Џьота Сақаниа иӡбахә Аԥсныҟа иааӡеит

© Предоставлено Григорием Скворцовым Џьота Сақаниа
Џьота Сақаниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзынӡа Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа алахәыла Џьота Сақаниа илахьынҵа шымҩаԥысыз ҳәа аӡәгьы акгьы издырамызт. Аҵыхәтәантәи адыррақәа Аԥснынӡа иааӡеит 70 шықәса ааҵуаны. Уи алыршахеит Sputnik информациатә партниорс иззыҟоу аграждантә аԥшьгара "Ахьӡ архынҳәра" апроект аусурала.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Џьота Сақаниа диит 1921 шықәса рзы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Аибашьрахь дцеит 1941 шықәса рзы. 1942 шықәса рзы дырҭаслымны анемец концлагер аҿы дҭакын. Уи атәы аҳәоит аконцлагер "Шталаг" имҩаԥнагоз ашәҟәынҵараҟны. Џьота арахь даанагеит 1942 шықәса цәыббра 26 рзы.

© Sputnik, Бадрак АвидзбаРодственник получает известие о судьбе Джоты Сакания
Родственник получает известие о судьбе  Джоты Сакания  - Sputnik Аҧсны
Родственник получает известие о судьбе Джоты Сакания

Џьота иӡбахә зҳәоз ашәҟәыбӷьыц игәакьацәа Аҟәатәи арратә ҵараиурҭа акурсантцәа ианрызнарга рылабжыши рыччаԥшьи еилаӡҩон.

Џьота иашьа агәакьа имоҭацәа Ионеи Русҭами иазгәарҭеит реиҳабацәа рыԥсы ахьынӡаҭаз иӡбахәк ҳаҳандаз ҳәа ишыԥшыз.

"Ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит имҩаԥыжәго аус ԥшьазы. Шәара шәеиԥш иҟоу ауаа ыҟанаҵ ҳҭоурых афырхацәа рыԥсы ҭоуп", — иҳәеит Иона Сақаниа.

Апроект "Ахьӡ архынҳәра" автор Григори Скворцов иазгәеиҭеит Џьота Сақаниа анышә дахьамадоу, Польша аҭаара.

Џьота иуацәеи иҭынхацәеи агәаҳәара ду рымоуп ари аҭыԥ ԥшьа аҭаара.

Хабарда иӡыз рыԥшаара рнапы алакуп Аҟәатәи арратә ҵараиурҭа акурсантцәа.

Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аан хабарда ибжьаӡыз Мисак Ианукиан имоҭа. - Sputnik Аҧсны
Аибашьҩы имоҭа: сабду анышә дахьамадоу збарц сҭахуп

"Ҩымчыбжьа раԥхьа аԥшаарақәа нап рылаҳкит. Аусура даара иуадаҩуп избанзар ашықәс рацәа иаԥсаххьеит аҭыӡҭыԥқәа. Сара сзы сызҿу аус акраҵанакуеит. Егьа аамҭа рацәа царгьы аԥсадгьыл зыхьчоз рхаршҭра азин ыҟам", — иҳәоит акурсант Аслан Қәҭелиа.

Алагертә шәҟәынҵаҟны иарбоуп Џьота Сақаниа (№96071) алагер ахь даннанага ашьҭахь хымз ааҵуаны 1942 шықәса ԥхынҷкәынмзазы.

Аԥснынтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын 55 000-ҩык. Урҭ рҟынтәи 8 000-ҩык хабарда ибжьаӡит. Хабарда ибжьаӡыз 8 000-ҩык рҟынтәи 320-ҩык рлахьынҵа еилкаауп апроект "Ахьӡ архынҳәра" алшарала.

Шталаг — иркьаҿу ахьӡ (Stammlager, инагӡоу ахьӡ — "Mannschaftsstamm und Straflager") Вермахт аконцентрациатә лагерқәа (шталаг), Люфтваффе (шталаг Люфт) Кригсмарине (Марлаг).

Ашталагқәа Вермахт анапхгара анапаҵаҟа иҟан, 1944 шықәса инаркны – СС анапаҵаҟа.

Ажәабжьқәа зегьы
0