Аԥсуа ԥсылманраҭҵааҩ Григори Смыр амҽыша 80 шықәса ихыҵит

© SputnikАшәҟәқәа. Архивтә фото.
Ашәҟәқәа. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭоурых наукақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны иаӡәыкны аԥсылманра ҭызҵаауа Григори Смыр ԥхынгәы 17 рзы 80 шықәса ихыҵит.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа

Григори Смыр аетнологиеи, акультурологиеи, аметодологиеи афилософиеи ҭиҵаауеит. Иараӡәк иоуп Аԥсны аԥсылманра ҭызҵаауа ҳәа иҳамоу.

"Сара издыруа Григори Смыр раԥхьатәи ишәҟәы азкын Аԥсны аԥсылманра аҭоурых. Иара ауаажәларра рҟны еиԥшымкәа ирыдыркылеит, избанзар аԥсылманра аҵак ду аманы дахцәажәон. Аҭоурыхдырыҩцәа реиҳараҩык иазырыԥхьаӡоит Аԥсны аԥсылманцәа рхыԥхьаӡара 15% иреиҳам, егьырҭ қьырсианцәоуп ҳәа", — иҳәоит аетнолог, апрофессор Валери Бигәаа.

Бигәаа инаҵшьны иазгәеиҭоит ашәҟәы "Ислам в Абхазии и пути преодоления его пережитков в современных условиях" Аԥсны аԥсылманра иазку раԥхьатәи шәҟәуп ҳәа.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь Смыр аетнологиа дазхьаԥшуа далагеит. Еизигеит ирацәаны аматериал. Абри аганахььала имоуп ишьахәӡоу аусумҭа "Животноводческая отрасль в бытовой культуре абхазов" атемала иҩу, ҳәа далацәажәоит Бигәаа.

2000 шықәса алагамҭаз Григори Смыр Москва ихьчеит адоктортә диссертациа адинхаҵара атема иазкны.

Григори Смыр аетнологиеи, акультурологиеи, аметодологиеи афилософиеи русхк знапы алаку ҵарауаҩуп. 10 монографиак, 160 рҟынӡа наукатәи рҵага-методикатәи брошиуреи статиеи дравторуп. Григори Смыр апедогогикатә ҵара Жәларбжьаратәи Анаукақәа ракадемикс далхуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0