Миха Лакрба ифырхацәа аекран аҟны идырбахоит

© Sputnik Саид БарганджияАԥсуа режиссиор қәыԥшцәа.
Аԥсуа режиссиор қәыԥшцәа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Миха Лакрба иновеллақәа ирылху акиноальманах ҭырхраны иҟоуп аԥсуа режиссиор қәыԥшцәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 1 – Sputnik, Саид Барганџьиа. Миха Лакрба иновеллақәа ирылху акиноальманах ҭырхраны иҟоуп аԥсуа режиссиор қәыԥшцәа. Акиноальманах азырхиахоит ашықәс нҵәаанӡа, иҳәеит акиномотографистцәа Рмилаҭтә еидгыла ахантәаҩы, апроект апродиусер Вианор Бебиа.

Иара иажәақәа рыла Миха Лакрба иновеллақәа аекран ахь риагара аидеиа цәырҵижьҭеи акырҵуеит, аха уи анагӡара мариамызт.

"Иахьазы еиҵагылеит арежиссиортә курсқәа ирылгаз аҿар, иҟоуп асценаристцәа. Иҳаӡбеит иҟало аабап ҳәа", — иҳәоит Бебиа.

Апроект апродиусер иҳәеит командакны рҽеидкыланы аҿар ишаԥырҵаз Аԥсны акиноматографистцәа Рмилаҭтә еидгыла.

"Аидеиа наҳагӡароуп ҳәа аназыҳаԥхьаӡа ашьҭахь, ишазыҟаҵаз анеилыскаа атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба иахь снеиит. Уи иаразнакы дышҳадгыло атәы сирдырит, ацхыраара шәысҭоит иҳәеит", ҳәа азгәеиҭеит Бебиа.

Бебиа иҳәеит аҭыхрақәа аԥхын азы ишазыԥхьагәаҭо.

"Афильмқәа зегьы аԥсышәала иҭыххоит", — иҳәеит иара.

Шьчукин ихьӡ зху аинститут аԥсуа студиа астудентцәа ргәыԥ аԥшьаша, рашәарамза 30 рзы имҩаԥнагеит акласс-концерт. - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи "Шьчукинаа" Аҟәа имҩаԥыргеит акласс-концерт

Асценарист Занда Какалиаԥҳа лажәақәа рыла зметраж кьаҿу афильмқәа хәба ҟалоит. Урҭ рҭыхра иалахәхоит арежиссиор қәыԥшцәа хәҩык. Дасу ихатәы новелла ҭихуеит.

Асценарист иазылыԥхьаӡоит Миха Лакрба Аԥсны инарылукааша шәҟәыҩҩуп ҳәа.

"Лакрба иновеллақәа – милаҭтә беиароуп, гәадуроуп. Ҳара ҳзынгьы урҭ арҿиамҭақәа ирылхны акино аҭыхра насыԥуп", — лҳәеит лара.

Ановеллақәа руак ҭихран дыҟоуп арежиссиор қәыԥш Дауҭ Логәуа.

"Аԥшьгара ахы анцәырнага инаркны аусура ҳҽаҳҭеит. Зегь рыла ҳаицхыраауеит", — иҳәеит Логәуа.

Дауҭ Логәуа иазгәеиҭеит арежиссиорцәа дасу иара дшазнеиуала ановелла шықәиргыло.

"Ҳара ҳҽазаҳшәоит ановеллақәа зыхцәажәо аамҭақәа раарԥшра, усҟантәи адоуҳа иахьазы ацәыргара", — иҳәоит иара.

Миха Лакрба иновеллақәа руак ҭылхуеит арежиссиор Илона Хәарцкьиаԥҳа.

"Аусураан ҳара ҳҽазаҳшәоит автор иидеиа аиқәырхара, иара убри аамҭазы иахьатәи ахәаԥшыҩ изы аинтерес аҳҭоит", — лҳәеит лара.

Арежиссиорцәа: Ҭимур Кәакәасқьыр, Дауҭ Логәуа, Джано Ҵурҵумиа, Илона Хәарцкьиаԥҳа, Инар Нарманиа русураан ацхыраара рылҭоит арежиссер-оператор Наала Аҩӡыԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0