Урыстәыла Аҳра аинрал Туманов "дшаԥсыуахаз"

© Фото : Дмитри ГабелиаАинрал Иуана Туманов
Аинрал Иуана Туманов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧсуа қыҭа Оҭҳара инхо ржәытә ҵаслеи рҟазшьалеи аҧсуара уагәылазхало, уи амаӡақәа раартра насыҧс измоу Тумановаа рҭаацәа аҭоурых дазааҭгылоит Дмитри Габелиа.

Аҧсуа етно-культуратә ҳәаақәа рыҩныҵҟа иҿио ари ахылҵшьҭра аҭоурыхи ахыҧшеи ҳаразкуаз ауаа қьиақәа, аҵеицәа хазынақәа еснагь иақәын. Ҳмилаҭ рҧеиҧш ажәлаҟьаҩцәа иреиуаз уи ахылҵшьҭра ахаҭарнакцәа рыхьыӡ иаҧсаны, рхыҧша ҩбамтәуа Оҭҳара ақыҭа аҩнаҭа ду аҿы иахьагьы ҳаҭырла инхоит иҕьацоит Туманов Лезик иҭаацәа.   

Егьараан салсны избахьан ари ақыҭа ҧшӡа, акырынтәгьы исаҳахьан Тумановаа ирызку аҭоурыхтә жәабжьқәа. Уажәы уахь сымҩахыҵра сгәалашәарақәа зегьы арҿыцит, иханарҭәааит. 

Раҧхьаӡа иргыланы, рашҭа санааҭала инаркны акымкәа-ҩбамкәа аҿырҧшыгақәа сыла иаахгылеит. Ашҭа, асасааирҭа, аҩн ду, аҧшәма, аҭаацәа, аҧсынҵра ду, – зегьы ҿырҧшыгоуп. Ари аҭаацәа рықә аҿы ажәҩангьы аҽакуп, – ицқьоуп, иҭбаауп, иразуп. Алахҿыхра. Агәалаҟазаара. Аҧшәма и-Бзиала шәаабеит! Аҧсуа қыҭақәа, жәытә ҵасла ашәа зныҩуа аҩнаҭақәа рҿы иубаша, иуаҳаша, аха иахьа уарла-шәарла иуҧыло…

Гәахәарала зашҭа ҳҭалаз аҩнаҭа иатәын: аурыс аҳратәра арбџьармчқәа ринрал Иуана Туманов; Актәи адунеизегьтәи аибашьраҿы (1914-1918 шш.) "Аҧсуа сотниа" иалаз аишьцәа Дырмити, Гьаргьи, Самсони (Иҧшьоу Гьаргь иџьар 4-тәи аҩаӡара занашьаз) Тумановаа; 1939-1940 шықәсқәа рзы Финтәи аибашьра иалахәыз Борис Туманов; 1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Раиа Туманова. 

Аҳратәра аинрал Туманови апринц Ольденбургскии

Аурыс арбџьармчқәа ринрал Иуана Туманов аҳратәра аҿаҧхьа илшарақәа рзы аҳәынҭқар иусҧҟала нхара Гаграҟа даашьҭын. Иахьа аҭхаџьырҭа "Гагрыҧшь" ахьгылоу инаркны Гагратәи аҳәынҭқарратә дача аҟынӡа 100 гектарк адгьылгьы ҳамҭас ианеишьеит. 

Дмитри Габелиа. - Sputnik Аҧсны
Габелиа: ахәынҭқарра зыргыло аекономика акәӡам, ажәлар рҟазшьеи рдоуҳамчи роуп

Аҭхаџьырҭа "Гагрыҧшь" аӡбахә ҳҳәозар, ишдыру еиҧш, иахьа уи ахыбра апринц Ольденбургски иргылеит ҳәа иҧхьаӡоуп. Иара убас, иазгәарҭоит Гагра курортк аҳасабала ашьақәгылараҿы апринц егьырҭ илшарақәагьы. Аха абраҟа иазгәаҭатәуп Иуана Туманов шиакәу, ҳазлацәажәо ахыбра аргылара хацзыркыз, иагьыназыгӡаз. Излеилкаахаз ала, усҟан уи ҭхаџьырҭаӡамызт, аинрал ихазы иргылаз ҩнын. Уи ус шакәу зырҵабыргуа ашәҟәқәа шьҭоуп Санкт-Петербург архивқәа руак аҿы, аха официалла рыҭҵаара, анаҩс ркьыҧхьразы макьана аӡәгьы иҽазимкыц. Аиашахаҭазы иаҳҳәозар, аҭхаџьырҭа мацара акәӡам аинрал имчала ақалақь Гагра ажәытә хәҭа иаҵанакуа аргыларақәа рҟынтә иҟоу ахыбрақәагьы. Уи ихазы адагьы, ақалақь арҧшӡаразы, иаҭаауаз рыҧсшьареи разҿлымҳареи реиҕьтәразы еиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқәа инапы рылакын.

