АҶА иалшо зегьы ҟанаҵоит ақәаршҩы ахҟьа-ԥҟьақәа рырҽеиразы

© Sputnik Роберт ДжопуаАқәоура ашьҭа-мышьҭақәа
Ақәоура ашьҭа-мышьҭақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь аҩнқәеи амҩадуқәеи аӡы хышхыҵәа ирыҵоуп. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра иалшо зегьы ҟанаҵоит ақәаршҩы ахҟьа-ԥҟьақәа рырҽеиразы.

АҞӘА, нанҳәа 4 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны илеиз ақәаршҩы ӷәӷәа Аҟәа ақалақь аӡы иланаргылеит, иҳәеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа.

"Ақәаршҩы иахҟьаны амҩадуқәа аӡы рнылеит, аҩнқәа аӡы рыҩналеит. Уажәы ҳусуҩцәа атәыла Ахада Иусбарҭа иахьаҵанакуа арыцқьаратә усурақәа ирҿуп. Уажәазы амҩақәа маҷк рхы иақәиҭуп, автотранспорт аныҟәара еиҭашьақәыргылоуп", — иҳәеит Кәыҵниа.

Иара иазгәеиҭеит АҶА аусуҩцәа зехьынџьара аусурақәа шымҩаԥырго.

"Аусутә рацәаӡоуп. Ауааи атехникеи рыцхыраара ҳҭахуп. Ҳамчқәа азхаӡом. Иҳамаз атехника зегьы аусура иаҿуп", — иҳәоит иара.

© Инал ТарбаПоследствия стихии в Сухуме
Последствия стихии в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Последствия стихии в Сухуме

Аминистр иажәақәа рыла аамҭакьаҿк ала мызктәи анормабжа ақәа леиит. Аԥсны егьырҭ араионқәа рҟны машәыр ҟамлеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0