Берзеқь Кәыџԥҳа: ҳабдуцәа ахьықәҵыз адгьыл сызнеир, избар - џьанаҭ сымцоз

© Foto / Сырма АшәԥҳаБерзеқь Кәыџԥҳа.
Берзеқь Кәыџԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ Берзеқь Кәыџԥҳа еиҭалҳәоит лыԥсадгьыл ахь илымоу абзиабареи лыҷкәын Аԥсны данааи дышрыдыркылаз атәи.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

"Аԥснынтә быжьқыҭак еицны иааит Шарыҭхәа-иԥа Асланбеи ззырҳәо иицны. Аигбақәа, Ахбақәа, Анашбақәа, Акьацәқәа, Урыс-иԥацәа. Уи имаҭа сара сыԥшәма иакәын, иԥсҭазаара далҵхьагәышьеит. Саргьы субыхуп. Саҳәшьеиҳабы Аӡынаа (Кәаӡаа) дрыман Бычка ақыҭа, ҩыџьа лԥацәа ыҟоуп, лҭацацәа, лмаҭацәа еиҵыҩҩы иҟоуп, лара дыԥсгәышьеит.

Наиме Барцыц - Sputnik Аҧсны
Наиме Барцыцԥҳа: сылақәа ирбаз ала, сгәы раҳаҭӡа сыҟоуп

Аԥсуара ирацәаны пату ақәысҵоит, исылшар Аԥсны сцаны, ишынеишабыку зегьы сҽаарыкәыршаны сгәы иааҭасҵар аҟара убас бзиа избоит, ҳабдуцәа ахьықәҵыз адгьыл сызнеир, избар џьанаҭ сымцоз?! Ҳара ҳтоурых, иаҳхысыз, ҳзыниаз-ҳзынԥаз ҽеила еиҽкааны иҳаздыруам.

Ашьҭахь, сашьа данахьӡа, рызегьы дрышьҭаланы еиликааит. Уажәы, Шарыҭхәаа ззысҳәо, ҳабду, Кавказ аҭыԥкәа иреиԥшыз ақыҭақәа алхны итәеит ара. Сабду Хәсеин, Бычка ақыҭа анхара далагеит. Сыҷкәын, Акәыџбақәа рҭыԥ збап ҳәа Аԥсны дцеит.

Ҽыла дхаргалеит уи аҭыԥ ахь, аҵаҟа аӡиа иасны ицон. Шарыҭхәа-иԥа Асланбеи, аҽы дзықәтәоз ашьапқәа қьафынала ирыцқьаны, нас ирбаны, убас дақәтәон. Ақәа леины иҟазар, дзырсуаз аӡы хәашьызар, аҽы аӡба иакыр, аӡы аиржәыр ҟалаӡомызт. Аҽы ахаҭа, аӡы шыхәашьыз абар,  иажәӡомызт.

Февзы Ҷыҭанаа Аԥснынтә ахҵәара иақәшәаз дырхылҵшьҭроуп. - Sputnik Аҧсны
Февзы Ҷыҭанаа: ҳара атәымџьара ҳаҟазаргьы, ҳаԥсуара бзиа иаҳбоит

Еихылҵыз ҳабдуцәа Аԥснынтә иаақәаз роуп. Рхы абжа, рыԥсы абжа Аԥсны иҟан. Ус рыдунеи рыԥсахит. Аџьабаақәа рбеит, агәаҟрақәа рхыргеит. Иахьа, ҳҿар ахьынӡааихьоу ҵарала ибзиоуп, аҵара змоу ипату рацәоуп, ҳаҭыр иқәуп.

Ҳабдуцәа рҟынтә ҳлымҳа иаҳауаз абри акәын: "Ҳаи, Аԥсны иҟоу ҳашьцәа шԥаҟоу, ирыԥсҭазаашьоузеи?", ҳәа. Уажәы аиҭанаиаарақәа рацәахеит. Ҳара ҳазқәыҵыз адгьыл ахьӡ акәын иаҳдыруаз, уажәы лабҿаа ирбагәышьеит иаҳхылҵыз.  

Анцәа илԥхала иреиӷьу амшқәа арахьгьы, уахьгьы ҳазшаз иҳаҭәеишьааит. Аԥсуаа ахьыҟазаалакгьы абзиара рԥеиԥшитәааит! Иаҳзышьҭымхуа ахьаақәа Анцәа иҳаимҭааит.

Ажәҩан аҟынтә иаауа аԥсҭҳәа, аԥша, Аԥсны афҩы ҳзаанагазшәа ҳгәы иабоит. Ҳаргьы Аԥсны згәы азыбылуаз ауаа ҳрыхшеит, ҳгәыблыра уа иҟоуп. Ҳабдуцәа рыбаҩқәа рыԥсадгьыл аҿы иаҳзызыхьчо ҳашьцәа срыкәыхшоуп. Абзиарақәа шәԥеиԥшзааит"!

Ажәабжьқәа зегьы
0