Аҭаацәара қәыԥшқәеи ауадаҩрақәеи

© Sputnik Бадрак АвидзбаАҭаацәара қәыԥшқәа аҳәынҭқарра ирырҭаз ауадақәа.
Аҭаацәара қәыԥшқәа аҳәынҭқарра ирырҭаз ауадақәа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҩыџьа ахәыҷқәа раб Ҭимур Агәхааи аҽа ҭаацәара қәыԥшцәақәаки Аҟәа ауадақәа роура шрылшаз атәы изеиҭарҳәеит ҳкорреспондент Бадраҟ Аҩӡба.

Уахьызнымхо анхарҭа

Хәышықәса раԥхьа 22 шықәса зхыҵуаз ҭимур Агәхаа аҭаацәара далалеит. Аҭаацәара қәыԥш абанхо ҳәа азҵаарагьы цәырҵит. Ҭимури иԥшәмаԥҳәыси ауада қьырала иаанкыланы инхо иалагеит, аха ҩыџьа ахшара ани ашьҭахь уигьы уадаҩхеит. Ауада ахәԥса ашәара рылшомызт.

2016 шықәса лаҵарамза 6 рзы Ҭимури иара еиԥш иҟоу аҭаацәара қәыԥшқәеи аҳәынҭқарра ауадақәа шрырҭазгьы урҭ рҟны макьаназ инхартә иҟма. Аремонттә усурақәа нагӡаны имҩаԥгам.

"Ҳәарада аиҳабыра ҭабуп ҳәа раҳҳәоит ауадақәа ахьҳарҭаз, аха аҩнаҟны аремонттә усурақәа ахьымҩаԥго 50% рҟынӡоуп. Аҩнахьы инагам зыда ԥсыхәа ыҟам аӡы, афымца, аканализациа. Аӡи афымцалашареи ҟалар иаанхо ҳаргьы иҳалшон аремонт азура. Иахьазы урҭ ауадақәа рҟны унхартә иҟам", — иҳәоит Ҭимур.

Аҩнахьы уаннеиуа иубоит Ҭимур ииҳәаз шиашоу. Ауадақәа ашәқәагьы рҿам. Ҭимур иакәзар ихатә харџь ала ауада ашә ҿеиҵеит.

© Sputnik Бадрак АвидзбаМолодая семья Агухаа
Молодая семья Агухаа - Sputnik Аҧсны
Молодая семья Агухаа

Ауадақәа хышәа-ҵышәала ишыҭбааугьы адашьма акгьы ықәым, ауадабжьаратә шәқәагьы рҿам. Ҭимур еиҭах иҳәоит аӡи афымцалашареи ҟалар иаанхаз зегьы ашьақәыргылара сылшоит ҳәа.

Иара иажәақәа рыла ахаангьы аусура дацәымшәацызт, ихгьы ацәхьеикуам.

Ахахәара

2015 шықәса рзы, лаҵарамзаз Ҭимур дрылан Аҟәа иҿыцны идыргылаз аҩнқәа руак ахь ауада аанкыларазы инеиз. Уахь инеиз атәыла аиҳабыра рхаҭарнакцәа ирҳәеит апроблема шыӡбахо.

"Ҳара зегьы азакәан иацныҟәо уаауп. Ирҳәаз ҳақәшаҳаҭхеит. Иҟаҳҵаз ззыҟаҳҵазгьы ҳапроблема иазхьаҳарԥшырц ауп", — иҳәеит иара.

Ацхыраара

Имҩаԥысыз акциақәа рышьҭахь Аԥыза-министр Артур Амқәаб аҳәамҭа ҟаиҵеит ацхырааратә программа еиҿкаахоит, иара инақәыршәаны есышықәса жәаба-жәаба уада аҭаацәара қәыԥшқәа ирыҭахалоит ҳәа.

2016 шықәса лаҵарамза 6 рзы Аминистрцәа Реилазаараҟны ирыдыркылеит Ақәҵара аԥхьатәи 10 уадак ршарц азы.

Ҭимур дгәыӷуеит егьырҭ аҭаацәарақәагьы хыбрада инрыжьрым ҳәа.

© Sputnik Бадрак АвидзбаМолодая семья Агухаа
Молодая семья Агухаа - Sputnik Аҧсны
Молодая семья Агухаа

Иара иазиԥхьаӡоит аҳәынҭқарра аҭаацәара қәыԥшқәа рыдагьы аинвалидцәеи аибашьра алахәылацәеи ирыцхраалароуп ҳәа.

Ҭимур, актәи агәыԥ иаҵанакуа аибашьра аинвалид Кьаӷәса Агәхаа иԥа диԥоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0