"Гагрыҧшь" иаҭаахьан ҳаҭыр зқәыз асасцәа дахьқәа, раҧхьаӡа иргыланы: аимператор Николаи Аҩбатәи, Сталин, ашәҟәыҩҩцәа – Чехов, Бунин, Горки, ашәаҳәаҩ Федор Шалиапин. Леонид Леонови, Бруно Иасенскии, Нестор Лакобеи араҟа еиқәшәахьан. 

Николаи Аҩбатәи 1912 шықәсазы Гагра дааны дыҟан. Усҟан уи дымҩахыҵит Иуана Туманов апринц ҳамҭас ииҭаз иҩны "Гагрыҧшь" ашҟа. Аимператори апринци аиуара шрыбжьаз еиҧш, Иуанагьы апринц дизыҟан. Уи арҵабыргырц аҭахушәоуп ишҭыху Ермитаж ахыбраҿы иҵәаху "Гагратәи астанциаҿы" захьӡу, идырым аурыс сахьаҭыхҩык иусумҭа. Уаҟа иҭыхуп апринц Ольденбургскии Иуана Туманови аҭхаџьырҭа "Гагрыҧшь" аҧхьа иеидгыланы.     

Лезик Туманови уи игәалашәарақәеи

Оҭҳаратәи ашкол иалгаз Лезик Туманов аррамаҵзура дахысуан Севастополь амшынтә флот аҿы. Уи дзықәтәаз аҕбақәа рзы абылтәы ныҟәызгоз атанкер адҵа аиуит Севастопольнтәи Финтәи аӡыбжьахалаҿы иҟоу ақалақь Выборг ицарц. Убраҟантә, ҿыц идыргылаз атомтә аӡаҵаҟатәи аҕбақәа ҩбеи Лезик Туманов дзықәтәаз аҕбеи еицны, Гаваитәи адгьылбжьахақәеи Гонолулуи рыла, инаӡеит Петрапавловск-Камчатски. Урҭ инеиҧынкыланы 68 мшы аӡы ихын. 

Лезик излеиҳәо ала, Ладатәи Америка Аокеан Ҭынч аҿы иҟоу аҵааҧҽыхақәа ианаарыдгыла 11 балл ашторм ҟалеит, аха ирулакгьы рыҧсы рыманы иалҵит. Аха аҕба аҵаа иаунашьҭуа иҟамызт, уааҭгылар аҵаа иалашәуан. Ацхыраара аныҟала, Лезик дзықәтәаз аҕба изкыз аҵаа ҧҽны иоурыжьит. Урҭ Петропавловск-Камчатски 15 мшы игылан, анаҩс Иапониатәи Амшын ала Владивосток иааганы иаанрыжьит.  

"Адгьылбжьаратәи Амшын аҿы адгьылбжьаха Мальта ҳашгылаз инеит "Октиабртәи ареволиуциа" захьӡыз акреисер. Уа аҧсыуак дақәтәазар, мамзаргьы Тумановк дыҟазар ҳәа аҵааҧшаара салагеит. Туманов ҳаргьы дҳамоуп ҳәа ҿааиҭит аӡәы. Анаҩс данаарга дгәыдыскыло, сизӡатәуа, сидгьыжьыло салагеит сара стәык дызбеит ҳәа ари аиҧылара гәырҕьахәны ишьҭыхны. Иара дыхьшәашәаӡа, ҿымҭӡакәа, сатәаимбошәа дгылан дысзыҧшуан. 

Уи ауха акреисер "Октиабртәи ареволиуциа" асхема ҕьычны, сдыр ҿыц Америкатәи афбатәи афлот ашҟа дыбналазаап. Ҵхыбжьон асааҭ хҧа рзы адырра ааҟарҵан, зегьы ацәаҳәа ҳаақәдыргылан – ари узацәажәоз уҩыза дышпионзаап, ус акәзар уаргьы ушпионуп рҳәан, аҟарул сыцҵаны Севастопольҟа сааргеит. 

Амшынеиқәатәи афлот Контрадмирал Саакиан сус иӡбон. Уи шьҭрала аҟәатәиин. Акыр сус дахаҵгылеит, дацныҟәеит. Мызкы сдырххон. Аха нас еилыркааит сара акгьы сус шаламыз. 

