаҟоуп, абасала ажәлар рыршәара акгьы шалымҵуа, ас азҵаарақәа рыӡбара шыҟамло", — иҳәеит Габуниа.

Жәлар Реизара адепутат Алмас Џьапуа дзыхдырҟьаз ҳәа агәаанагарақәа рацәоуп, аха ихадаратәу акакәны ирыԥхьаӡоит, иара имоу еиҭамҵуа амал аҭиразы игәаанагара.

"Иҟалаз ахҭыс сара хаҭала акгьы иадысҳәалом, уи аус аилыргара знапы иану амчрақәа роуп. Сколлегацәеи сареи ҳаиқәшәараҿ исҳәеит, ауаҭахқәеи еиҭамҵуа амали аҭира ҳҳәынҭқарразы ихлымӡааххоит, уи ҟалашьа зқәым ауп иахьазы", — иҳәеит Џьапуа.

"Адунеи аӡеибафара ҳалсны, иахьа ахьыԥшымра анҳамоу, ас ҳанмаҷу ҳаидгылароуп. Шьоукы ирҭахуп ҳадгьыл ҳамырхырц имеибашьӡакәа, убри ауп изызку ауадақәа рыҭира азҵаара, иара убри азынгьы ауп ари атерактгьы зыҟалаз. Хаҭала дырцәымаӷны акәӡам Алмас Џьапуа, ирҭахымызт иара ари азҵаара дахьаҿагылоу. Хҳәынҭқарра иаԥырхагоу азҵаарақәа рыҟны ҳаидымгылар иҳазгәамҭаӡакәа аԥсуааа ҳаҟаӡамкәа ҳцоит", — ҳәа иҳәеит аизыразразы акциа алахәыла Иура Кәҵниа.

Аԥсны Жәлар Реизыра адепутат Алмас Џьапуа иҭархаразы аус ақәыӡбараз аизыразразы акциа аҟны иқәгылеит арҿиаратә интеллигенциеи, аибашьра аветеранцәеи, еиуеиԥшым аполитикатәи ауаажәларратәи ахеилакқәа рхаҭарнакцәеи.

Аизыразразы акциа хырқәшо алахәылацәа ирыдыркылеит ақәҵара, Аԥсны Жәлар Реизарахь ааԥхьара.

Мшаԥымза 16 асааҭ 18:21рзы, сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҟны иԥжәеит Жәлар реизара адепутат Алмас Џьапуа имаҵзуратә автомашьына. Аԥжәара аламҭалаз Џьапуа амашьына дҭыҵхьан. Аусурақәа мҩаԥысуеит аумҭа ҟазҵаз рышьақәыргыларази раанкыларази.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0