Денис Чачхалиа ишәҟә ҿыц аӡыргара мҩаԥысит

© SputnikДенис Чачхалиа ишәҟәы "Аԥснытәи ауахәамақәа реиҿартәышьа".
Денис Чачхалиа ишәҟәы Аԥснытәи ауахәамақәа реиҿартәышьа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Денис Чачхалиа ишәҟәы "Аԥснытәи абжьаратәи ашәышақәсақәа рызтәи ауахәамақәа реиҿартәышьа" захьӡу аӡыргара мҩаԥысит Аҟәа, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны мшаԥымза 27 рзы.

Аҟәа, мшаԥымза 27 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Иахьа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны Денис Чачхалиа ишәҟәы "Аԥснытәи абжьаратәи ашәышақәсақәа рызтәи ауахәамақәа реиҿартәышьа" захьӡу аӡыргара мҩаԥысит. Аӡыргара аартуа ААУ аректор Алеко Гәарамиа иҳәеит, ари ашәҟәы аԥсуа тоурых азы ишлагала дуу.

"Иахьа, иӡыраагоит Денис Чачхалиа иусумҭа ҿыц. Иара дыззаҭгыло атема ганрацәала иҭҵааны аԥхьаҩ иҟынӡа иааигеит. "Аԥснытәи абжьаратәи ашәышақәсақәа рызтәи ауахәамақәа реиҿартәышьа" захьӡу ашәҟәы аԥсуа ҭоурых знапы алаку, аҵара зҵо рзы ицхыраагӡа дууп", — ҳәа иҳәеит аректор.

Ари амонографиаҟны еиҿырԥшуп Аԥснытәи ауахәамақәеи Аланиеи, Урыстәылеи, Трапизундеи ауахәамақәа рархитектуратә еиҿартәышьа.

"Сусқәа зегьы нышьҭаҵаны напы асыркит ари ашәҟәы аиқәыршәара, хаҭала изныкымкәа имҩапызгахьан аҭҵаарақәа. Аџьабаа избаз акыр ирыхәап ҳәа сгәы иаанагоит аҭоурых иазҿлымҳау зегьы, хықәкыла ауахәамақәа ҭызҵаауа. Аԥсуа архитектура ажәа уамак ҳашьцыламзаргьы, иара Иури Воронов иусумҭақәа рыҟны дазааҭгылахьан. Аԥсуа архитектура ҭҵаатәуп ҳәа сазхәыцуан, убас сазааит ари ашәҟәы аҩра", — ҳәа иҳәеит ашәҟәы автор Денис Чачхалиа.

Иара иажәақәа рыла, ахархәара азиуан иара иаԥхьа аԥсуа архитектура ҭызҵаауаз русумҭақәа.

"Аҭоурыхтә баҟақәа аинвентаризациа аҟаҵара напы аҳаркит, убри аус аҟны даараӡа иҳахәоит иаҳнаалоит ари ашәҟәы. Ара иагәылагалоуп асхемақәа рацәаны, еидкыланы рыӡбахә ҳәоуп, хәҭа-хәҭала иазааҭгылоуп Пицундатәи, Лыхнытәи, Мықәтәи уҳәа ауахәамақәа", — ҳәа иҳәеит Аԥсны акультура аминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кәабахьиа.

Ашәҟәы иагәылагалоу аматериалқәа аидкыларазы автор дарҭааит Аԥсныи, Шәачеи, Ҟарачы-Черқьессктәи, Трабзоныи, Ҭырқәтәылеи рархитектуратә баҟақәа.

Денис Чачхалиа ашәҟәыҩҩы, апублицист ари амонографиаҟны  дааԥшуеит аҭоурыхҭҵааҩи аҟазарадырҩи иаҳасабала, далацәажәоит ақьырсиантә уахәамақәа рархитектура. 


Ажәабжьқәа зегьы
0