Кобахьиа: Аԥсны аҭоурых-культуратә ҭынха адунеи ҳаднардыруеит

© Sputnik Томас ТхайцукВилла Алоизи. Реконструкция
Вилла Алоизи. Реконструкция - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеитә ҭынха Амш мамзаргьы аҭоурыхтә ҭыԥқәеи абаҟақәеи Рымш азгәарҭоит адунеи зегь аҟны мшаԥымза 18 рзы. Иара азырхоуп ауаажәларра адунеитә культуратә ҭынха аиқәырхареи ахьчареи рызҵаара азхьарԥшра.

АҞӘА, мшаԥымза 18 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Адунеитә ҭынха Амш мамзаргьы аҭоурыхтә ҭыԥқәеи абаҟақәеи Рымш азгәарҭоит адунеи зегь аҟны мшаԥымза 18 рзы. Иара азырхоуп ауаажәларра адунеитә культуратә ҭынха аиқәырхареи ахьчареи рызҵаара азхьарԥшра. Аԥсны аҭоурых-культуратә ҭынха адунеи ҳаднардыруеит иҳәеит абрифинг аҟны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа.

"Ари адырра ҟанаҵоит ҳара ишьақәгылаз ҳәынҭқарраны ҳшыҟоу, аҭоурых ду шҳамоу. Ҳара ҳҵакырадгьыл аҟны ауп ауаҩытәыҩса иҿиара аетапқәа дахьырхысуаз", — иҳәеит Кобахьиа.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны акультуратә ҿиара аиԥымҟьара аманы ишыҟоу.

"Егьырҭ ацивилизациақәа еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иаԥырҵоз зегьы Аԥсны акультуратә ҭынха иаҟәырҷахоуп. Урҭ иныҭкааны иаадырԥшуеит ҳара ажәытәан ҳзеиԥшраз, иҳанхашьаз", — иҳәеит иара.

Кобахьиа иажәақәа рыла Акультура аминистрреи абаҟақәа рыхьчаразы Аусбарҭеи Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы аминистрра ҳәа еидыркылеижьҭеи иҟаҵо акыр ирацәоуп.

Апрокуратура. - Sputnik Аҧсны
Апрокуратура хада ашьаус еиҭахацнаркуеит

Арахь иаҵанакуеит иаку аҳәынҭқарратә реестр, Аԥсны аҭоурыхи акультуреи рбаҟақәа рсиа зныԥшуа аԥҵара. Иарахьы иҭагалоуп 1535 обиект.

"Ҳара аҵыхәтәантәи 40-шықәса рыла еизган иҟаз аматериал асистемаркра ҳалҳаршеит. Абри аан иҳәатәуп раԥхьатәи асиа шхациркыз еицырдыруа аҵарауаҩ Черниавски", ҳәа азгәеиҭеит иара.

Иара убасгьы дазааҭгылеит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аԥара шазоунажьуа аинвентаризациазы хықәкылатәи апрограмма.

"Ҳара ихьчатәу аҳәырԥсаррақәа алаҳкаауеит. Иахьазы иалкаауп аҳәаақәа шьақәыргыланы изҭоу 25 зона", — иҳәеит иара.

Адунеитә ҭынха Амш мамзаргьы аҭоурыхтә ҭыԥқәеи абаҟақәеи Рымш азгәарҭоит адунеи зегь аҟны мшаԥымза 18 рзы. Иара азырхоуп ауаажәларра адунеитә культуратә ҭынха аиқәырхареи ахьчареи рызҵаара азхьарԥшра. Иара аԥҵан 1983 шықәса рзы. Ныҳәамшк аҳасабала азгәаҭара иалагеит 1984 шықәса мшаԥымза 18 инаркны.

Ажәабжьқәа зегьы
0