Афон-ҿыцтәи аҳаԥы амаӡақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукРоман Дбар.
Роман Дбар. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵарауааи урҭ Урыстәылатәи рколлегацәеи Афон-ҿыцтәи аҳаԥы маҷ-маҷ амаӡақәа аҵырдыраауеит.

Урҭ ртәы Sputnik акорреспондент Владимир Бегунов изеиҭеиҳәеит Аԥсны Аҭҵаарадырратә академиа Аекологиа аинститут адиректор Роман Дбар.

Алашьцараҟны аԥсҭазаара

– Роман Саид-иԥа, Афон-ҿыцтәи аҳаԥаҟны иарбан ҭҵаарақәоу имҩаԥырго?

– Аҳаԥы аадыртижьҭеи иааиԥмырҟьакәа, аибашьра аамҭақәа алаҳамҵозар, аҵарауаа аусурақәа мҩаԥыргоит. Есышықәса арахь иаауеит хԥа-ԥшьба наукатә експедициа. Иаҳҳәап Агеографиа анститут, Азоологиа аинститут, Казантәи аҳәынҭуниверситет агидробиологиа, МГУ реиԥш иҟақәоу. Абарҭ аусурақәа ирылҵшәаны иҭрыжьхьеит агеологиа, аклимотологиа, агидрологиа, агидробиологиа рганахьалатәи аусумҭақәа акыр. Уажәы ҳара ҳинститут иазнархиоит аҳаԥы аҩныҵҟа аҳауаеикәыршара иазку аусумҭа. Аҳаԥы аҩныҵҟа иҟоуп аҽаџьара иуԥымло аԥстәы дунеи.

– Иаҳҳәап?

– Абар, шәахәаԥш урҭ руак — жужелица Жанеилиус асахьа. Иара цәыҟаԥшьуп, ала азҭаӡам. Ашьапқәа ахәамц иадкылан уахәаԥшуазар акыр иауп. Алашьцараҟны ахы инаркны аҵыхәанӡа иақәу ахәыцқәа рыцхыраарала иахьцо аныруеит.

© Фото : Роман ДбарЭндемик Ново-Афонской пещеры - жужелица жанейлюс.
Эндемик Ново-Афонской пещеры - жужелица жанейлюс. - Sputnik Аҧсны
Эндемик Ново-Афонской пещеры - жужелица жанейлюс.

Иара зынӡаск иҭҵаам. Иафо ҳәа ишьоуп ахәаҷа маҷ – коллембола.

Аҳаԥыҵаҟатәи аӡҭачқәа рҟны иуԥылоит акреветка Троглокарис. Иара заҵәык ауп иҵаам аӡқәа рҟны абри ахкы аҟынтәи зхы ныҟәызгар зылшо. Ажәытә зны иара амшын иҭазар ҟалоит, аха нас арахь ианықәнагала аҭагылазаашьа ахы аннарнаалеит. Ари аамҭа рацәа зҭахыз евалиуциатә процессуп. Троглокарис ахкы ахьуԥыло рацәоуп аха Афон-ҿыцтәи аҳаԥы аӡқәа ирҭоу ахкы иҷыдоу хкуп. Иара ахьӡ франциатәи аҳаԥқәа рыҭҵааҩы Лиу Фажеи Арктика аҭҵааҩы Отто Шмидти рыхьӡала иахҵоуп – Троглокарис Шмитти Фажеи ҳәа.

Араҟа иуԥылоит аҽа хәаҷакгьы — Нестикус. Илашәу хәаҷоуп. Иара ахкы даара имаҷны иҭҵаауп.

Нифаргус ҳәа изышьҭо ахәаҷа иазкны ҳара авидеогьы ҭыхны иҳамоуп. Ҳара урҭ аквариум иҭаҵаны иҳамоуп. Рыԥсҭазаара амҩаԥгашьа ҳахылаԥшуеит.

Cлепой паук рода Нестикус
Cлепой паук рода Нестикус - Sputnik Аҧсны
Cлепой паук рода Нестикус

Ахәлыԥҵысқәа рыбналара

– Ахәлыԥҵысқәа ыҟоу аҳаԥы аҟны? Аҳаԥы ануҳәо иаразнакы урҭ угәалашәоит.