Уи аамышьҭахь акыр шықәсқәа ҵит… Оҭҳара аҩны ҳшыҟаз аурыс телехәаҧшраҿы иаҳдырбеит уи ашпион дгьежьны Урыстәылаҟа дшааз. Уи Олег Туманов иакәын". 

Ишдыру еиҧш, Олег Туманов Асовет Еидгылеи Америкатәи аштатқәеи рымаҵ зуа ҩынтәны иагентыз иакәын. Уи 1965 шықәсазы Асовет ҳәынҭқарраҟынтә дыбналаны данца ашьҭахь 20-шықәса инарзынаҧшуа Миунхен ақалақь аҿы дынхон, "Радио Свобода" аурыс маҵзураҿы дредакторын. 

Уи аамҭазы Олег Туманов адунеи аҿы реиҳа иҕәҕәаз аҧшыхәрақәа ирызку аматериал еизигон. Иахьагьы "атәыла аҧсахҩы" ҳәа дыҧхьаӡазаарын, 1986 шықәсазы Бырзентәылантәи дыбнамлазтгьы КГБ 5-тәи аҟәша аполковник В. Гундарев. Аполковник идыруан Олег Туманов ҩынтәны дшагентыз, насгьы урҭ адыррақәа америкааи анемеццәеи ириҭар илшон. 

Олег Москва данааи, Асовет Еидгыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы апресс-конференциа мҩаҧигеит. Уаҟа иаахтны иҳәеит "Радио Свобода" аҿы ишыҟоу Асовет ҳәынҭқарра иаҿагыланы адиверсиақәа зуа аидеологиатә центр. 

Уимоу, 1966 шықәсазы Олег Туманов ЦРУ аамҭала дара рҳәатәахьы диаганы дрыман аҟнытә, хаҭала уи идыруан акрызҵазкуаз аӡәырҩы рҭархашьақәа, насгьы иҭазырхоз зусҭцәаз. Иара убас аҧсахҩы аинрал Калугин иҭоурыхгьы. 

Олег Туманов иҧсҭазаара далҵит Москва 1997 шықәсазы, игәалашәарақәа еидызкылоз ашәҟәы аҩбатәи атом аҭыжьра дахьымӡакәа. Аҧсуа Лезик Туманов иакәзар, Олеги иареи реиқәшәара иахьагьы ихамышҭуа хҭысны еиҭеиҳәоит.

Гьаргь Туманов ихыԥшеи илахьынҵеи

Гьаргь Давид-иҧа Туманов шықәсыбжак аҟара аҵара иҵон Петербургтәи афизика-математикатә университет аҿы. Анаҩс, ақьырсиантә уахәама асеминариахь диасит. 

Уи иааигәаӡаны дыздыруаз Алеқсандр Чичба 1977 шықәсазы иҳәамҭаны инхеит, "Гьаргь Туманов иуаҩышьа бзиан, идыррақәа ҳаракын (атәымбызшәақәа рацәаны идыруан), ауаа ҳаҭырла дрызныҟәон. 1911 шықәсазы Петербург аҵара аҭаларазы сышнеиз анеликаа, мчыбжьык иназынаҧшуа сызҵаарақәа рыӡбаразы дсыцныҟәон. Аха аҵара санызҭамлагьы, мызкы инеиҳаны есҽны сааигәа дыҟан, ақалақь Петербург салаирҧшуан". 

Мызкы ааҵхьан Алеқсандр Чичба дгьежьит иҩныҟа, Аҷандараҟа, аха уи ауаҩы лашеи иареи реиқәшәара акыраамҭа игәы иҭнымҵәо иҭан. 

Хатәгәаԥхарала еибашьра иааз. - Sputnik Аҧсны
Агәыҳалалра ыҟанаҵ дыҟазаауеит ауаҩгьы

Шықәсқәак рыла Алеқсандр Чичбеи Гьаргь Туманови Аҟәа еиҭа еиқәшәеит. Усҟан Аҧсны аполитикатә хҭысқәа еилашуан, Асовет мчра ашьақәыргыларазы ажәлар ақәҧара иаҿын. Дук хара имгакәа, 1918 шықәсазы Аҧсны Асовет мчра шьақәгылеит, аха, рыцҳарас иҟалаз уи анарха 40-мшы еиҳамхеит. 

