"Аҵх амузеи аҟны" хыркәшахеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАкциа "Аҵх амузеи аҟны".
Акциа Аҵх амузеи аҟны. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ҩынтәны жәларбжьаратәи акциа "Аҵх амузеи аҟны" аҽаланархәуеит.

Акциа "Аҵх амузеи аҟны" аҳәаақәа ирҭагӡаны ахаша лаҵарамза 18 рзы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә музеи аҟны имҩаԥган ажәытәи абжьаратәшәышықәсақәеи рзал ҿыц аартра. Аартра далахәын ҳкорреспондент Владимир Бегунов.

Ареспублика амузеи хада анапхгара ауснагӡатәқәа рымшхәаԥштә аҟны иадырбеит: аԥсуаа рҟны ахәыҷы иира иадҳәалоу ақьабызқәа дырбара, аинтерактивтә хәыҷтәы милаҭтә хәмаррақәа рымҩаԥгара, авикторина, амастер-классқәа.

Атәыла Ахада Руаль Ҳаџьымба иааиртит аекспозициа ҿыц. Амузеи адиректор Аркадии Џьапуа еиҭеиҳәеит азал аиҭашьақәыргылара ашьҭахь ишырхиаз аха амузеи анапхгара абри амш азы аӡыргара мҩаԥыргарц шырҭаххаз.

Археологиа аҟәша аиҳабы Диана Ахԥҳа еиҭалҳәеит арҭ аекспозициақәа асовет аамҭақәа раан ишыҟаз, аха ақырҭуа-аԥсуа еибашьра ашьҭахь ишаркыз.

© Sputnik / Томас ТхайцукАкция ночь в Музее
Акция ночь в Музее - Sputnik Аҧсны
Акция ночь в Музее

"Аиҭашьақәыргылара 2012 шықәса рзы ихацҳаркит. Макьанагьы инагӡаҵәҟьаны инагӡам. Ҳара иаҳҭахуп араҟа лыхнытәи аԥсуа ҭауадцәа раҳҭынра амакет ақәыргылара. Уи адагьы аекспозициа еиҳа-еиҳа иацаҳҵалоит", — лҳәеит лара.

Ахԥҳа лажәақәа рыла аиҭашьақәыргылара иџьабаа адуп асахьаҭыхыҩ Беслан Лашәриа.

© Sputnik / Томас ТхайцукАкция ночь в Музее
Акция ночь в Музее - Sputnik Аҧсны
Акция ночь в Музее

Аҭааҩцәа амузеи азалқәа инарыҩныс-аарыҩнысуа ирбон. Фышықәса зхыҵуаз Нара Кәакәасқьырԥҳа илҳәеит 1992 шықәса рзы ақырҭцәа икарыжьыз аверталиот астенд лылаԥш шылзаҟәымгоз.

Жәшықәса зхыҵуаз Самир Гуниа игәаԥхеит апассаџьыртә ӷба "Абхазиа" амодель.

© Sputnik / Томас ТхайцукАкция ночь в Музее
Акция ночь в Музее - Sputnik Аҧсны
Акция ночь в Музее

"Аҵх амузеи аҟны" жәларбжьаратәи акциоуп. Амузеи аусзуҩцәа рпрофессионалтә ныҳәа иазкуп. Абри ауха амузеиқәа хәыда-ԥсада изҭаху зегьы рзы рышәқәа аартуп.

Раԥхьаӡа акәны иара мҩаԥган 1997 шықәса рзы, Берлин. Аԥсны раԥхьаӡа акәны акциа аҽаланархәит 2015 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0