Хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз ргәалашәара амш азгәарҭеит Гагра

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаХатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз ргәалашәара амш азгәарҭеит Гагра
Хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз ргәалашәара амш азгәарҭеит Гагра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 15 рзы хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз ргәалашәара амш азгәарҭеит Гагра.

ГАГРА, нанҳәамза 15 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Ԥхынгәы 15 рзы, хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз ргәалашәара амш аҽны, Гагра ақалақь, Мамзышьха аҳаракыраҟны ишьақәыргылоу, Гагра араион ахақәиҭтәраан иҭахаз Нхыҵ-Кавказтәи аибашьцәа Ибрагим Науржанови, Нургали Канукови, Хасан Алхасови ркомандаҟаҵаҩ, Гәдоуҭа араион иалҵыз Валери Смыри рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит аибашьра аветеранцәа, Гагра араион Ахадара.

"Нанҳәамза анҵәамҭазы 1992 шықәсазы, Мамзышьха аҳаракыраҟны аидыслара ӷәӷәа ҟалеит. Усҟан, Гагра ақалақь ақырҭуа мпыҵахалаҩ имҽхакны дыҟан, ашьхараҟынгьы итәан дара рыԥшыхәратә гәыԥ. Валери Смыр командаҟаҵаҩс дызмаз аԥсуа еибашьцәеи хатәгәаԥхарала иааны еибашьуази злахәыз агәыԥ, Мамзышьха аҳаракыраҟны аӷа аҿагылара ирҭарц рҽазыршәеит. Арҭ амшқәа раан аӷа хәымга ихымца рыԥсҭазаара ҿахнаҵәеит Валери Смыри, Ибрагим Науржанови, Нургали Канукови", — иҳәеит Гагратәи абыжьбатәи ахысратә бригада акомандаҟаҵаҩ Роман Рабаиа.

Хасан Алхасов иакәзар, дҭахеит Гагра араион ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз аҵыхәтәантәи ажәыларатә аоперациаҟны. Иара ибаҟа, арҭ арԥарцәа рааигәара ишьақәыргылоуп, Хасан Алхасов иаб иааирԥшыз агәазыҳәарала.

Есышықәса Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра иадҳәалоу агәалашәаратә мшқәа раан, аибашьцәа рбаҟақәа ирҭаауеит еиуеиԥшым аделегациақәа.

Ианҭаха ашьҭахь, аибашьцәа ираҭәашьан аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа. Валери Смыр ианашьоуп "Агәымшәаразы" амедал, Ибрагим Науржанови, Нургали Канукови, Хасан Алхасови ираҭәашьоуп Леон иорденқәа.

"Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра иалагӡаны, аешьаратә тәыла ахақәиҭтәразы рыԥсы ахҭнырҵеит 163-ҩык хатәгәаԥхарала иааз Нхыҵ-Кавказтәи аибашьцәа. Дара рахьтә ирацәаҩуп Аԥсны афырхаҵа хәа ахьӡ ҳаракы зыхҵоу, иара убас Леон иорденқәеи "Агәымшәаразы" амедалқәеи занашьоу", — ҳәа ҳаилиркааит Гагра араион арратә комиссар Дмитри Ҳагба.

Хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз рыешьаратә жәҩахыр иалнаршеит ишьаарҵәыраз аибашьраҿы аиааира агара.

Ажәабжьқәа зегьы
0