Адунеи ашьапылампыл ачемпионцәа ирыдырныҳәалеит Гагра араион анапхгара

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАдунеи ашьапылампыл ачемпионцәа ирыдырныҳәалеит Гагра араион анапхгара
Адунеи ашьапылампыл ачемпионцәа ирыдырныҳәалеит Гагра араион анапхгара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра ахаҭарнакцәа адунеи ашьапылампыл иачемпионцәахаз ирыдырныҳәалеит араион анапхгара.

АҞӘА, рашәара 9 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. ConIFA ахылаԥшрала Аԥсны имҩаԥысуаз адунеи ашьапылампылтә чемпионат аҟны актәи аҭыԥ иаԥсахаз, амилаҭтә еизгоу акоманда иалахәыз Гагра араион фҩык ахаҭарнакцәа, акоманда акаԥдан Анри Ҳагәышь, амбахьчаҩ Алексеи Бондаренко, ахәмарыҩцәа Дмитри Кәарҭаа, Асҭамыр Ҵышәба, Амаль Аҩардан, Альберт Прус, иахьа, рашәара 9 рзы, араион анапхгара официалла ирыдыркылеит, аџьшьара рыҭаны ираҭәаршьеит ахьтәы ԥсари, адипломқәеи.

Ачемпионцәа имеихсыӷьуаз напеинҟьарыла ирыдыркылеит, иҭабуп ҳәа рарҳәарц иааиз аҭыԥантәи адепутатцәеи араион Ахадара аусзуҩцәеи.

Гагра араионтә Еизара ахантәаҩы Асҭан Агрба ашьапылампыл асцәа ирыдиныҳәалеит адунеи ашьапылампылтә чемпионат аҟны иааныркылаз актәи аҭыԥ, ирзеиӷьеишьеит ақәҿиара дуқәеи аманшәалареи.

"Гагра араионтә Еизара адепутатцәа зегьы рыхьӡала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит, арҭ амшқәа ирылагӡаны иаҳзаажәгаз агәырӷьареи агәышьҭхреи рзы. Шәара Аԥсны ахьӡ ҭызгаз аҵеицәа шәоуп, шәаԥхьаҟа ишәзыԥшыз иҵегь аиааира дуқәа", — иажәа иациҵеит иара.

Анаҩс Гагра араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Константин Чрыгба араион Ахадареи ихәҭакахьалеи адунеи ачемпионцәа дрыдныҳәалеит.

"Гаграа ҳзы даара акраҵанакуеит фҩык ҳаспортсменцәа, ConIFA ахылаԥшрала имҩаԥысуаз адунеи ашьапылампылтә чемпионат шәахьалахәыз, уимоу ачемпионхарагьы ахьшәылшаз. Агәра згоит иахьа ҳақалақь аҟны еиҵагыло ашьапылампыл асцәа қәыԥшцәа, шәара еснагь ҿырԥшыгас шәышрымазаауа", — ҳәа азгәеиҭеит Чрыгба.

Гагра араион Ахадара аҿари аспорти рыҟәша аиҳабы Џьамал Анқәаб иганахьала, Гагратәи ашьапылампылтә школ ааӡамҭацәа, адунеи ашьапылампылтә чемпионат аҟны алҵшәа бзиақәа ахьаадырԥшыз агәахәара ду шинаҭаз иҳәеит.

Аԥсны еизгоу акоманда ашьапылампыл асыҩцәа Гәыԥтәи ашкол иаҭааит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны еизгоу акоманда ашьапылампыл асыҩцәа Гәыԥтәи ашкол иаҭааит

Иазгәаҭатәуп, иахьа Гагра араион аҵара аҟәша анапаҵаҟа иҟоу, ашьапылампылтә школ аиҳабыс дшамоу, Аԥснытәи еизгоу ашьапылампылтә команда алахәҩы Асҭамыр Ҵышәба, иара убас араҟа ҩ-шьапылампылтә гәыԥк шиааӡо, ачемпионат аҟны амбахьчаҩс иҟаз Алексеи Бондаренко. Дара рыҩџьегьы лымкаала аџьшьара рыҭан.

