Сеиҳан Ашәԥҳа: Аԥсныдгьыл ааныжьны, сҽамыкәкәааны, сызлацарызеи

© Foto / Сырма АшәԥҳаҬоурыхла Џьгьарда ақыҭа иалҵыз Сеиҳан Ашәԥҳа
Ҭоурыхла Џьгьарда ақыҭа иалҵыз Сеиҳан Ашәԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылантәи ҳџьынџьуаҩ Сеиҳан Ашәԥҳа Аԥсныҟа лаара иацыз лцәаныррақәа ҳацеиҩылшеит.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Аиааира амш ныҳәа аҳаҭыразы, лҭоурыхтә ԥсадгьыл раԥхьаӡа акәны даҭааит хылҵшьҭрала иаԥсыуоу, ҭоурыхла Џьгьарда ақыҭа иалҵыз Сеиҳан Ашәԥҳа. Сеиҳан лабшьҭра ахҵәара иақәшәаны Ҭырқәтәылаҟа ианнанага, Аԥснытәи аԥсабара еиԥшыз аҭыԥ ԥшааны анхара иалагеит, хьӡысгьы иарҭеит  Џьгьарда-Сауксу. Сеиҳан, Аԥсны лыҟазаара иалагӡаны алшара ҳауит ҳлыҿцәажәартә, лыԥсадгьыл иадҳәалоу лгәаанагарақәа еилаҳкаартә еиԥш.

Сеиҳан диит милаҭ рацәала еилаԥсоу ауаа ахьынхо Ҭырқәтәыла аҳәынҭқарраҿы. Лани лаби ахшара рацәа рааӡеит.

Берзеқь Кәыџԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Берзеқь Кәыџԥҳа: ҳабдуцәа ахьықәҵыз адгьыл сызнеир, избар - џьанаҭ сымцоз

"Аҭаацәара аҿы хәыҷгьы-дугьы аҷҷаҳәа ҳцәажәон аԥсышәала. Сан, Фаҭма Адаалеҭ, даҭырқәа ҭыԥҳан. Лара дышхәыҷыз аԥсуа ҭаацәара даланагалеит, ҭацас Ашәаа дыргеит. Аиаша шәасҳәап, аамҭа анца, сан даныҩнраха ашьҭахь, убас еиԥш аԥсышәала ацәажәара далагеит, илдыруаз аҭырқәшәагьы лхашҭуа аҟынӡа. Лыԥсы ҭанаҵы лара лҟынтәи исаҳауаз аԥсуа бызшәа мацара заҵәык акәын. Сан лан Беҳие, д-Кәабахьиаԥҳан, даԥсыуан. Аԥсуаа рацәаҩны иахьынхо Ҳендеқь иаҵанакуа Ақбалық деиуан. Сан дшыхәыҷыз лҭаацәа лыԥхеит, дзааӡаз ланшьцәа Кобахьиаа роуп. Убра илҵаз аԥсуа бызшәа, илбаз аԥсуара, уи иаҵанакуаз аҵас-ақьабз, даара илгәаԥханы иныҟәылгон. Лаԥхьаҟагьы убас разҟыс илоуит, аԥсуа ҭаацәара дрыланагалартә еиԥш", — лҳәоит Сеиҳан. 

Лабду Ҭамшьыгә Ашәба, даара ахьӡ-аԥша змаз аӡә иаҳасаб ала иӡбахә рҳәауеит иахьа уажәраанӡагьы. Лаб дхәаџьан, Ҭырқәтәыла аҳәынҭқарраҿы аиҳабыра далан.

"Сара исгәалашәоит саб аҽқәа рацәаны ишныҟәигоз, аҽыуахьад шимаз. "Сара саԥсыуаны, сашҭа ҽык ҭамкәа ҟалашьас иамоузеи?", иҳәалон. Ҳаргьы даара агәыбылра ҳиркит, ҳаныхәыҷқәаз лассы-лассы аҽқәа ҳрықәиртәалон. Саб иан д-Амҷыԥҳан, Џьемиле лыхьӡын. Аԥсны сааижьҭеи мышқәак ҵуеит, аха сахьыҟоу сзымдыруа, аԥхыӡ салоушәа схы збоит. Схәыҷра ашҭа сҭоушәа сгәы ыҟоуп. Сеиҳабацәа зегьы сыла аԥхьа игылоуп, хәыцра шәкы сеимаркуеит. Сахьынаԥшааԥшуа зегьы лакәҵас исзааиуеит", — лхәыцрақәа ҳацеиҩылшоит Сеиҳан.

