Адунеи ачемпион Дмитри Кәартаа сасра диҭааит Михаил Реиман

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаДмитри Кәартаа сасра диҭааит Михаил Реиман
Дмитри Кәартаа сасра диҭааит Михаил Реиман - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеи ашьапылампыл ачемпион Дмитри Кәартаа сасра дизааит, згәабзиара уашәшәыру ахәыҷы Михаил Реиман.

АҞӘА, рашәарамза 10 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. ConIFA ахылаԥшрала, Аԥсны имҩаԥысуаз адунеи ашьапылампылтә чемпионат аҟны актәи аҭыԥ иаԥсахаз, Аԥснытәи еизгоу акоманда алахәҩы Дмитри Кәартаа сасра дизааит, акультуратә-гәыҳалалратә фонд "Ашана" ахылаԥшраҿы иҟоу, згәабзиара уашәшәыру Цандрыԥшь аҳаблан инхо, 8 шықәса зхыҵуа Михаил Реиман.

Миша даара аспорт бзиа ибоит, еҳараӡак ашьапылампыл. Арҭ амшқәа рзы ицоз адунеи ашьапылампылтә чемпионат акәзаргьы, ахәыҷы иоуимыжьит. Хымԥада, иара игәы рзыбылуан Аԥснытәи еизгоу акоманда, еиҳараӡакгьы Миша игәаҵа дҭалеит ахәмарыҩ Дмитри Кәартаа.

Михаил Реиман. - Sputnik Аҧсны
Михаил Реиман ҳацхыраара иҭахуп

Акультуратә-гәыҳалалратә фонд "Ашана" Гагратәи аҟәша анапхгаҩы Олесиа Маланка лассы-лассы ахәыҷы диҭаауеит аҟнытә, илеиҳәеит агәаҳәара ду шимоу Дмитри иабадырра.

"Миша Дмитри Кәартаа диабадырырц агәаҳәара шимоу ансаиҳәа, сҽазысшәеит аспортсмен инстаграм ақаҭаҿы иԥшаара. Уи ансылша, ачемпион еилсыркааит иҟоу аҭагылазаашьа атәы. Аԥснытәи ахәмарыҩ мап сцәымккәа, адгылара сиҭеит. Абар, иахьа ҳчымазаҩ хәыҷы аныҳәа ду имоуп, гәаартыла дидикылеит асас ду, адунеи ачемпион", — лҳәеит Олесиа Маланка.

Дмитри Кәартаа Миша ҳамҭас изааигеит, аспорттә маҭәеи Аԥсны абираҟи.

"Арҭ амаҭәақәа сара ачемпионат аҟны исшәқәаз роуп. Урҭ аиааира иасимволуп. Агәра згоит, уара уанызҳалак, иушәҵаны уҩызцәа ампыл ушрыцасуа. Ҳтәыла абираҟ акәзар, еснагь иугәаланаршәалааит Аԥснытәи еизгоу акоманда адунеи ашьапылампылтә чемпионат аҟны актәи аҭыԥ ишаԥсахаз", — ҳәа азгәеиҭеит ачемпион.

Миша Реиман Дмитри иҭабуп ҳәа иаҳәо, изеиӷьеишьеит аспорт аҟны, иаԥхьаҟа иҵегь еиҳау алҵшәақәа ааирԥшларц, иара убас Аԥснытәи еизгоу акоманда ФИФА акубок иаԥсахарц.

Дмитри Кәартаа ихәҭакахьала, инаҵишьит, дарбанызаалак агәыҳалалра аарԥшра илиршар, аԥсҭазаараҿы еиҳа ауадаҩрақәа шмаҷхо.

Адунеи ашьапылампыл ачемпионцәа ирыдырныҳәалеит Гагра араион анапхгара - Sputnik Аҧсны
Адунеи ашьапылампыл ачемпионцәа ирыдырныҳәалеит Гагра араион анапхгара

Дмитри Миша иҿы сасра дыҟанаҵ рыҩџьегьы ампыл еицасит.

Миша Реиман, акультуратә-гәыҳалалратә фонд "Ашана" ахылаԥшраҿы дыҟоуижьҭеи хышықәса ҵуеит. Иара ичымазара "ахьчԥаԥыр" ҳәа азырҳәоит ицәа ааха ахьаиуа азы. Афонд ацхыраарала Миша аоперациа изун Германиа.

Аха иара, есыҽны амедицинатә маҭәашьарқәа рыла деиқәыршәатәуп. Миша иҭаацәа рфинанстә ҭагылазаашьа кәадоуп аҟнытә, акультуратә-гәыҳалалратә фонд "Ашана" Гагратәи аҟәша ихылаԥшуеит, ацхыраара ирҭоит.

Миша Реиман аҩны аҵара дахысуеит, Гагратәи абжьаратә школ №2 аҩбатәи акласс дахыԥхьаӡалоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0