Џьамал Анқәаб, убас еизаз зегьы ирылеиҳәеит, ачемпионат цонаҵы Алексеи Бондаренко, Урыстәылантәи ҷыдала дааԥхьоуп ҳәа изныкымкәа ацәажәарақәа шиаҳахьаз.

"Алексеи Бондаренко Гагра араион иқәынхо зегьы дшыжәдыруагьы, ҩаԥхьа ишәасҳәарц сҭахыуп, иара иаби иабдуи абри ақалаь аҟны ишииз, ишааӡаз. Алексеи Бондаренко 20 шықәса Гагратәи ашьапылампылтә команда "Динамо", иахьа ашьапылампылтә клуб "Гаграхь" ииагоу амбахьчаҩс дшыҟоу", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Гагра араион Ахадара аҿари аспорти рыҟәша аиҳабы.

Ачемпионцәа рнапаҿы ирыҭаз аҳамҭақәа наунагӡа рықалақьуаа рыбзиабара ишаԥсахаз шыргәаланаршәало рҳәеит.

Аиԥылара аофициалтә ҟәша ашьҭахь, ачемпионцәа ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟарҵеит.

"Сара иазгәасҭарц сҭахыуп, уажәшьҭа сықәра ахәмарыҩ иқәнагоу ақәра ишҭысуа. Аха ашьапылампыл асыҩ иаҳасабал ала, дарбанзаалак аспортсмен игәы ззыҳәо аҩаӡаранӡа снаӡеит ҳәа исыԥхьаӡоит, абри ачемпионат аҟны актәи аҭыԥ анаҳга ашьҭахь. Сара сгәы азыҳәоит, иахьа ҳтәылаҟны изызҳауа ашьапылампыл асцәа қәыԥшцәа, раԥхьаҟа, ҳара ҳаасҭа аспорт аҟны еиҳау аҩаӡарақәа рҟныӡа инаӡарц", — иҳәеит Алексеи Бондаренко.

Ахәмарыҩцәа еицҿакны иазгәарҭеит, ачемпионат цонаҵы, абас еиԥш ажәлар астадион аҟны еизаны, адгылара рырҭоит ҳәа ишыҟамыз.

"Ҳшьапқәа мныҟәаргьы, ҳгәыблыҩцәа рыбжьы ԥхьаҟа ажәыларахь ҳагон" — ҳәа ациҵеит Асҭамыр Ҵышәба.

Ачемпионат иалацәажәо, аспортсменцәа ирҳәеит, Мрагыларатәи Ермантәыла акоманда ианрыцхәмаруаз, раԥыгара шыуадаҩыз.

"Атехникатә зыҟаҵара бзиа змоу Мрагыларатәи Ермантәыла ашьапылампыл асцәа ҳанариааи, маҷк ҳгәы ҳарҭынчит. Убасҟан агәрагарагьы ҳауит ачемпионат аҟны аиааира шԥаҳамгари ҳәа", — азгәеиҭеит, амилаҭтә еизгоу акоманда акаԥдан Анри Ҳагәышь.

Аспортсменцәа патула ирыхцәажәеит, афинал аҟны изцыхәмаруаз Пенџьабтәи ашьапылампыл асцәагьы.

"Хымԥада ҳара патула ҳарзыҟан ҳазцыхәмаруаз акомандақәа зегьы. Пенџьабаа аиааира агара ишақәгәыӷуазгьы, Ҳазшаз, уи ҳара еиҳа иҳахәҭаны иԥхьаӡеит. Пенџьабтәи акоманда афинал аҟны ишаҵахазгьы, дара ҳганахь гәыҩбарада адныҳәалара ҟарҵеит", — ҳәа ҳаилиркааит Дмитри Кәарҭаа.

Аиҿцәажәара ашьҭахь аспортсменцәа ирзеиҿкаан ачеиџьыка.

Ажәабжьқәа зегьы
0