Ахԥатәи ахәыҷы изы 100 000 мааҭ ршәалоит

© Sputnik Роберт ДжопуаБрифинг участников благотворительного фонда "Азхара"
Брифинг участников благотворительного фонда Азхара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абиуџьетнҭыҵтәи агәыҳалалратә фонд "Азҳара" аԥсуаа ахԥатәи рхәыҷқәа рзы 100 000 мааҭ аԥара ашәалоит.

АҞӘА, жьҭаара 6 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсуа ҭаацәарақәа рҟны ииз ахԥатәи ахәыҷы изы Абиуџьетнҭыҵтәи агәыҳалалратә фонд "Азҳара" аԥсуаа ахԥатәи рхәыҷқәа рзы 100 000 мааҭ аԥара ашәалоит, иҳәеит Апарламент адепутат Леонид Чамагәуа.

"Уи адагьы есымза, ахәыҷы шықәсык ихыҵаанӡа хәба-хәба нызқьмааҭ изаҳшәартә иҟалар алшоит", — иҳәеит Чамагәуа.

Чамагәу иажәақәа рыла Аԥсны адемографиатә фонд аартра азҵаара крааҵуеит иқәгылоижьҭеи.

"Ииашаны уи проблемоуп. Зегьы еицырдыруеит аԥсуа етнос еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны аныӡаара амҩа ишықәгылоу. Арахь аҭагылазаашьа арманшәаларазы ҟаҵа ҳамаӡам", — иҳәеит иара.

Афонд ашьаҭаркыҩцәа ируаӡәку Луиза Ҭарԥҳа иазгәалҭеит, афонд аҭаҩра ишахысхьоу, уажәазы атехникатә зҵаарақәа аус шрыдыруло.

"Афонд аԥаразоужьра иахыҵхырҭаны иҟоуп ашьаҭаркыҩцәа рлагалақәа, ахатәхаҿқәеи аиурист хаҿқәеи хатәгәаԥхаралатәи рлагалақәа", — лҳәеит лара.

Ҭарԥҳа иазгәалҭеит Апарламент адепутатцәа афонд ишахырыԥхьаӡалаз мызктәи рулафахәы. Иахьазы афонд аԥхьаӡараҟны иҟоуп 350 000 мааҭ аԥара.

Леонид Чамагәуа иҳәеит афонд аусура алагамҭазы ишаҭаху аҳәынҭқарра ацхыраара 50 миллион мааҭ рҟынӡа. Адепутатцәа имҩаԥыргаз астатистикатә ҭҵаарақәа рыла есышықәса 200-300 рҟынӡа аԥсуа ҭаацәара рҟны ииуеит ахԥатәии урҭ ирышьҭанеиуеи ахәыҷқәа.

Афонд иамоу аҵакы далацәажәеит Апарламент адепутат Левон Галустиан.

"Аидеиа садгылоит. Аԥсуа ҳәынҭқарра милаҭрацәала ишеилоугьы, аҳәынҭқарра шьақәзыргыло милаҭны иҟоу аԥсуа милаҭ ауп", — иҳәеит иара.

Афонд "Азҳара" апопечительтә хеилак иалоуп Аԥсны Апарламент аиҳабы, атәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы, "Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы" ахантәаҩы, Аԥсны абыргцәа Рхеилак ахантәаҩы.

Аԥхьатәи ашәарақәа азыԥхьагәаҭоуп 2017 шықәса ажьырныҳәамза инаркны.

Ажәабжьқәа зегьы
0