Чрыгба: Аԥсны мап ацәнакуеит ахҵәацәа рпроблема алацәажәара

© Sputnik / Томас ТхайцукВиачеслав Чрыгба
Виачеслав Чрыгба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит апресс-конференциа, изаамҭанытәины имҩаԥысыз Женеватәи аилацәажәарақәа реихшьаалақәа ирызкни Италиа иаартыз акультуратә центр иазкни.

АҞӘА, рашәарамза 28 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит апресс-конференциа, изаамҭанытәины имҩаԥысыз Женеватәи аилацәажәарақәа реихшьаалақәа ирызкни Италиа иаартыз акультуратә центр иазкни. Қырҭтәыла ООН Ассамблеиа хадаҟны абри азҵаара ахьықәдыргыло инамаданы ҳареи Аахыҵ Уаԥстәыла аделегациеи мап ацәыркуеит уи азҵаара Женева алацәажәара иҳәеит апресс-конференциаҟны аминистр Виачеслав Чрыгба.

"Аԥсны аделегациеи Аахыҵ Уаԥстәыла аделегациеи мап ацәаҳкуеит Женева абри азҵаара ашьҭыхра, уаанӡа уи ҳшалацәажәозгьы. Ҳара уи адагьы изныкымкәа ЕАШ (США) ашҟа ааԥхьара ҟаҳҵахьан авизақәа роура азин ҳарҭарц, Аԥснытәи аделегациа Ниу-Иорк иқәгыланы рпозициа рыларҳәартә еиԥш аҭагылазаашьа роурц. Аха авизақәа ҳаҭара аӡәгьы дахыццакуам" — иҳәеит Чрыгба.

Чрыгба иажәақәа рыла аԥсуа ган изныкымкәа иднардырхьеит ахҵәацәа рганахьала иамоу апозициа.

"Қырҭтәыла изныкымкәа Ассамблеиа хадаҿы иқәнаргылахьеит ахҵәацәа рыхынҳәра азҵаара. Актәи ашықәс азы Ассамблеиа хада алахәылацәа рҽацәхьаркит абжьыҭира, аха нас арезолиуциа иадгыланы рыбжьы рҭиуа иалагеит. Қырҭтәылазы ари спорттә уснагӡатәык еиԥшны иҟалеит№ — иҳәеит иара.

Изаамҭанытәәиу Аахыҵ Кавказ аҟны ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Женеватәи жәларбжьаратәи аилацәажәарақәа рраунд мҩаԥысит рашәарамза 14 — 15 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0