Мчыла зыԥсадгьыл иахырцо есымша ахынҳәра дашьҭоуп

© Sputnik / Александр Вильф / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГагра.
Гагра. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амҳаџьырра аамҭа хьанҭақәа иргәылсны зыԥсадгьыл ахь ахынҳәра зылшаз Жьиаа рҭаацәа аҭоурых дазааҭгылоит Sputnik акорреспондент Саида Жьиԥҳа.

Амҳаџьырра ашықәс еиқәаҵәақәа раан, мчыла зыԥсадгьыл иахырцаз аԥсуаа рхылҵшьҭрақәа зықьҩыла наӡаӡа атәым дгьыл аҟны иаанхеит, аха иахьа, ашәышықәсқәа рышьҭахь, Аԥсадгьыл ахь агәашәқәа аатит.

Османтәи аимпериахь иахцаз ҳџьынџьуаа иахьа миллионк инарзынаԥшуа Ҭырқәтәыла инхоит, ирацәаҩуп уантәи егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рахь иахнагазгьы, иаҳҳәозар: Шьамтәыла, Иорданиа, Мысра, Европеи Америкеи ртәылақәа акырџьара.

Ешьреф Гындиа. - Sputnik Аҧсны
Ешьреф Гындиа: зегь реиҳа сгәы ҭызшьаауаз ҳамҭан - аԥсуа нбан

Ҭоурхыла ишаҳдыруа ала, амҳаџьырра иахнагаз наӡаӡа рашьҭахьҟа рымҩақәа адыркон. Аха, сара саб Владимир Жьиба изласзеиҭеиҳәаз ала, иара иабду иаб иԥшәма ԥҳәыси ҩыџьа иԥацәеи иԥҳаи иманы, даҽа гәыԥҩык аԥсуааи Аԥсныҟа ахынҳәра рылшеит.

"Сара сабдуцәа амҳаџьырра аҵыхәтәантәи ацәқәырԥа иақәшәеит. Мгәыӡырхәа ақыҭа иалаланы, мцла анхацәа Ҭырқәтәылаҟа иаарыԥхьон. Шәахьнеиуа адгьылқәа шәзыршоит, анхарҭа бзиақәа шәырҭоит ҳәа рарҳәон. Агәрамгара аазырԥшуаз, ажәа раҭазкуаз иахьдырхәуан, имцар ада ԥсыхәа рмоуа аус иақәдыршәон", — еиҭеиҳәоит Владимир Жьиба.

Мгәыӡырхәа ақыҭа амшын аԥшҳәа иаԥнуп. Убри аҟнытә, ари ақыҭанхацәа рықәгара маншәалан. Агаҿа иааиуаз аӷбақәа ианрықәыртәаны, амшын Еиқәа ааиҩшаны, атәым дгьыл ахь иргон.

"Сара иахьынӡаздыруа, сабду иаб иҭаацәа ахьӡхыҵыз аҭыԥ идәҟьаҟьаран, адгьыл ҩаны, аиҟәԥара иаҿын. Ахҵәацәа ирыҭаз амаҭәарқәа рхы иархәаны, ахыҵакырҭа қьалақәа дыргылеит. Амлакра ҟалеит, анаҩс ачымазарақәа, аԥсҭбара", — аҭоурыхтә хҭысқәа игәалаиршәоит саб.

Нуриҭҭин Ахба - Sputnik Аҧсны
Нуриҭҭин Ахба: ҳабацәа ҳанацәа иаҳдырбаз ала ҳхы ныҟәаҳгоит

Ҽнак зны, аԥсуаа реиланхарҭаҿы аҭырқәа ҽыуаҩцәа неит. Даарыԥхьеит қәрала зегьы иреиҳабыз. Ирыцыз аҭарџьман иҳәеит, арҭ аҭырқәа ҽыуаҩцәа ишраҳахьоу Аԥсны аарҩарақәа раан, ақәа леирц азы аныҳәарақәа шымҩаԥырго. Хымз раахижьҭеи аӡы зымбацыз адгьыл аиҟәԥара иалагеит аҟнытә, аиҳабы иҳәеит, аныҳәара мҩаԥигарц.

"Анхацәа иреиҳабыз, иааиз агәра диргеит, иҵабыргны зыӡбахә рымоу аныҳәара Аԥсны ишымҩаԥырго, акәама-ҵамақәа маҷымкәа ишацу. Иреиҳәеит, аиҿкаарагьы аныҳәарагьы иара ишилшо. Иаҭахын аныҳәаҩ ишәиҵашаз ҵаҟатәи ацәамаҭәа ҿыц, ацәашьы злихша ацәацқьа, хышықәса иреиҵам ирхәаз аџьма шкәакәа, аҩы цқьа. Аҭырқәа нхацәа, аԥсуа бырг иреиҳәақәаз зегьы ааргеит. Аныҳәаҩ ашьтәа агәи агәаҵәеи дахныҳәеит, Анцәа диашьаԥкит. Аҵхыбжьон ақәаршыҩ леит", — еиҭеиҳәоит саб.

