Ԥсҳәытәи ашкол аҟны аҵара хацыркхеит аминистр инеирала

© Sputnik / Томас ТхайцукԤсҳәытәи ашкол
Ԥсҳәытәи ашкол - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәышықәса раԥхьа ихыркәшахеит Ԥсҳәытәи ашкол аргылара. Араҟа аҵара рҵоит 45-ҩык ахәыҷқәа.

АҞӘА, цәыббра 22 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба даҭааит Ԥсҳәытәи абжьаратә школ цәыббра 21 рзы. Абри амш азоуп аҵаратә процессгьы анхыртха.

Ақыҭа ахада Даниил Зыхәба иазгәеиҭеит ари ҭоурыхтә хҭысуп ҳәа, избанзар уаанӡа арахьтәи ашкол ахь аҵара аминистр дымнеицызт.

"Ахәыҷқәа, ишәхашәмыршҭын абри амш. Иахьа ҳара ақыҭатә уахәама ҳаԥшьеит, иахьа арахь дымҩахыҵит аҵара аминистр аҵарашықәс ҿыц шәыдиныҳәаларц", — иҳәеит Зыхәба.

Адгәыр Какоба иажәақәа рыла аҵарашықәс хьшәаны иалагеит аҭаацәа иҟарҵаз аҳәарала, уажәраанӡа дара ақыҭанхамҩатә усурақәа ирҿын.

Ԥсҳәы ақыҭан Иоаан аӡӡаахҩы иуахәама. - Sputnik Аҧсны
Ԥсҳәы ауахәама дыргылеит

Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра аделегациа ахәыҷқәа рахь инеит напырҭәыла. Ашкол ҳамҭас иаҭан аноутбуки амузыкатә центри. Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба ихьӡ зху Афонд ахьӡала урҭ ирыҭан ашколтәҵараҟны ирҭаххаша зегьы.

Аҵара аминистр иара убасгьы иҳәеит гәҭакны ишыҟоу грант ҳасабла рҵаҩыцыԥхьаӡа аԥаратә ҳамҭақәа рыҭара. Иара убасгьы еиҭеиҳәеит атәыла ахада иахь аҳәара шыҟаиҵаз ашкол адиректор Анатоли Турков аҳаҭыртә хьӡы "Зҽаԥсазтәыз арҵаҩы" ҳәа ихҵазарц.

Ашкол адиректор Анатоли Турков ҭабуп ҳәа ахиҳәааит ашкол аганахьала иҟаҵаз агәцаракразы. Уи иҳәеит асеиԥш иҟоу азнеира зегьы агәахәара ду шырнаҭо.

Ахәыҷқәа ракәзар, асасцәа раԥхьа иқәгыланы ажәеинраалақәа ирыԥхьеит, ашәақәа рҳәеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0