Абарҭ аполитикатә хынҭаҩынҭарақәа раан Гьаргь Туманови Алеқсандр Чичбеи реиқәшәара атәы аазырҧшуа Чичба игәалашәарақәа рҟынтә ҳаҧхьоит: "Аҟәа срықәшәеит Гьаргь Туманови Дмитри Аланиеи. Санаарыдгыла Аҧсны иҟаз амлакра алацәажәара иаҿын. Гьаргь иҳәеит уи азҵаара Нестор Лакоба иаҧхьа ишықәиргылаз, аха дшахамыҵгылаз. Нестор иаахҵәаны иҳәазаап ареволиуциа аамҭазы аџьықәреи азҵаара аӡбаха шимам, аха Асовет мчра ааир Ленин аҧсуаа рзы аџьықәреи дшамеигӡо. Анаҩс, Туманови Аланиеи еибырҳәеит Кавказ Нхыҵҟа ицарц, уаҟатәи ақьырсианцәа рымчала аџьықәреи еизганы Аҧсныҟа иааргарц. Ус иагьыҟарҵеит. Адәыҕба авагон азна аџьықәреи Шәача иаадгылт. Анаҩс, ауардынқәа рыла иааганы ақыҭақәа ирзыршеит, инеит Оҭҳарагьы". Иара убас, Чичба далахәын 1919 шықәсазы Гьаргь Туманови Нестор Лакобеи Гәдоуҭа реиқәшәара. Уаҟа Гьаргь Нестор Лакоба ииҭеит Шәачантә иааигаз абџьар ("маузер" атапанчақәа). Уи тапанчак ҳамҭас Нестор ианашьо иҳәеит, "Уара уҧсуа жәлар рзы унапы злаку аус аҿы, аҕацәа аменшевикцәа уриааирц икылкааны ахысшьа уҵароуп". 

Сентиабр 16, 1920 шықәсазы Гьаргь Туманов Москватәи Архиепископ сасра дизцеит. Ҩбаҟа сааҭ ианеицәажәа ашьҭахь, ачеиџьыкахь ииасит. Уи аамҭазы изыҩнатәаз ауада дааҩналеит (анаҩс зхаҭара шьақәыргыламхаз) хаҵаҧшьк аҩы иманы. 

Гьаргь, ҿамҩак иадамхаргьы, аҩыжәра хаҭала ахаангьы дақәшаҳаҭмызт. Аха, уи ауха ишыҟалалакгьы ҵәыцак аҩы ижәит. Адырҩаҽны машьынала Аҧсныҟа амҩа дықәлеит. Уи дицын (амашьына аҧсҟы икын) Архиепископ аҩы изназгаз ахаҵагьы. Амҩан Гьаргь иаалырҟьаны изцәырҵыз ахьаақәа ирыхҟьаны, акымкәа-ҩбамкәа ақалақьқәа рҿы дныдгыла-аадгыло, игәабзиара дацклаҧшуа днаӡеит Батаиск ақалақь аҟынӡа. Уаҟа иҿахҵәеит иҧсҭазаарагьы. 

Аҧсныҟа иааз ажәабжь бааҧс иашьҭарххны Нестор Лакобеи Дмитри Аланиеи жәаҩык инарзынаҧшуа ауаа рыцны уахь амҩа иқәлеит. Уи аамҭазы Аҧсны иҭыҵуаз агазеҭқәа рҿы ирыҩуан Гьаргь Туманов иҭахара зыхҟьаз амҩаҿы иҟалаз амашәыр акәушәа. Уи астатиақәа аиаша иацәыхаран. Иҟалаз аиаша здыруаз иреиуан Туманов изааигәаз ауаа: Тит Хасаиа, Дмитри Аланиа, Вера Лакоба уҳәа убас егьырҭгьы. Аха, урҭ усҟангьы, анаҩсгьы ишәаны ирызҳәомызт. Аланиа иакәзар, уи Гьаргь иҧсыжра аҽны иқәгылараҿы иазгәеиҭеит мышкызны аиаша иҳәараны дшыҟоу атәы. 

Хәыҷи дуи рхы-ргәы далхны, Гьаргь Туманов анышә дамардеит Оҭҳара ақыҭаҿы. Ишырҳәо ала, аҧсыжра ашьҭахьгьы ари ауаҩы лаша иҭахара зыхҟьаз ҳәа ацәажәарақәа еихсыҕьуамызт. Џьоукы иргәаладыршәон Лакобеи иареи рҳәоуеиқәымшәара, даҽа џьоукы арыцҳара аҵаҵҕәы аҳәаанырцә иаҵырбаауан, аха аиаша ахаҭа иахьагьы уаҩы изымдыруа иаанхоит, иҟалап издыруа ыҟазаргьы, аха макьанагьы ирзымҳәозар…

Ажәабжьқәа зегьы
0