Уи нахыс, аԥсуаа ақәа лазышьҭыз ҳәа ирышьҭан, реиланхарҭа лассы-лассы аҭырқәцәа аҭаауан, ацхыраара рырҭон,

"Сабду иаб ихшара иманы хышықәса Ҭырқәтәыла дынхон. Ари аамҭа иалагӡаны иԥҳа аҵарагьы лҵеит, уи аҿы ацхыраара лырҭеит патула ирзыҟаз аҭырқәа ҭаацәарак. Сабду Ҭапагәи иашьа Паси аҵара ҵара иахьымӡеит", — иҳәеит Владимир Жьиба.

Иазгәасҭарц сҭахуп, саб иабду иаби иԥшәма ԥҳәыси рыԥҳаи рыхьӡқәа шигәаламшәо, убри аҟнытә аматериал аҟны иасырбаӡом.

Саб ишьҭреи даҽа гәыԥҩык аԥсуааи хышықәса ааҵуаны Аԥсныҟа ихынҳәит. Уи алзыршазгьы, аҭырқәа гәымхак Кавказ иатәыз ԥҳәызбак лганахь иааирԥшыз ахәымгара ауп.

"Османтәи аимпериаҿы иԥҟараны ирыман, рылаԥш зықәшәоз аҭыԥҳа лыҭҟәара. Ус, Кавказ иатәыз ԥҳәызбак, ишашьцылахьаз еиԥш дымҵарсны дыргарц рыӡбеит. Лара илымуа даналага, аҭырқәа хәымга лцәа ԥиҽеит. Убасҟан гәыԥҩык аԥсуааи ачерқьесцәеи иааибыҳәаны, ацәгьара ҟазҵаз дҭадырхеит. Уи ашьҭахь, аҭырқәа идгьыл аҟны аангылашьа змамыз аԥсуаа, ҩаԥхьа рҽазыршәеит рыԥсадгьыл ахь ахынҳәра", — ҳәа иабду ишьҭра изнысыз аҭоурых далацәажәоит саб.

Горная дорога на Северном Кавказе. - Sputnik Аҧсны
Лакрба Моаммер: Аԥсны ҳаҟазар, уахгьы-ҽынгьы ҳаидтәалазар ҳҭахуп

Аԥсныҟа ахынҳәразы, хымԥада аӷба аԥшаара аҭахын. Ус хара имгакәа, аԥсуааи ачерқьесцәеи реиланхарҭақәа рзааигәара аидара мҩанызгоз аӷбала дыӡхыҵит бырзенк. Иаразнак, амҳаџьыраа рхаҭарнакцәа аҳәара ирҭеит, амшын Еиқәа егьи агаҿахь игарц. Хымԥада абырзен мала дцаӡомыз. Убасҟан аԥсуаа гәыԥҩык иааибыҳәаны идырҳәит уи аԥхьаҟа аԥҳәызба илыхҟьаны иҭадырхаз аҭырқәа иҩны. Амакәанқәа ирҭаҵаны идәылыргаз ахьы абырзен иҭаны, 30-ҩык инарзынаԥшуа аԥсуааи ачерқьесцәеи ӷбала Аԥсныҟа идәықәлеит.

"Аԥсны ианӡхыҵ, мҳаџьырра иҟаз зегьы ршьамхы арсны адгьыл иагәӡуан, игәынқьуан. Сабду иаб заҵәык иакәын зыхшара зманы иааз аҟнытә абырзен даарыцҳаишьан ҩ-макәанк ахьы иара ииҭеит ихшара аланыҟәигарц азы.

Макәанк ахьы ихы иархәаны, сабду иаб Мгәыӡырхәа амшын аԥшаҳәа азааигәара иааихәеит адгьыл, иргылеит аҩны. Егьи, адгьыл иҵаҵаны иҵәахит, ихшара раԥхьаҟа рхы иадырхәарц азы", — иҳәоит Владимир Жьиба.

Саб иабду Ҭапагә 34 шықәса шихыҵуаз, амалуаа рҳәатәы дахьацымныҟәаз аҟнытә дҭадырхоит. Уи аамҭазы иара ихылҵхьан ҩыџьа аԥҳацәа, иԥазаҵә Спардан мгәарҭа дыҟан.

Саб еиҭеиҳәаз абарҭ аҭоурыхқәа ахьиаҳаз 114 шықәса нызҵаз иабду иашьа Пас иҟнытә ауп.

Сажәабжь хырқәшо, ишәзаасыртырц сҭахуп маӡак, саб иабду иаб адгьыл иҵеиҵаз 16 кьыла зкуаз макәанк ахьы аҭыԥ ихашҭит. Ус уаҳа аӡәгьы изымԥшааит.

Мгәыӡырхәа, џьара амшын аԥшаҳәа азааигәара адгьыл иҵаҵәахыуп, саб ишьҭра рыԥсадгьыл ахь ахынҳәра иасимволу аҭырқәа ихьы арыцқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0