Аурысцәа рдачақәа. Иӡыз аԥшӡара

© Foto / из архива Анзора АгумааСанаторий "Азра", 1914 год
Санаторий Азра, 1914 год - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арифа Қапԥҳа лматериал аҟны шәаԥхьар алшоит зҷыдарақәа зцәыӡны иаабац аҩнқәа ирԥеиԥшхаз архитектуратә хыбрақәа рыӡбахә.

Ажәытә Аҟәа иалаҵәаны иҟан архитектуратә стиль модерн. Ақалақь аҟны имаҷмызт абри астиль ала иргылаз аҩнқәа, аха аибашьреи уи ашьҭахьтәи аамҭақәеи, ауаа гәымбылџьбарала урҭ рызнеишьеи ирыхҟьаны урҭ рыԥшӡара хнырҳәышьа амамкәа идырӡит. Иҟоуп апластикатә ԥенџьырқәа рыла адунеи иқәыԥшуа иаанхазгьы. Убарҭ иреиуоуп аполковник Аверкиев иҩны.

© Фото : предоставлено Баталом КобахияДача Аверкиева в советское время.
Дача Аверкиева в советское время. - Sputnik Аҧсны
Дача Аверкиева в советское время.

Аполковник Аверкиев идача аибашьраан ааха рацәа аиуит. Ақалақь аҭоурыхдырыҩ Анзор Агәмаа ишиҳәоз ала аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы аснариад аахеит. Ус шакәызгьы улаԥш аадхалартә иҟан.

Адача ақәгара аамҭақәак шагыз иара афотосахьақәа ҭихит Отто Лакоба.

АНА - Sputnik Аҧсны
Ажәытәтәи аԥшӡара зцәымӡыц: аҵарауаа рвиллақәа

Аверкиев идача аҭоурых маҷны иаадыруеит. Иара ргылан 1905 шықәса рзы, аполковник ԥхьатәи Александр Степан-иԥа Аверкиев изы. Асовет аамҭа анышьақәгыла ашьҭахь араҟа аҭынхада хәыҷқәа рзы аԥхьарҭа аартын. Насшәа – нхарҭа ҩнны иҟалеит.

Аполковник Аверкиев идача иацәыхарамкәа игылан аҽа хыбрак. "Акурорталогиа" ҳәа изышьҭо асанаториа "Азра". Уигьы ианаамтаз улаԥш узадгомызт.

Ахыбра ргылан 1913 шықәса рзы Черниавски ишьхаҟны. Ԥшьбаны еихагылаз ари ахыбра ақалақь аҟны еиҳа иԥшӡақәаз ирхыԥхьаӡалан.

Асанаториа лхатәын Екатерина Дмитри-иԥҳа Алферова. Анзор Агәмаа ишазгәеиҭоз ала арахь ауаа рацәа аауан, мызкы ара аҟазаара 150 мааҭ иаԥсан.

Асовет аамҭақәа рзы асанаториа "Азра" ахьӡ изныкымкәа иԥсахын. Аԥхьа Ефрем Ешба ихьӡ ахҵан, нас "Март 4" ҳәа, аха ахырхарҭа шыҟаз иааныжьын.

1950-тәи ашықәсқәа раан араҟа аусура иалагеит акурорталогиа аинститут. Иара убасҟан ауп ахыбра аԥшрагьы аԥсахра ианалагаз.

© Sputnik / Томас ТхайцукСанаторий "Азра"
Санаторий Азра - Sputnik Аҧсны
Санаторий "Азра"

Арҭ аҩ-ҭоурыхк угәы зырмаҷуа ракәны иҟоуп ақалақь архитектуратә хаҿра уаналацәажәо. Руак зынӡаск иаҳцәыӡхьеит, егьи акәзар иахьанӡагь ишааӡазгьы ажәытәтәи ахаҿра аԥхыӡ еиԥш иниасны ицахьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0