5:0 ҳәа Пенџьабтәи акоманда Самолилендаа ириааит

Анапаҵаҩра
5:0 ҳәа Пенџьабтәи ашьапылампылтә команда Самолилендаа ираԥыргеит

АҞӘА, лаҵара 31 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. ConIFA ахылаԥшрала Аԥсны имҩаԥысуа адунеитә ашьапылампылтә чемпионат аҳәаақәа ирҭагӡаны, иахьа, лаҵара 31 15 сааҭ рзы, Даур Ахвледиани ихьӡ зхыу Гагратәи астадион аҟны еиԥылеит Пенџьаби Сомалиленди ркомандақәа.

Рециеи Аҩадатәи Кипри рецыхәмарра 7:0 ҳәа ихыркәшахеит. - Sputnik Аҧсны
7:0 ҳәа Аҩадатәи Кипр ашьапылампыл асыҩцәа Рециаа ираԥыргеит

Ахәмарра актәи аихшараан Пенџьабтәи ахәмарыҩцәа, Самолилендаа рымба ҩ-мпылк ҭадыршәит. Аиԥылара аҩбатәи аихшараан, дара ирылдыршеит даҽа хымпылк аҭаршәра. Абас ала 5:0 ҳәа Пенџьабаа аиааира ргеит.

Иазгәаҭатәуп, Пенџьабтәи акоманда ишазгәанаҭо аҩбатәи аиааира, иацтәи ахәмарраҟны дара 1:0 ҳәа Лапландиаа ираԥыргеит.

Сомалилендаа ракәзар, ҩынтәны ирықәҿиом. Дара Лапландиатәи акоманда аҟнытә ԥшьымпылк шроурыжьхьазгьы, рымбахьчаҩгьы ишьамхы ааха аиухьан.

Апресс-конференциаҟны, Сомалилендтәи акоманда акаԥдан Амарвир Сандхв иҳәеит рымбахьчаҩ иахьа ахәмаррахь дшыхынҳәыз.

"Аиашазы, ҳкоманда ахәмаррақәа рҟны иақәҿиом, аха гәкаҳара ҟаҳҵом. Ҳара ҳзы ихадароу, адунеитә чемпионат ҳахьалахәу ауп. Арҭ ахәмаррақәа ирылагӡаны иҳауит аԥышәа бзиа", — ҳәа азгәеиҭеит Сомалиленд акоманда акаԥдан.

Аиааира гәахәара дула иазгәазҭо Пенџьабтәи акоманда, ари алҵшәа Аҟәа имҩаԥысуа рыхәмаррақәа рҿы ишаҵәхьамҵуа агәрагара аадырԥшит.

"Ҳара ашьапылампыл абзиабаҩцәа идҳарбеит алҵшәа бзиақәа, аха агәра шәсыргоит, ҳалшарақәа иҵегь ишеиҳау. Уи ус шакәугьы ааҳарԥшырц ҳгәиҭоуп иаҳԥеиԥшу ахәмаррақәа рҟны", — иҳәеит Пенџьабтәи акоманда азыҟаҵаҩ Рубен Хазелл.

Акомандақәа зегьы иазгәарҭеит, Гагратәи ахәаԥшцәа даара агәыбылреи адгылареи аазырԥшуа шракәу, уи азы, ҷыдала иҭабуп ҳәа рарҳәеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0