Лара Аҟәа даанҿасит. Аха, зегь раԥхьа иргыланы лабдуәа злыҵыз Џьгьарда ақыҭахь дцеит, лыуаажәлар дрылаԥшит, лашьцәа Ашәааи лареи еибадырит, арҭ амшқәа зегьы изеиԥырымҵуа еицын.

"Анаџьалбеит, сабдуцәа абри аҭыԥ аҿы акәзар иахьынхоз, мамзаргьы абра игылазҭгьы рынхарҭа ҩнқәа, рылҩаҵә абраҟа акәызтгьы иахьҩеиуаз, абраҟа акәызтгьы рыхшара ашҭа аџьџьаҳәа иахьақәыз, абраҟа акәызтгьы агәылара ҳәа иахьеиҭанаиааиуаз, уахынла иааидтәаланы ажәабжьқәа ахьеибырҳәоз… Еҳ, шаҟа иуадаҩузеи урҭқәа зегьы уцәа аҭагӡара. Сара сыԥсы ҭанаҵы исхашҭуама Џьгьарда ақыҭа исԥылаз абыргцәа рлакҭақәа, рылаӷырӡ, ражәақәа.

Али Кәыџба - Sputnik Аҧсны
Али Кәыџба: мышкымзар мышкы, сыԥсадгьыл ахь схынҳәуеит ҳәа сҳәон

Убас еиԥш Аԥсны сзыниаз аԥсуаа зегьы. Абарҭқәа зегьы схы рхызбаауеит, избанзар ҳаиҳабацәа алақмар шырҳәоз имҩасит, рыпсадгьыл иахыбаахеит. Избан? Ари азҵаара аҭак аилкаара уадаҩуп.  Аԥснытәи адгьыл афҩы хаа, амца бысҭа, ахәыҷқәа рыччабжьы, сыуаажәлар ргәыбылра, абарҭқәа зегьы аныгәхьаазгалак, ҩаԥхьа сындәықәлап Аԥсныҟа, ҩаԥхьа", лҳәеит Ашәԥҳа.

Аԥсныҟа еицааит Џьенгиз Ашәбеи, Нураи Ашәԥҳаи, лареи. Нураи лашьцәа Беқьыри Али Аԥсны еибашьуан. Урҭ раб иахьа 92 шықәса ихыҵуеит. Аԥсныҟа даахьеит, ибахьеит. Аибашьра анцоз аамҭазгьы, Ҭырқәтәылантәи иаауаз аделегациа дрылахәны дааит.

"Иахьагьы исгәшалашәоит усҟан уи ииҳәоз иажәақәа: "Сыҷкәынцәа руаӡәк Аԥсназы дҭахар, сазыразуп, руаӡәк деибганы дысзаанхаит, сыҵәҩаншьап еиқәзырхаша…".  Шаҟа иӷәӷәоузеи урҭ рҵакы?! Разҟны рҩыџьагьы аибашьра еибганы иалҵит.

Аԥсадгьыл амч ӷәӷәоуп. Уаҳа аибашьра ҳазшаз иҟаимҵааит. Анацәа рыхшара рцәымӡааит, аҭоурых ҳаԥхьаҟа цәгьара ҳзаанамгааит. Сара Аԥсны атәылауаҩшәҟәы соуит. Уи уажәшьҭа сгәы иадзаауеит сыԥсаанӡа. Снапаҿы иансырҭа сыбжьы ҭыганы сыҳәҳәеит, исҳәазгьы сгәалашәом. Убасҟан еилыскааит абарҭ ашықәсқәа зегьы сыԥсҭазаара шрыцҳаз, атәым милаҭ  иатәыз апаспорт ахьсымаз. Уара узмилаҭу шьақәзырӷәӷәо ашәҟәы ануцу, саԥсыуоуп ҳәа упаспорт ианану, уи еиҳау иарбан насыԥу иҟоу?! Ари абжьарак схәыцрақәа рҟны зегь реиҳа аҭыԥ аанызкыло зҵаара заҵәык ауп: "Аԥсныдгьыл ааныжьны, сҽамыкәкәааны, сызлацарызеи?". Сцаргьы саауеит! 

Сара Аҩӡаа сырҭацоуп, хҩык  аҭыԥҳацәа срануп. Анцәа ҳразҟы иалеиҵааит ҳаԥсадгьыл аҿы анхара!". 


Ажәабжьқәа зегьы
0