Аҿар ртеатр апремиератә спектакль "Амцҳәаҩ даҭахыуп" ықәдыргылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАҿар ртеатр апремиератә спектакль "Амцҳәаҩ даҭахыуп".
Аҿар ртеатр апремиератә спектакль Амцҳәаҩ даҭахыуп. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр апримиератә спектакль ықәдыргылеит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асценаҿы, иахьа, лаҵарамза хәба рзы.

АҞӘА, лаҵарамза 5 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр Димитрис Псафас иҩымҭа "Амцҳәаҩ даҭахыуп" ала аспектакль апремиера ықәдыргылеит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асценаҿы. Апремиера ахәаҧшразы атеатр ахыбрахь имҩахыҵит аҟазара абзиабаҩцәа маҷҩымкәа.

"Ари аспектакль уаанӡагьы аус адызулахьан, ахаԥшьгаратә театр аҟны иқәсыргылахьан, иара убас 15-16 шықәса раԥхьа Тҟәарчалтәи атеатр аҿы. Уажәы, Софа Агәмааԥҳа напхгара зылҭо аҿар ртеатр аҿы ақәыргылара сыдыргалеит. Ари апиеса гәыцәс иамоу атема аибырххара, амцҳәара, ахымҩаԥгашьа уажәтәи ҳаамҭа иақәшәо иҟоуп. Ҳархәыцып ҳәа ауп изықәҳаргылоугьы, ҳара ҳтәала даара иактуалтәуп, иаҳзааигәоуп", — иҳәеит аспектакль арежиссиор Шьалуа Гыцба.

Арежиссер иажәақәа рыла, атеатр актиорцәеи иареи русеицура алҵшәа бзиақәа аиуит.

"Ари аколлектив рылшарақәеи, рдыррақәеи, инарыгӡахьоу арольқәеи ртәы бзиаӡаны издыруеит, убри аҟнытә сымгәаҟӡеит арольқәа ршараҟны. Ҩымыз аҽазыҟаҵара ҳаҿын алҵшәа бзиақәа аиуит ҳәа сыҟоуп", — иҳәеит Гыцба.

Аспектакль арежиссиор иазгәеиҭеит, ақәыргылара ишалахәу жәеиза-ҩык актиорцәа, аҿар рнаҩсангьы аиҳабыратә биԥара иаҵанакуа актиорцәа шыҟоу. Ихадоу арольқәа нарыгӡеит: Алиас Аҩӡба, Аслан Анқәаб, Мадина Џьынџьалԥҳа.

"Ари аҩыза ароль анагӡаразы иансыдыргала, аиашазы, актиорра знапы алаку изы дзыргәырӷьаша акоуп, аха уи аамҭазгьы игәаӷьыуацәан. Иара аспектакль акомедиа ажанр ауп, аха ахаҿсахьа ӷәӷәоуп, аџьабаа адызбалазаргьы уи аарԥшра сылшеит ҳәа сгәы иаанагоит. Хымԥада, иара узырхәыцша хаҿсахьоуп", — ҳәа иҳәеит ароль хадақәа руак анагӡаҩ Аслан Анқәаб.

Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр аԥҵан 2014 шықәсазы. Атеатр аилазаараҿы ихәмаруа актиорцәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет "актиортә ҟазара" аҟәша аушьҭымҭацәа роуп, дара аус руан Софа Агәмааԥҳа напхгара зылҭоз атеатр "Аамҭа" аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0