Чечентәылатәи аделегациа аҭааит Аахыҵ Уаԥстәылантәи аибашьраҿы иҭахаз аҵеицәа рбаҟа

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаЧечентәылатәи аделегациа аҭааит Аахыҵ Уаԥстәылантәи аибашьраҿы иҭахаз аҵеицәа рбаҟа
Чечентәылатәи аделегациа аҭааит Аахыҵ Уаԥстәылантәи аибашьраҿы иҭахаз аҵеицәа рбаҟа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Чечентәылатәи аделегациа алахәцәа, ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз Аахыҵ Уаԥстәылатәи аҵеицәа Ԥсахара ишьақәыргылоу рбаҟа амҵан.

ГАГРА, нанҳәамза 15 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Арегионалтә ауаажәларратә еиҿкаара, Чечентәылатәи ареспублика аԥсуа хатәгәаԥхаҩцәа Рхеилак ахаҭарнакцәа, ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит Ԥсахара ақыҭан ишьақәыргылоу, Гагра араион ахақәиҭтәраан иҭахаз, Аахыҵ Уаԥстәылантәи хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз Џьамал Сиукаеви, Роберт Петров-Кокоеви, Ацамаз Маргиеви рбаҟа амҵан.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАахыҵ Уаԥстәылантәи хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз Џьамал Сиукаеви, Роберт Петров-Кокоеви, Ацамаз Маргиеви рбаҟа
Аахыҵ Уаԥстәылантәи хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз Џьамал Сиукаеви, Роберт Петров-Кокоеви, Ацамаз Маргиеви рбаҟа - Sputnik Аҧсны
Аахыҵ Уаԥстәылантәи хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз Џьамал Сиукаеви, Роберт Петров-Кокоеви, Ацамаз Маргиеви рбаҟа

30-ҩык хатәгәаԥхарала еибашьуази, иҭахаз рҭаацәеи злахәыз аделегациа Аԥсны иааны иҟоуп атәыла анапхгара ирырҭаз ааԥхьарала. Дара хықәкыс ирымоуп, иахьатәи амш иалагӡаны, Аԥсны иахьаҵанакуа, хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз рахьтә иҭахаз ирыхьӡынҩылоу рбаҟақәа рҭаара, ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара.

"Раԥхьаӡа ҳара ҳаҭааит Гагра араион Ԥсахара ақыҭан ишьақәыргылоу, Аахыҵ Уаԥстәылантәи иҭахаз аҵеицәа рбаҟа. Анаҩс ҳамҩа ҳархоит Гәдоуҭаҟа. Ҳара ҳзы игәахәара дууп, аԥсуа жәлар иахьырхамшҭуа Нхыҵ-Кавказтәи аҵеицәа", — иҳәеит арегионалтә ауаажәларратә еиҿкаара, Чечентәылатәи ареспублика аԥсуа хатәгәаԥхаҩцәа Рхеилак ахантәаҩы Гелани Хабибулаев.

Аделегациа иалоуп, хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз рахьтә иҭахаз, Аԥсны Афырхацәа ҳәа ахьӡ ҳаракы занашьоу Темирбулат Ахмадови Мусса Иусупови рыҳәсеибацәа. Дара ражәақәа рыла, ари аешьаратә тәылахь ирымоу абзиабара, еснагь ргәы иԥхарраны иҭоуп.

Хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз ргәалашәара амш азгәарҭеит Гагра - Sputnik Аҧсны
Хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз ргәалашәара амш азгәарҭеит Гагра

Иара убас, агәыԥ далоуп Чечентәыла Жәлар рпоет Умар Иаричев.

"24 шықәса раԥхьа, арҭ амш еиқәаҵәақәа рзы, аԥсуа жәлар ашьаарҵәыра иҭагылеит. Ари иаҳзеиԥшыз гәырҩахеит, аҟынтә, Нхыҵ-Кавказтәи шәашьцәа ргәы меиҭаскәа ишәывагылеит. Иахьа, аԥсуа жәлар аџьшьара шәыҭо, иҭабуп ҳәа шәасҳәоит, абас еиԥш Нхыҵ-Кавказтәи аҵеицәа рбаҟақәеи рҳаҭгәынқәеи еиҿкааны иахьшәымоу. Уаҳа ахаан ари иссиру адгьыл аҟны еибашьра ҟамлааит", — ҳәа ациҵеит апоет Умар Иаричев.

30-ҩык рахьтә 10-ҩык аделегатцәа рыԥсшьарамшқәа еиҿкаауп Пицунда, егьырҭ Аҟәа.

Арегионалтә ауаажәларратә еиҿкаара, Чечентәылатәи ареспублика аԥсуа хатәгәаԥхаҩцәа Рхеилак ахантәаҩы Гелани Хабибулаев иазгәеиҭеит, дара рганахь Аԥсны аиҳабыра агәцаракра ду шаадырԥшуа.

Чечентәылатәи асасцәа Аԥсны иҟазаауеит мчыбжьык иалагӡаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0