Бганба: Шамба азакәан апроект шьҭахьҟа иргьыжьит

© Sputnik / Томас ТхайцукАпарламент адепутатцәа ирыӡбеит мшаԥымза 18 рзы изаамҭанытәим аилатәара мҩаԥырымгарц.
Апарламент адепутатцәа ирыӡбеит мшаԥымза 18 рзы изаамҭанытәим аилатәара мҩаԥырымгарц. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апарламент адепутатцәа ирыӡбеит мшаԥымза 18 рзы изаамҭанытәим аилатәара мҩаԥырымгарц, еиҭамҵуа анхараҭыԥқәа атәымтәылауаа раархәара иазку азҵаара аӡбразы.

АҞӘА, мшаԥымза 19 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Апарламент адепутатцәа ирыӡбеит мшаԥымза 18 рзы изаамҭанытәим аилатәара мҩаԥырымгарц, еиҭамҵуа анхараҭыԥқәа атәымтәылауаа раархәара иазку азҵаара аӡбразы. Жәлар Реизара аиҳабы Валери Бганба ишиҳәаз ала адепутат Сергеи Шамба абри азҵаара иазку азакәан апроект шьҭахьҟа иргьыжьит.

"Апроект алацәажәара аҟынтәи иқәгоуп", — иҳәеит Бганба.

Иара иажәақәа рыла адепутат Алмас Џьапуа иалеигалаз еиҭамҵуа анхараҭыԥқәа атәымтәылауаа раархәара иазку азҵааразы азакәанԥҵаратә актқәа раанкыларазы азакәан апроект атекст адепутатцәа зегьы аҭҵааразы ирмоуцт. Уаҵәы урҭ аматериалқәа адепутатцәа ирызшахоит иҳәеит Бганба.

Уаанӡа, Аҟәа имҩаԥысыз аизыразразы акциа иҟанаҵаз аҳәамҭа аҭакс Апарламент адепутатцәа рыбжьы рҭихьан ашәахьа, мшаԥымза 18 рзы еиҭамҵуа анхараҭыԥқәа атәымтәылауаа раархәара иазку азҵааразы азакәанԥҵаратә актқәа раанкыларазы азакәан апроект алацәажәара мап ацәкызарц.

Абри ашьҭахь Алмас Џьапуа еизаз рахь днеины аҳәамҭа ҟаиҵеит идепутаттә напынҵақәа шаанижьуа ала.

"Амаратори азҵаара ықәгылоуп, аха иҟоу аҭагылазаашьақәа инарыдҳәаланы сҩызцәа срыҳәеит иахьа абжьыҭира мҩаԥгазарц. Апарламент иаднакылеит аӡбра – асессиа иахьа имҩаԥгамзарц. Урҭ сара сыбжьы рмаҳаит", — иҳәеит Џьапуа.

Адепутат ишиҳәаз ала инапынҵақәа рааныжьразы арзаҳал 10-мш ҵуеит Апарламент аиҳабы иҟны ишьҭоижьҭеи. Бганба иажәақәа рыла адепутат инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭтәхоит уи азы адепутатцәа рыбжьы рҭир.

Валери Бганба иҳәеит, аԥшьаша имҩаԥысраны ишыҟоу Жәлар Реизара аилатәара.

Ажәабжьқәа зегьы
0