Аслан Кобахьиа: амчратә структурақәа адукаттә конторақәа иреиԥшымхароуп

© Sputnik Бадрак АвидзбаАкоррупциа аҿагыларази ашәарҭадарази Аилак инарҭбаау аилатәара
Акоррупциа аҿагыларази ашәарҭадарази Аилак инарҭбаау аилатәара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акоррупциа аҿагыларази ашәарҭадарази Аилак инарҭбаау аилатәара мҩаԥысит ахәаша, Жәлар Реизараҟны. Аилатәара далахәын Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Аслан Кобахьиа.

АҞӘА, цәыббра 16 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Акоррупциа аҿагыларази ашәарҭадарази Аилак инарҭбаау аилатәара мҩаԥысит ахәаша, Жәлар Реизараҟны. Аилатәара далахәын Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Аслан Кобахьиа.

Аилатәараҟны Аслан Кобахьиа иазгәеиҭеит амчратә структурақәа адукаттә конторақәа иреиԥшымхароуп ҳәа.

"Уа — ҭахыла аусура ахаангьы иахәҭаны иҟоу алҵшәа аанашьҭуам, ацәгьоура аҿагыларагьы залнаршом", — иҳәеит Кобахьиа.

Аслан Кобахьиа иажәақәа рыла ауаҩы дшахьырхәхо агәра игозароуп.

"Ауаҩы ацәгьара ҟаиҵоит. Дааныркылоит. Аԥара ргоит. Доурышьҭуеит. Аԥсҭазаара бзиазы акәӡам уи дзырӷьычыз, аха ас аныҟаҳҵалак еиҳагьы деицәахоит", — иҳәеит иара.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы ауаажәларра рҟны арезонанс цәырызгаз ацәгьоурақәа, Ирина Дочиаԥҳа лӷьычра еиԥшыз, дрылацәажәо Аслан Кобахьиа иазгәеиҭеит аусҭҵаара ишаҿу.

"Иахьатәи амш иацтәи еиԥшым. Аус уурц уҭахызар, ацәгьоурақәа раарԥшра мариоуп – иҟоуп атехника, аимадара, алшарақәа", ҳәа азгәеиҭеит иара.

Атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба Адҵа инапы аҵеиҩит 2016 шықәса нанҳәа 16 рзы Аслан Кобахьиа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс дҟаҵазарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0