Агазеҭ "Республика Абхазиа" иахыҵит 25 шықәса

© Sputnik / Илона ХварцкияГазета "Республика Абхазия"
Газета Республика Абхазия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агазеҭ "Республика Абхазиа" аԥҵан Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Арӡынба иаԥшьгарала, аҭыҵра иалагеит ҵәыббын 15 1991 шықәсазы.

Sputnik,  Рада Ажьиԥҳа

Агазеҭ "Республика Абхазиа" аҭыҵра иалагеит ҵәыббра 15, 1991 шықәсазы. Уи ахаҭа иазԥхьаӷәанаҭеит "Актәи аномер" ҳәа, избанзар, ахы иахьӡнаҵази, политикатә хырхарҭалеи, тематикалеи уаанӡа иҭыҵуаз "Советскаиа Абхазииа" еиԥшымызт азы. Ари агазеҭ аԥҵан Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Арӡынба иаԥшьгарала. Агазеҭ редакторс дҟаҵан Витали Чамагәуа, ихатыԥуаҩцәас – Сергеи Саркисиани Витали Шариеи.

"Асовет ҳәынҭқарра анхыбгала ашьҭахь, агазеҭ "Советскаиа Абхазиа" ҳәа иҭыҵуаз аанкылан. Ашьҭахь аимак аиҿак ҟалеит, уаанӡа редакторс иҟаз Иури Гаава аредакциа инапы аҵаҟахь иганы, ҽакы ҭижьырц иҭаххеит, уи зҭахымыз иаҿагылеит. Владислав Арӡынба ибзоурала "Республика Абхазиа" ҳәа иахьӡҵны аҭыҵрала иалагеит. Редакторс дахадыргылоит Витали Чамагуа. Инаҵшьны иазгәасҭарц сҭахыуп, уаанӡа ари агазеҭ аԥсыуак редакторс дахагылаӡамызт. Журналистк иаҳасабала иԥышәа дууны, аҵара ду иман Витали Чамагәуа. Агазеҭ аԥсы ахаҵатәын, анбанҟәшәаҩцәа аҭахын, уи иахҟьаны агазеҭ 15 мшы изҭымҵкәа иҟан. Алинатип аҟны итәаз Зина Акаҩԥҳаи сареи ҳаалаган иаҳҵеит аклавиатура. Абас хәыҷы-хәыҷла агазеҭ аҭыҵра иалагеит", — ҳәа лгәалалыршәоит атипаграфиаҟны акыр шықәса аус зуа Фируза Қапԥҳа.

Фируза Капԥҳа лажәақәа рыла, агазеҭ ахьӡ ахьӡызҵыз Владисла Арӡынба иоуп.

Агазеҭ "Республика Абхазиа" аҭоурых шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

"Агазеҭ "Республика Абхазиа" ахьӡ азҭазгьы Владислав Арӡынба иоуп. Агазеҭ ҭыҵуан формат дула. Уи адаҟьақәа рҿы иреиҳау аҭыԥ ааныркылеит аԥсуа милаҭ зыргәаҭеиуаз, хьаас ирымаз аазырԥшуаз апублицистикатә қәгыларақәа", — ҳәа лҳәеит лара.

Агазеҭ "Республика Абхазиа" раԥхьатәи аномер инаркны иахьанӡа атемақәа зегьы ааҳарԥшоит, лҳәоит акорреспондент Заира Ҵәыџьԥҳа, 

"Аԥсҭазаара иаҵанакуа азҵаарақәа зегьы хшыҩзышьҭра аҳҭоит. "Советскаиа Абхазиа" аҟны аус зуан сара уаанӡагьы, нас "Республика Абхазиа" ахь сиасит. Исҵаз, исымаз аԥышәа схы иасырхәеит. Агазеҭ аҭыҵра ианалага асааҭ инаркны, иахьанӡа атемақәа зегьы рхырхарҭақәа ааҳарԥшуеит. Агазеҭ аҭыжьра акәын ҳзызхәыцуаз, избан акәзар, агазеҭ ахьыӡ ӷәӷәан, иҳадыз аҭакԥхықәра шдууз еилаҳкаауан. Аџьабаа рацәаны иаҳбон, ицәгьын раԥхьатәи аномер аиқәыршәара, аха Владислав Арӡынба  ицхыраарала иҳалшеит аредакциа ашьапы ақәыргылара", — ҳәа лҳәоит Ҵәыџьԥҳа.

Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аан агазеҭ "Республика Абхазиа" аредакциа аусзуҩцәа, егьырҭ ажурналистцәа зегьы реиԥш Гәдоуҭаҟа имиасыр ада ԥсыхәа ҟамлеит. Агазеҭ аҭыжьра иацҵахеит Гәдоуҭатәи атипографиаҿы. Раԥхьатәи аамҭазы агазеҭ ҭыҵуан мчыбжьык ахьтә знык, нас уи аформат еиҳа еиҳахеит.

"Аибашьра аналага Гәдоуҭа атипогриафиа аҟны аҭыжьра ҳалагеит агазеҭ "Республика Абхазиа", ҳформат хәыҷны. Сара убраҟа избит, ҳкорреспондентцәа ргәымшәара. Иаҳҳәап: Заира Ҵәыџьба афронт аҟны дцаны аматериалқәа аалгон. Гагра анҭадарцәы ашьҭахь агазеҭ аҭыжьра маҷк имариахит. Алашара анҳамамыз адизельқәа аҿакны аус аауан. Гәдоуҭатәи атипаграфиа аиҳабы раԥхьа днаргыланы "Аԥсны", "Советскаиа Абхазиа", "Бзыԥ"агазеҭқәа уаҟа иҭҳажьуан. Аибашьра аамҭазы агазеҭ "Республика Абхазиа" зынӡа иҭыҵит 75 номер", — ҳәа ацылҵеит Капԥҳа.

Аибашьра ашықәсқәа зегьы иахьанӡа ҳгәалашәараҿ иҟоуп, лҳәоит Заира Ҵәыџьԥҳа, аха иалылкаауа хҭыск ыҟоуп.

"Аибашьра аамҭазы аверталиотла аибашьцәа срыцны сыԥрит Ҭҟәарчалҟа, уахьынтә Ҷлоу ҳнеины Баграт Шьынқәба ҳиҿцәажәон. Ахааныз исхашҭуам исаиҳәаз ажәақәа. Ус сиазҵааит "шәгәалаҟазаара шԥаҟоу" ҳәа, "аԥсуа жәлар ргәалаҟазаара сгәалаҟазаароуп" иҳәеит иара. Аибашьра акырӡа ааха ҳнаҭеит. Сара хаҭала уи аԥхьа ирацәаны акьыԥхь аҿы сцәырҵуазар, уи ашьҭахь исцәыуадаҩын аҩра", — ҳәа лҳәоит лара.

Агазеҭ "Республика Абхазиа" аредакциа анеиҿыркаа раԥхьатәи амшқәа инадыркны аусура иалагеит: Лилиана Иаковлева, Иури Кәраскәуа, Алықьса Аҩӡба, Кристиан Бжьаниа, Леила Ԥачулиа, Заира Ҵәыџьба, уҳәа ирацәаҩны ажурналистцәа.

Иахьа, агазеҭ аредакциа Аԥсны араионқәа рыҟны ирымоуп рхатәы корреспондентцәа, аредакциахь ирызнеиуеит ажурналистцәа аҿарацәа. Агазеҭ ҭыҵуеит мчыбжьык ахь хынтә, атираҽ 1200 цыра ыҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0