Ашьхауарба ҵыхәашкәакәа ахақәиҭра аиуит

© Sputnik / Томас ТхайцукАшьхауарба ҵыхәашкәакәа.
Ашьхауарба ҵыхәашкәакәа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аӡҩыбжьа ақыҭан зыҭра ихшәаз, ақыҭауаа мчыбжьык аасҭа хылаԥшра зырҭоз ашьхауарба ҵыхәашкәакәа ахақәиҭра аиуит.

АҞӘА, рашәарамза 28 – Sputnik, Владимир Бегунов. Аӡҩыбжьа ақыҭан зыҭра ихшәаз, ақыҭауаа мчыбжьык аасҭа хылаԥшра зырҭоз ашьхауарба ҵыхәашкәакәа ахақәиҭра аиуит. Иара аҭрахьы ихынҳәит ҳәа ҳзеиҭеиҳәеит ААУ аректор ихаҭыԥуаҩ, аорнитолог Виктор Малаӡиа.

Европа реиҳа идуу аԥсаатә ҳәа ирыԥхьаӡо, хымз зхыҵуаз ашььхауарба ҵыхәашкәакәа иуҭраҟны ибеит Аӡҩыбжьа ақыҭа анхаҩы. Аԥсаатә авольер азыргыланы мчыбжьык инеиҳаны акраҿарҵон, иахылаԥшуан аԥырра алшо иҟалаанӡа ҳәа. Асабша, рашәарамза 25 рзы иара ахы иақәиҭыртәит.

Аҵарауааи ақыҭауааи ашәара рыман аԥсаатә анапы иашьцыланы абракониерцәа ирҿыҵахәхар ҳәа.

"Анцәа иџьшьаны ҳшәара башахеит. Аԥсаатә аҭрахьы ихынҳәит. Уи уа аҽа ҩба, хԥа мзы ани аби ирыцҟазароуп, ашәарыцашьа адырҵароуп", — иҳәеит аорнитолог.

Ауарба ҵыхәашкәакәа 20-25 шықәса ннаҵуеит. 2013 шықәса рзы Урыстәыла аԥсаатә рыхьчараз Аидгыла ауарба ҵыхәашкәакәа ашықәс аԥсаатә ҳәа ахьӡ рҳәеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0