Пицундатәи аԥсуа виртуоз

© Sputnik / Томас ТхайцукЛука Гаделия.
Лука Гаделия. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауарӷанарҳәаҩ Лука Гаделиа Наала Аҩӡыԥҳа аинтервиу лыҭо далацәажәеит аԥсуа жәлар рмузыка ауарӷан ахь ииаугар шалшои иахьазы азыӡырыҩцәа ираҳарц ирҭаху атәи.

АҞӘА, жьҭаара 5 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Цәыббрамзазы ихыркәшахеит амузыка адунеи аҟны аҵакы зманы иԥхьаӡо ахҭысқәа ҩба: Пицундеи Шәачеи ақалақьқәа рҟны ауарӷан музыказы жәларбжьаратәи афестивальқәа. Аԥсуа уарӷанарҳәаҩ Лука Гаделиа пицундатәи афестиваль ааиртуан, шәачатәи афестиваль афинал далахәын.

"Ҳәарада афестиваль алахәра ҭакԥхықәра дууп. Асолотә концерт апрограммеи афестивальтә концерттә программеи еиуеиԥшым. Шәачатәи афестиваль аан срепертуар франциатәи амузыкеи Иоганн Себастиан Бах имузыкеи рҳәаақәа ирҭагӡан. Ус анакәха, ҷыдала уи аконцерт сҽазыҟасҵар акәын", — иҳәоит иара.

Аҩны, Пицунда аусура еиҳа изымарианы, изыманшәаланы ибоит. Иалихуа арепертуаргьы шьақәзырӷәӷәо иара иоуп.

Лука даныхәыҷыз инаркны ауарӷан аинтерес ззикыз иара арҳәашьа аасҭагьы аиҿартәышьоуп.

"Сара ибзиан еилыскаауан аинструмент зеиҿартәышьа еилаԥсоу акакәны ишыҟаз. Атехникатә ҟазшьа шыуадаҩыз. Ииашаҵәҟьаны ауарӷан ахәҭаҷ рацәа амоуп, аиҳаракгьы амеханикатә хәҭаҷқәа. Ҳәарада ахәмарра апроцессгьы уздызымхало акәым", — иҳәоит Лука.

Аԥсуа публика бзиа ибаны ирыдыркылоит ауарӷан ахь ииагоу жәлар рмузыка. Аҳәаанырцәтәи азыӡырыҩцәа ракәзар, ахьӡ мацара "Аԥсуа каприччио" аинтерес рызцәырнагоит.

"Ари апроцесс акыр иуадаҩуп. Аоригинал еицәамкәа иҟаҵатәуп. Убри азы аинструмент алшарақәа зегьы ухы иаурхәароуп", ҳәа азгәеиҭоит ауарӷанарҳәаҩ.

Лука Гаделиа иҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Лука Гаделиа иазгәеиҭеит ирепертуар аҟны Бах, Мендельсон, Лист рырҿиамҭақәа рыдагьы иахьазы ирылаҵәоу амузыка аҟазаара иҽшазишәо, атранскрипциа шырзиуа еицырдыруа арҿиамҭақәа.

"Чаиковски и-"Шьчелкунчик" Таривердиев имузыка, Пиаццола имузыка, Римски-Корсаков и-"Шехерезада" зегьы ишеицырдыруа акәымкәа схатәык рылазгалоит", — иҳәоит ауарӷанарҳәаҩ қәыԥш.

Ажәабжьқәа зегьы
0