– Иҟоуп. Аҳаԥы раԥхьаӡа ианаадырт Гиви Смыр изали Нарҭаа рзали рҟны ирацәан. Уажәы рхыԥхьаӡара акыр имаҷуп. Аҳаԥы туристтә обиектк аҳасабала ианыҟала аҽаџьара иахыҵит. Иҟалап макьана иаҳзымдыруа азалқәа рахь ииасызар.

– Урҭ рҩызцәагьы ыҟоума?

– Ҳәарада. Иагьмаҷым. Ашьхара зегьы аҩныҵҟа ҳаԥыла еибаркуп.

– Аҳаԥы заҟа шықәса ахыҵуа ҳәа ижәдыруазеи?

– Миллионки бжаки рҟынӡа ҳәа иҳаԥхьаӡоит.

– Аҵиаақәа рдунеи азы изеиԥшрозеи?

– Уи Аекологиа аинститут аиԥш аҳаԥы ахадара рзгьы ипроблемоуп. Ианылашьцаз аҵиаақәа рыԥсы ҭалар амуазар, алашара аныҟарҵа ицәырҵит. Урҭ асталактитқәа рырхәашарагьы иалагахьеит.

– Рырхәашар? Уи шԥа?

– Урҭ ашыцқәа аныԥсуа аорганикатә ӡри рхылҵуеит урҭ роуп асталактитқәеи асталагмитқәеи зырхәашо. Ҳара ҳабжьгарала аҳаԥы аҟны арԥаратә лампақәа рыԥсахит «алашара хьшәашәа» ҳәа изышьҭо алампақәа рыла. Урҭ арҭ ашыцқәа рацәак ирыздырҳауам, рыҿиара иаԥырхагоуп.

– Аҳаԥахьы ауаҩы даннеи ашьҭахь уаҳа еиҭакрас иҟалеи?

– Иҟоуп амикроорганизмқәа, аӡиақәа ирҭоу. Урҭ ҽынла ҵиаак аҳасабала афотосинтез ала амралашара рхы иадырхәоит уахынла аорганикатә еидкылақәа рыла рхы ныҟәыргоит. Анаукаҿы ари аҩыза апроцесс "миксатрофное питание", ҳәа иашьҭоуп.

Ашьхауарба ҵыхәашкәакәа. - Sputnik Аҧсны
Ашьхауарба ҵыхәашкәакәа ушьҭарнахыс Аӡҩыбжьа инхалоит

Афизика азакәанқәа еилаганы

– Аҳаԥа аҟны асталактитқәеи асталагмитқәеи реиԥш акәымкәа ганханы изызҳауа аидкылақәагьы ыҟоуп. Урҭ ирхышәҳәаауазеи ҵарауаҩык иаҳасабала?

– Уи афизика азакәанқәа ирҿагылоит. Асталагмитқәеи асталактитқәеи шеизҳауа ашколтә программа аҟынтәигьы иаадыруеит. Аӡы цәыкәбарқәа рҵааршәыра зқьышықәсала еиԥыргалоит асталагмитқәеи асталактитқәеи. Уи сталагнат ахьӡап. Аха иҟоуп гелектит ҳәа изышьҭоу аиҿкаарақәа. Урҭ ганха-ганха ирызҳауеит.

– Иҟоума макьаназы иҭҵаам, зҭак шәзымдыруа ҳәа иҟои Афон-ҿыцтәи аҳаԥы аганахьала?

– Ишԥаҟам. Иаҳҳәап иара шԥаҟалеи. Ҳара иаадыруеит адгьыл аҵатәи аӡқәа ишрыхҟьаз, аха урҭ зеиԥш ӡқәаз ҳаздырам, ихьшәашәазу ишызу. Инагӡаны иҳаздырам аҳауеикәшара амҩаԥысшьа. Урҭ зегь заҟа иҭаҳҵаауа аҟара атуристцәа ршәарҭадара иазеиӷьуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0